
pressadmin-2
ЛАША АШӘБА: АТӘЫЛАХЬЧАРА АМИНИСТРРА АԤҴАРА АКРЫЗҴАЗКӘА ХҬЫСНЫ ИҞАЛЕИТ ҲРЕСПУБЛИКА АԤСҬАЗААРАҞНЫ. АБХ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 11 - Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа ирымшуп
Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба АԥсныАҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рымш азы Атәылахьчара аминистр Ануа В. И. ихьӡала адныҳәалара ишьҭит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
"Ҳаҭыр зқәу Атәылахьчара аминистрра аррамҵзурауаа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа рветеранцәа!
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа хаҭалатәи аилазаареи аветеранцәеи ирыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа рымш.
Ҳара ҳрызгәдууп Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа хьӡи-ԥшеи змоу рҭоурых адаҟьақәа. Ари аҭоурых аҟны аҭыԥ ҷыда ааникылоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Арӡынба – 30 шықәса раԥхьа, Аԥсны жәлар рзы илахьынҵаӡбаганы иҟалаз Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Атәылахьчара аминистрреи Аштаб хадеи раԥҵаразы Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Аусԥҟа знапы аҵазҩыз.
Хашҭра рықәым, ҳгәалашәараҿы наунагӡа иаанхоит Аԥсуа ар аиҿкаареи ашьақәгылареи рус аҟны злагаламҭа дуу Владимир Аршба – Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара актәи аминистр, Султан Сосналиев – Аштаб хада аиҳабы, атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ.
Ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит уинахыстәи Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара аминистрцәа зегьы.
АСЛАН БЖЬАНИА АҲӘЫНҬҚАРРА АРБЏЬАР МЧҚӘА АԤҴОИЖЬҬЕИ 30 ШЫҚӘСА АҴРА ИНАМАДАНЫ АДНЫҲӘАЛАРА ҞАИҴЕИТ. АБХ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рымш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.
Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа аррамҵзурауаа, аветеранцәа, ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа аԥҵоижьҭеи 30 шықәса аҵра рымш.
Ҳара ҳажәлар атәылазы иуадаҩыз аамҭақәа раан – 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз ишьақәгылаз Арбџьар мчқәа ирызгәдууп.
1992 шықәса жьҭаарамза 11 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы, ҳажәлар рԥыза ду Владислав Григори-иԥа Арӡынба «Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аԥҵаразы», «Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа р-Штаб хада аԥҵаразы», «Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Ақәҵарақәа инапы рыҵаиҩит.
АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ХЬЧАРА АМАҴЗУРА 9-ТӘИ АҞӘША АИҲАБЫ РУСЛАН ЧЕПИ-ИԤА ААМҬАЛА ИМҴУРАҬЫԤ АҞЫНТӘИ ИХЫ ДАҚӘИҬТӘУП. АБХ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура 9-тәи аҟәша аиҳабы Руслан Чепи-иԥа аусеилыргара амҩаԥгара аамҭа иалагӡаны имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура апресс-маҵзура.
АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ХЬЧАРА АМАҴЗУРА 9-ТӘИ АҞӘША АИҲАБЫ РУСЛАН ЧЕПИ-ИԤА ААМҬАЛА ИМҴУРАҬЫԤ АҞЫНТӘИ ИХЫ ДАҚӘИҬТӘУП. АБХ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура 9-тәи аҟәша аиҳабы Руслан Чепи-иԥа аусеилыргара амҩаԥгара аамҭа иалагӡаны имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура апресс-маҵзура.
ИҶЫДОУ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА РЗЫ АМИНИСТРРА ОЧАМЧЫРА АРАИОН АҾЫ ИҞАЛАЗ АМШЦӘГЬА АХҞЬАԤҞЬАҚӘА РЫҚӘГАРА ИАҾУП. АБХ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион абылрацәыхьчара-еиқәырхаратә хәҭа аусзуҩцәа амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа рықәгара иазку аусмҩаԥгатәқәа нарыгӡоит, ҳәа иаанацҳауеит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура. Иқәыргоит иара убас аԥшацәгьы иахҟьаны Кындыӷ абжьаратәи ашкол ихнахыз ахыбрагьы.
