pressadmin-2
Адунеизегьтәи апоезиа Амш азгәарҭеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра аҿы.
Аҟәа. Хәажәкырамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Адунеизегьтәи апоезиа Амш иазкыз аусмҩаԥгатә «Аԥсуа поезиа хы-бжьык» мҩаԥысит аԥшьаша, хәажәкырамза 21 рзы Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра Акультура-ҵарадырратә Центр аҿы.
Б.Шьынқәба ихьӡ зху аҟәатәи абжьаратәи ашкол №1, А. Чехов ихьӡ зху аҟәатәи абжьаратәи ашкол №14 арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи, иара убас ААУ астудентцәа аԥсуа поетцәа Дырмит Гәлиа, Баграт Шьынқәба, Таиф Аџьба рырҿиара ргәаладыршәеит.
Уарча ақыҭан ашкол аҿы Жәларбжьаратәи апоезиа Амш азгәарҭеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 21 рзы Аԥсны ашәҟыҩцәа Реидгыла Гәылрыԥшь араион Уарча ақыҭан Д.И.Гәлиа ихьӡ зху абжьаратәи ашкол аҿы Адунеизегьтәи апоезиа Амш иазкны аусмҩаԥгатә еиҿнакааит.
Адунеизегьтәи апоезиа амш — есышықәса, хәажәкырамза 21 рзы иазгәарҭо ныҳәоуп. Уи абҵарамза 15, 1999 шықәсазы ирыдыркылаз Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иатәу аблахкыгарҭақәа Адунеизегьтәи аҭынха асиа иалазгало, аҵарыдырра, анаукеи акультуреи рызҵаарақәа рзы аҷыдалкаатә Еиҿкаара (ЮНЕСКО) аконференциа Хада 30-тәи асессии арезолиуциа аҿы ишьақәырӷәӷәан. Аныҳәа ашьақәырӷәӷәара хықәкыс иаман – «амилаҭтә, арегионалтә, жәларбжьаратәи апоезиатә ҵысрақәа иҿыцу аимпульси иҿыцу азхаҵареи рыҭара».
Аԥсны ашәҟәыҩцәа Реидгыла 2012 шықәса инаркны есышықәса иазгәанаҭоит Адунеизегьтәи апоезиа амш, аныҳәа ахьӡала еиҿнакаауеит алитературатә хәылԥазқәа. Сынтәа апоезиа аныҳәа аԥсуа литература апатриарх, Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа диижьҭеи 150-шықәса аҵра иазку аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа «Крокус сити Ахолл" аҟны иҟалаз атеракт иахҟьаны ауаа рҭахара инамаданы В.В. Путин ихьӡала адышшылара ҟаиҵеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа «Крокус сити Ахолл" аҟны иҟалаз атеракт иахҟьаны ауаа рҭахара инамаданы В.В. Путин ихьӡала адышшылара ҟаиҵеит.
Адышшылараҟны иҳәоуп:
«Гәалсра дула иҳадаҳкылеит Москва амҵан иҟалаз агыгшәыгратә теракт иахҟьаны хара змамыз ауаа рҭахара
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра: Аҟәа араион аҿы ирымхуп 177 цыра амаининг-аппаратқәа.
Аҟәа. Хәажәкырамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы Аусбарҭа, анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәаршара ахылаԥшра азы Аусбарҭа Хадеи Аҟәа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭеи аусзуҩцәа Аԥсны Аҳәынҭстандарт аспециалистцәа рыцны изакәанымкәа афымцацәаҳәақәа аҽаԥшьреи акриптовалиута арҳара азы аусура амҩаԥгареи рыԥхьырҟәҟәара иазку аоперативтә-профилактикатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгараан Аҟәа араион Гәымсҭа ақыҭан амаининг-ферма рыԥшааит.
Ашәба Руслан Алеқсандр-иԥеи Жовнир Георги Ҭемыр-иԥеи иртәыз 177 аппарат, Ешыратәи амҩа 9-тәи абжьысырҭа аҿы иҟоу, уаҩ дахьнымхо ахатәы хыбра иахьаҵанакуа ишьақәыргылан.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра: «Крокус Сити Холл» иҟалаз атрагедиа адунеизегьтәи аилазаара иахәҭоу ахәшьара анаҭароуп!
Аҟәа. Хәажәкырамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аконцертә зал «Крокус Сити Холл» иҟалаз атеракт инамаданы адышшылара ҟанаҵеит.
«Аҭынч уааԥсыра гәымбылџьбарала рышьра зыриашо ҳәа акгьы ыҟаӡам. Атеракт еиҿызкаази иназыгӡази ирыхәҭоу ақәнага иақәыршәатәуп. Иҟалаз атрагедиа адунеизегьтәи ауаажәларра иашьашәало ахәшьара арҭароуп! Ҳрыдышшылоит иҟалаз атрагедиа аҿы зыуацәеи зҭынхацәеи ҭахаз зегьы. Ааха зауз зегьы ирзеиӷьаҳшьоит иаарласны ршьапы иқәгыларц», – ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит Аԥсны адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа аҿы.
Атәыла аԥыза-министр афымцамч ала аиқәыршәара азҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб ареспублика афымцамч ала аиқәыршәара азҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥигеит.
Аԥыза-министр ареспублика аенергетикеи атранспорти Рминистрра Ареспубликатә унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч алархәны 2024 шықәса аҩбатәи аԥшьбара азы афымцамч ахархәара амҽхак азы азԥхьагәаҭарақәа рыҟаҵареи афымцамч ала аиқәыршәараҿы аиԥҟьарақәа рыԥхьырҟәҟәаара азы иназыцҵоу ажәалагалақәа рыҟаҵаразы адҵа аиҭеит.
Хәажәкырамза 23 рзы Аԥсны Аҳәынҭстандарт 30 шықәса ахыҵуеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 23 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә стандарт азы Аилак аҿы иазгәарҭоит ахылаԥшырҭа аