pressadmin-2
Академик Шьоҭа Арсҭаа иԥсыжра аиҿкааразы аҳәынҭқарратә Комиссиа аԥҵоуп.
Аҟәа. Хәажәкырамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсуа ҵарауаҩ, афилологиатә наукақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны анаукақәа Ракадемиа академик, Аԥсны анаукақәа Ракадемиа актәи апрезидент, анаука ахырхарҭала Г.А.Ӡиаӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара акавалер Шьоҭа Касҭеи-иԥа Арсҭаа иԥсҭазаара алҵра инамаданы Аԥсны анаукақәа Ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа ихантәаҩрала аԥсыжра аиҿкааразы аҳәынҭқарратә Комиссиа аԥҵоуп.
Аслан Бжьаниа атекракт аҟны ааха зауыз ахәыҷқәа Аԥсныҟа ааԥхьара риҭеит.
Аҟәа. Хәжәкырамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа атерроризм цәгьашақә иузыҟоу аҳәынҭқаррақәа мыругаҵас рхы иадырхәоит. Абас иҳәеит ажурналистцәа данрацәажәоз, Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы «Крокус Сити Холл» иҟалаз атеракт аҟны иҭахаз ргәалашәара ахьӡала иаадыртыз агәаларшәагатә шәҟәы аҟны анҵамҭа ааныжьны.
«Атеракт хатә трагедиак аҳасабала иҳадаҳкылеит. Сара атерроризм закәу здыруеит, Аԥсны иҷыдоу амаҵзура сахагылан ианаамҭаз, иаартны иуҳәозар, ас еиԥш иҟоу ацәырҵрақәа еиҭа ҟалашьа амаӡам ҳәа ҳгәы иаанагон, аха иҟалаз ҟалеит. Сара агәра згоит иҷыдоу урыстәылатәи амаҵзурақәа ари аус аҟны хьаҵрак ҟарҵараны ишыҟам. Рыцҳарас иҟалаз, атерроризм цәгьашақә иузыҟоу аҳәынҭқаррақәа аус зуа мыругаҵас рхы иадырхәоит, абас ауп ишысыԥхьаӡо», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Акультура Аминистрра аҿы актриса Виолетта Маан илыдныҳәалеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аамҭала акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр Аԥсны жәлар рартистка Виолетта Маан 85-шықәсатәи лиубилеи лыдылныҳәалеит. Динара Смыр артистка ашықәснҵыра дууи арҿиаратә усура қәҿиарала ацҵареи лзеиӷьалшьеит.
«Аԥсны акультура Аминистрра ахьӡалеи хаҭала сара сыхьӡалеи гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит шәиублеи. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, арҿиаратә қәҿиарақәа. Шәара шәырҿиаратә усура Аԥсны еиԥш уи анҭыҵгьы еицырдыруеит. Шәара шықәсырацәа инеиԥынкыланы ахәаԥшцәа зеиӷьаҟам шәырҿиара ала ишәыргәырӷьоит», – ҳәа илҳәеит Динара Смыр.
Аԥсны Афырхаҵа Артур Ҷыҭанаа игәалашәара азы Апрокуратура Хада аҿы Амемориалтә ӷәы аадыртит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Апрокуратура Хада аҿы 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз Аԥсны Афырхаҵа Ҷыҭанаа Артур Николаи-иԥа Имемориалтә ӷәы аадыртит.
Аиустициа абжьгаҩ еиҳабы Артур Ҷыҭанаа Аԥснытәи АССР Апрокуатура аекологиатәи асоциалтәи анхамҩатәи аусуреи азакәанқәа рынагӡареи рхылаԥшра азы аҟәша апрокурорс дыҟан, анаҩс Аҟәа ақалақь апрокурорс дыҟан, уи ашьҭахь, цәыббрамза 1991 шықәса раахыс аус иуан Аԥснытәи АССР Апрокуратура аӡбарҭақәа рҿы атәылауаҩратә усқәа рыхәаԥшразы апрокурор ицхырааҩыси Аԥсны апрокуратура азеиԥш хылаԥшра аҟәша апрокурорси дыҟан.
Аибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны Ҷыҭанаа А.Н. Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рыгәҭа дгылан, аӷа раԥхьа диҿагылеит Аҟәа ақалақь, Ацҳа Ҟаԥшь аҿы.
Гәымсҭатәи афронт аԥҵара, нанҳәамза 1992 шықәса инаркны Аҟәатәи ахырхарҭа ала афронт Иҷыдоу аҟәша аиҳабыс дыҟан. Афронт ажәыларатә операциақәа зегьы дрылахәын. Аӷа ихырӷәӷәарҭақәа рахь раԥхьа аԥшыхәра ҳәа дцеит Маҳаммад Кьылба дицны. Аибашьцәа ишыргәаладыршәо ала, иҷыдоу амаҵзура напхгара аҭо, Ҷыҭанаа Артур аӷацәа иҷыдоу рмаҵзурақәа агентцәа маҷымкәа раарԥшра илиршеит.
Хәажәкырамза 28-29 рзы аԥсуа естрада ашәақәа рынагӡаҩцәа рконкурс «Аҿар рыбжьы – 2024» мҩаԥысраны иҟоуп.
