АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Жьҭаара.2022

ЖЬҬААРАМЗА 12 РЗЫ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХЬЫԤШЫМРАЗЫ АКТ РЫДЫРКЫЛЕИЖЬҬЕИ 23 ШЫҚӘСА ҴИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 12 рзы «Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымразы» Акт рыдыркылеижьҭеи 23 шықәса ҵит.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ҳауаажәлар ари акыр зҵазкуа арыцхә инамвданы дрыдныҳәалеит:

«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Иахьа ҳтәыла аҵак ду змоу арыцхә азгәанаҭоит. 23 шықәса раԥхьа ирыдыркылеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымразы» Акт

1999 шықәса жьҭаарамза 12 рзы атәылазы аҭоурыхтә ҵакы змоу адокумент рнапы аҵарҩит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Владислав Арӡынба, Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Сократ Џьынџьал, Жәлар Реизара адепутатцәа.

Ари ахҭыс аԥхьа, 1999 шықәса жьҭаарамза 3 рзы имҩаԥган ареферендум, уи алҵшәақәа рыла 97,7% Аԥсны атәылауаа аус зуа Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа иақәшаҳаҭхеит, 1994 шықәса абҵарамза 26 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет иаднакылаз. «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә хьыԥшымразы» Акт адкылара Аԥсны жәлар рхатәҳәаақәҵаразы ақәԥараҿы акырӡа зҵазкуа ак акәны иҟалеит.

Ажәлар ргәаҳәара шьаҭас иаҭаны, уи аҟны ишьақәырӷәӷәан, иагьрылаҳәан Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымра.

Аԥсны жәлар жәларбжьаратәи ауаажәларра иднарбеит ишрымоу ԥгара зқәым аилымшәареи акзаареи. Ҳара ҳазныз амҩа хьанҭан. Бџьаршьҭыхла ҳаззықәԥоз ари аус аҟны зықьҩыла иреиӷьыз Аԥсны аҵеицәа ҳцәалаӡит. 

Зхы иақәиҭу, ихьыԥшым аҳәынҭқарра аҳасабала Аԥсны Аҳәынҭқарра Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала азхаҵара иабзоураны аҭоурыхтә иашара шьақәырӷәӷәан.

Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә суверенитет есааира ишьақәырӷәӷәо, шьаҿа ӷәӷәала илнахыз амҩала инеиуеит», -ҳәа иазгәаҭоуп Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адныҳәалара атекст аҟны.  Аслан Бжьаниа ҳауаажәлар зегьы ирзеиӷьаишьеит анасыԥ, аизҳазыӷьара, ахирра.


Read 503 times - Ахаша, 12 Жьҭаара 2022 15:13
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.