ИААИУА АМЧЫБЖЬ АЗЫ АԤСНЫ АСЕЗОНТӘ ГРИПП ЧЫМАЗАРА АҞЫНТӘИ АЛАҴА АҞАҴАРА ИАЛАГОИТ. АБХ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны асезонтә грипп чымазара аҟынтәи алаҵа аҟаҵара иалагоит иааиуа амчыбжь инаркны, ҳәа адырра ҟанаҵоит агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Агәабзиарахьчара Аминистрра иамоуп агрипп чымазара апрофилактика иазку х-нызықь доза рҟынӡа инаӡо алаҵа «ВаксигрипТетра».
ИНАЛ АРӠЫНБА ОЛЕГ БОЦИЕВ ДИДИКЫЛЕИТ. АБХ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев дидикылеит.
Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш аҩганк рзы аинтересс зҵоу азҵаарақәа жәпакы рыла агәаанагарақәа реимадара.
УРЫСТӘЫЛАТӘИ АОФТАЛЬМОЛОГЦӘА АԤСНЫ РУСУРА ААМҬА ИАЛАГӠАНЫ 888 – ҨЫК РЫБЛАБАРА ГӘАРҬЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика аҿы цәыббрамза 27 инаркны аус ауан аҳақьым Шаталов ихьӡ зху абла амикрохирургиа Ацентр аблабара адиагностика азы еиҭаҵуа акомплекс.
Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аусура аамҭа иалагӡаны аҳақьымцәа 888-ҩык рыблабара гәарҭеит. Урҭ аус руан Гал, Ҭҟәарчал, Очамчыра араионқәа рыҟны.
Аиҳарак ауааԥсыра рыҟны иаарԥшын акатаракта ҳәа изышьҭоу аблачымазара, еиҳа еиҵоуп агиперметропиа, аглаукома ҳәа изышьҭоу аблачымазарақәа змоу.
Адиагностикатә центр Аԥсны аусура ацҵара азԥхьагәаҭаны иамоуп жьҭаарамза 17 инаркны. Усҟан Аԥсны егьырҭ араионқәа рыҿгьы ауаа рыблабара агәаҭара алыршахоит.
АԤСНИ УРЫСТӘЫЛЕИ РЫСПЕЦИАЛИСТЦӘА ЗВОЛЬҲАРАКУ АФЫМЦАЦӘАҲӘА «АЧГӘАРА» АҾЫ АИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАРАТӘ УСУРАҚӘА МҨАԤЫРГОИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» анапхгаҩы хада Ҭенгиз Гырџьынба длыцны, звольтҳараку афымцацәаҳәа «Ачгәара» аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа агәаҭаразы Гал араион ахь амҩа дықәлеит.
Уажәы ари аҭыԥ аҿы аус руеит ҩ-бригадак: «Амшынеиқәафымцамч» абригадеи (20-ҩык аусзуҩцәа инарзынаԥшуа), урыстәылатәи анардкыларатә еиҿкаареи (23-ҩык аусзуҩцәа инарзынаԥшуа). Аусурақәа ахәлара иаарымнахаанӡа имҩаԥысуеит.
Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара иахҟьаны ацәаҳәа аҿы афымцамч Урыстәылантәи Аԥсныҟа аиагара мҩаԥысуеит. Ацәаҳәа анашьҭыгатә лшара иахьатәи амш азы 260 мегаватт рҟынӡа инаӡоит, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рхыркәшара ашьҭахь уи иацлоит, 300 мегаватт иреиҳахароуп.
АБИУЏЬЕТИ АКРЕДИТТӘ ЕИҾКААРАҚӘЕИ АШӘАХТӘҚӘЕИ АФИНАНСҚӘЕИ РЗЫ АПАРЛАМЕНТТӘ ЕИЛАКЫ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАҞНЫ ИҞОУ АУАҨЫ ИЗИНҚӘА РЫХЬЧАРАЗЫ АЗИНМЧЫ ЗМОУ ЛАППАРАТ АНЫХТӘҚӘА РХАРЏЬЫНҴА ААИГӘА ИМҨАԤЫСРАНЫ ИҞОУ АПАРЛАМЕНТ АСЕССИА АИЛАТӘАРАҞНЫ АШЬАҚӘЫРӶӘӶӘАРАЗЫ
Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ашәахьа, жьҭаарамза 10 рзы Апарламент аҟны имҩаԥысит абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы аилак аилатәара. Уи мҩаԥигон аилак ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь. Аилак аилатәара лхы алалырхәит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Асида Шьаҟрыл.