Аҟәа. Рашәарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Новак инапхгарала урыстәылатәи аделегациа Пицунда ақалақь аҿы ҳаԥхьаҟа исасааирҭаны иҟалараны иҟоу «Москва Резорт» аҵакыра иаҭааны игәарҭеит.
Алеқсандр Новак 46,5 гектар рҟынӡа инаӡо атерриториа аҿы асасааирҭатә комплекс «Москва Резорт» апроект шынагӡахо азы адырра ирҭеит. Иарбоу асасааирҭатә комплекс аплошьад 200 нызықь квадраттә метра аҟынӡа инаӡалоит. Ари апроект ахарџьынҵа 31 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Аотель аартра азԥхьагәаҭоуп 2026 шықәсазы.
Архитектуратә проект аиқәыршәаҩцәа зегьы раԥхьаӡа иргыланы аӡиеи ареликттә пицундатәи аԥсаҵлеи реиқәырхара хымԥадатәны ирыԥхьӡон. Убри аҟнытә уи зегьы рыпроект аҿы иазԥхьагәарҭеит. Иргылахо агьежьбжатә форма змоу ахыбрақәа хыхьынтәи ҵаҟа амшын ахь илбаалоит, ус иуҳәар ҟалозар амфитеатр асахьа шьақәыргыло. Аҩныҵҟатәи атерриториа аҟны амшынӡы зҭоу аӡҭарчи акоттеџьқәеи ҟалоит. Уи ааигәара иргылахоит аӡытә спорт хкқәа рзы уахь иналаҵаны, еиуеиԥшым аплошьадкақәа змоу аспорттә кластер.
Аплиажтә цәаҳәа ҩ-километрак рҟынӡа инаӡалоит. Араҟа иазԥхьагәаҭоуп асистема «зегьы алагалоуп» ала аус зуа хазы игоу акластер аԥҵара, иара убас 450 номер змоу аотели аамҭа рацәа зҵазкуа қьырала аҭара иазку апартаментқәеи.
Иахьазы апроекттә усурақәа рзы афинанстәра мҩаԥгоуп, урҭ рахьынтә ахархәара аиухьеит 350 млн. мааҭ.
Акомплекс аҵакыра ҩ-хәҭакны ишоуп: аҩбатәи ахәҭа амҩа ахыхь иҟоуп, уи аҵакыра 17,5 гектар рҟынӡа инаӡоит. Уаҟа илыԥшааху апартаментқәа ҟалоит.
Абри асасааирҭатә комплекс аҿы ҩ-нызқьи бжаки инареиҳаны аусуратә ҭыԥқәа ҟалоит.