pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Рашәарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Амш – есышықәса, рашәарамза 12 рзы иазгәарҭо аныҳәа ҳаамҭазтәи урыстәылатәи аҳәынҭқарра аԥҵареи атәыла аизҳазыӷьареи символра азнауеит. Уи рашәарамза 12, 1992 шықәсазы Адекларациа адкылара инамаданы иаԥҵан. 

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Урыстәыла Амш идиныҳәалеит.

«Ари аныҳәа милаҭрацәала еилоу ари атәыла дуӡӡа иқәынхо, уи ибеиоу акультуреи ашәышықәсақәа иргәылсны иаауа атрадициақәеи ҳаҭыр ақәызҵо, уи асоциалтәии аекономикатәи апотенциал арӷәӷәареи адунеитә арена аҿы аинтересқәа рыхьчареи злагала алазҵо урыстәылаа зегьы еиднакылоит. 

Хьӡи-ԥшеи згым Урыстәыла аҭоурых азгәдуреи апатриотизмреи рзы аҵаҵӷәы рацәа рнаҭоит уи иқәынхо дарбанзаалак.

Урыстәыла иалҵит адунеи зегьы аҿы еицырдыруаз ирацәаҩны зыхьӡ нагоу аҵарауаа, аҟазара аусзуҩцәа, аспортсменцәа, ашәҟәыҩҩцәа, апоетцәа, акосмос раԥхьа знапаҿы иаазгаз раԥхьатәи акосмонавтцәа, уҳәа», - иазгәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.

Аҟәа. Рашәарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Урыстәыла Амш идиныҳәалеит.

 

Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Урыстәыла Амш. Ари аныҳәа милаҭрацәала еилоу атәыла иқәынхо, уи акультура беиеи ашәышықәсақәа зхыҵуа атрадициақәеи ҳаҭыр ззақәу, уи асоциалтәи аекономикатәи лшара арӷәӷәараҟны злагаламҭа ыҟоу, адунеитә аренаҟны уи ахьчаразы игылоу урыстәылаа зегьы еиднакылоит. 

Аҟәа. Рашәарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин аҳәынҭқарратә ныҳәа Урыстәыла Амшныҳәа инамаданы дидныҳәалеит.

«Ари амшныҳәа Урыстәыла атәылауаа рзы акыр асимволратә ҵакы змоу ныҳәа дууп. Уи Аԥсадгьыл аԥеиԥш азы аҭакԥхықәра зду абиԥарақәа иузеиҟәымшо реимадара зеиӷьаҟам ала иаанарԥшуеит.

Иахьа Урыстәылатәи Афедерациа анеонацизм алаҵәара адгылара ду азҭо аколлективтә Мраҭашәара иаҿагыланы ақәԥара иадҳәалоу  аҭоурых акыр иуадаҩу аетапқәа ирхысуеит. Ари аиҿагылара Украина имҩаԥысуа иҷыдоу арратә операциа аҳәаақәа ирхысуеит. Ҳаргьы агәра ганы ҳаҟоуп Урыстәыла ари аиҿагылараҿгьы ԥхьаҟа еиҵагыло абиԥарақәа реизҳазыӷьара ахьӡала ҩаԥхьа аиааира шаго», - ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.

Алеқсандр Анқәаб, Аԥсны аҩ-ҳәынҭқарраки уи ажәларқәеи ирыбжьоу аидгыларатәии аиҩызаратәи аизыҟазаашьақәеи аусеицуреи даара ахә ҳаракны ишыршьо, урҭ рырӷәӷәара азы ирылшо зегьы аҟаҵара ишазхиоу азгәеиҭеит.  

Аҟәа. Рашәарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 9 рзы Аԥсны Анапхгара аҿы имҩаԥысыз атәыла Анапхгара ахаҭарнакцәеи Урыстәыла Анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Новак напхгара зиҭо урыстәылатәи аделегациеи реиԥылара аҿы аҩганктәи аусеицура азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Аиԥылара иалахәыз аганқәа русеицуреи аусеицуа еиҳа аперспектива злоу ахырхарҭақәа ралкаареи иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит. Ахәҭакахьала, Аԥсны аенергосистема еиҳа ақәыӷәӷәара анамоу аамҭазы афымцамч ала аиқәыршәареи Урыстәылантәи Аԥсныҟа еиԥҟьарада анефть аалыҵқәа раагареи азҵаарақәа ирзааҭгылеит.  Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аԥсны-урыстәылатәи аусеицура ахәшьара ҳаракы аиҭеит, убри аан уи аԥсуа ган анаҩстәи аусеицура ишазхиоугьы азгәеиҭеит.  