Аҟәа. Хәажәкырамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. И. Е. Кортуа ихьӡ зху жәлар рҟазара Ареспубликатә Центр аԥсуа естрада ашәақәа рынагӡаҩцәа рконкурс «Аҿар рыбжьы – 2024» мҩаԥнагоит.
Аконкурс абарҭ ахықәкқәа нанагӡоит:
- аԥсуа естрадатә ашәа аҿиара ацхыраара аҭара;
- аҟыбаҩ злоу аҿар ралкаара, урҭ анаҩс рӡыргараҿы ацхыраара рыҭара азы;
- аԥснытәии адунеизегьтәии амузыка иреиӷьу аихьӡарақәа рышьаҭала иҿыцу абиԥара ааӡара;
-аҳәынҭқарреи акультура аусбарҭақәеи арҿиаратә ҿар рыпроблемақәеи ҳаамҭазтәи аетап аҿы аԥсуа естрада иамоу ауадаҩрақәеи разхьарԥшра.
Аконкурс мҩаԥгахоит хәажәкырамза 28 – 29 рзы, Аҟәа ақалақь, Р. Д. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониа аҿы.
Аконкурсантцәа рҟазара ахәшьара арҭалоит аӡбаҩцәа. Урҭ реилазаараҿы иҟалоит еицырдыруа апоетцәа, зыхьӡ нагоу акомпозиторцәеи ззанааҭдырра аҩаӡара ҳараку авокал азы аспециалистцәеи.
Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы иаартыз Адышшыларақәа рышәҟәы аҿы анҵамҭа аанижьит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, хәажәкырамза 26 рзы, Урыстәылаҟа аусуратә визит анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа «Крокус Сити Холл» иҟалаз атеракт инамаданы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы иаартыз Адышшыларақәа рышәҟәы аҿы анҵамҭа аанижьит.
96 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит аҵарауаҩ-афилолог, академик Шьоҭа Арсҭаа.
Аҟәа. Хәажәкырамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 96-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит аҵарауаҩ ду, абызшәаҭҵааҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, академик, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара занашьоу Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа Арсҭаа.
Шьоҭа Арсҭаа Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа (1997 – 2013шш) актәи апрезидентс иҟаз, Аԥсны анаукақәа Ракадемиа ахьтәы медал занашьоу раԥхьатәи аҵарауаҩны дыҟан.
Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа Арсҭаа аԥснытәи абызшәадырҩы, аԥсуа бызшәа аграмматика аспециалист, афилологиатә наукақәа рдоктор (1987ш.), апрофессор (1989ш.), Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа иҵабыргу алахәыла, Аԥсны Анауақәа Ракадемиа апрезидент (1997ш.). Қырҭтәылатәи Асрветтә Социалтә Республика иреиҳаӡоу ашкол Зҽаԥсазтәыз аусзуҩ диит Гәдоуҭа араион Оҭҳара ақыҭан, 1929 шықәсазы, март 10 аҽны. Иҵарадырратә мҩа ахы акуеит Қарҭтәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны. 1955 шықәсазы Афилологиатә факультет кавказтәи абызшәақәа рыҟәша даналга ашьҭахь, иҵара иациҵоит Қырҭтәылатәи ССР Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иаҵанакуаз абызшәадырра Аинститут аспирантураҿы. Акандидаттә диссертациа ихьчеит 1961 шықәсазы. 1958 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа аус азиуан Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт.
Аслан Бжьаниа аҳаҭыртә хьӡқәа ранашьаразы Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз артист» ҳәа аҳаҭыртә хьыӡқәа рыхҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Зқьы шьапы инарзынаԥшуа акипарис ҵлақәа Тамшь ақыҭан ареспубликатә трасса иаваршәны еиҭаҳахоит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ҳамҭас ириҭаз зқьы шьапы акипарис ҵлақәа Тамшь ақыҭан ареспубликатә трасса иаваршәны еиҭаҳахоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит «Очамчыра.информ».
Аҵиаақәа реиҭаҳара апроцесс хәыда-ԥсада анапхгара алҭоит аландшафтә дизаинер Светлана Карчуганова. Аусурақәа зегьы Очамчыра араион Ахадара Амуниципалтә Унитартә Наплакы «Ицқьоу ақалақь» ала имҩаԥысуеит.
Аҳазалхратә ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы иааныркылеит амаининг аппаратқәа хәба.
Аҟәа. Хәажәкырамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аоператив-профилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан аҳазалхратә ҭыԥ «ԤСОУ» аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәа автомашьына «Toyota Alphard» агәаҭара мҩаԥыргеит. Уи аԥсҟы икын Аԥсны атәылауаҩ Кәарҷиа А. Иу. Амашьына аҩныҵҟа ирыԥшааит акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа хәба, иара убас урҭ рыԥсахга хәҭақәа: афымцаԥшандагақәа ҩба, аԥсаҟьа, акабельқәа хԥа.
Аппаратқәа ҩба, иара убас урҭ рыԥсахга хәҭақәа амашьына асалон ахҟьа иҭаҵәахын, х-аппаратк амашьына аҵаҟа ишьақәыргылоу аԥсахга гьежь аҭыԥ аҿы иҵәахын.