Аиԥылара аҿы аҩ-тәылак рзакәанԥҵарақәа реишьашәалара апроцесс арцаакра шхымԥадатәиу ҷыдала иазгәаҭан. 

Аҟәа. Рашәарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Рашәарамза 10 рзы Аҟәа ақалақь, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра амедиа-центр аҿы имҩаԥысит ашахматқәа рзы онлаин-матч.

Атурнир Аԥсны ашахматқәа Рфедерациеи аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилаки иҟарҵаз адгыларала имҩаԥысит.

Аԥсны ахьӡала атурнир рхы аладырхәит ашахматистцәа Руслан Ӡиаԥшьба, Альберт Карапетиан, Нестор Багаҭелиа, Ҭрисҭан Кәарацхьелиеи  Сарида Лакәаҭааԥҳаи. Акоманда азыҟаиҵон Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Зыхәба Ҭемыр.

Аҟәа. Рашәарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аҿар Аԥсны раԥхьаӡа акәны имҩаԥысраны иҟоу «плоггинг» ҳәа изышьҭоу агәам-сам аизгара зцу аҩра рхы аладырхәырц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.

Уи азы аусмҩаԥгатә иалахәхо 4 – 8-ҩык злоу аиҩызцәа, аколлегацәа, уҳәа рыла ишьақәгылоу акоманда еизгатәуп, анаҩс рашәарамза 10 аҟынӡа  алахәхаразы онлаин-зыҳәамҭа харҭәаатәуп.

Акомандақәа зегьы рҿы иалкаау аӡәы  анаҩс аусеиҭадулара зылшо ацрыҵқәа - апластик, ақьаад, асаркьа,  (уи аԥҽыхақәагьы уахь иналаҵаны), аихамаҭәақәа, уҳәа еизигалоит. Аусеиҭадулара зылшо зегьы аусдулара ахь идәықәҵахоит.  

Аҟәа. Рашәарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аконтрабати аҳазылхратә зинеилагарақәеи рҿагылара аҟәша аусзуҩцәа ироуз аоперативтә информациа агәаҭараан 100 блок асигарет инарзынаԥшуа изакәанымкәа Аԥсны иалган агара зҽазызшәоз  Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩ дааныркылеит. 

Иара убри аҽны аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аусзуҩцәа Цандрыԥшь аҳаблаҿы иара убри атәылауаҩ зыԥскы икыз амашьына ааныркылеит. Амашьына агәаҭаран иаарԥшын иагьимхын аҭаҭын аалыҵ – зынӡа 194 блок.

Аҟәа. Рашәарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Новак хадара ззиуо аделегациа Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза иаҭааит.  

Асас даӷьқәа ирԥылеит Гәылрыԥшь араион ахада Саид Ҳаразиеи Ареспубликатә Унитартә Наплакы «В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» адиректор Виачеслав Ешба.

Виачеслав Ешба аҳаирбаӷәазеи ашьҭыԥраарҭа-тәаратә цәаҳәеи ахарактеристика хадақәа дрылацәажәеит.  

Асасцәа аҳаирбаӷәаза аинфраструктура аҭагылазаашьа гәарҭеит.

Аҟәа. Рашәарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Новак «Акурорт Пицундеи» Пицундатәи аныхабааи дырҭааит.

Алеқсандр Новак иԥылеит атуризм аминистр Ҭеимураз Хишбеи апансионатқәа реидгыла «Акурорт Пицунда»  адиректор  Фрикан Гәынбеи.

Ҭеимураз Хишба «Акурорт Пицунда» аҭоурыхи иахьатәи амши ртәы еиҭеиҳәеит.

Аҟәа. Рашәарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикқәа реикәыршара аҿагылара азы Аусбарҭа аусзуҩцәа дааныркылеит Аҟәа ақалақь аҿы изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа реиҭарсра азы игәҩароу Краснодар атәылаҿацә атәылауаҩ.

1998 шықәсазы ииз Сергеи Суриадныи, амилициа аусзуҩцәа данааркылоз аамҭазы идырбалеит иагьимырхит еиқәыҭханы ирхиоу аилаҳәарақәа.

60 цыра рҟынӡа инаӡо аилаҳәара  ирылаҳәан иҿыпуа амаҭәашьар. Уи аҭҵаара-гәаҭарахь идәықәҵахеит. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аексперт-криминалистә Центр аспециалистцәа Сергеи Суриадныи имырхыз амаҭәашьар анаркотиатә маҭәашьар «метадон» ауп ҳәа ишьақәдырӷәӷәеит.

Иаанкылаз игәаҭараан иара убас идырбалеит амобилтә ҭелқәа ҩба, абанктә картақәа, ихьӡи ижәлеи зырҵабыргуаз аусшәҟәқәеи.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.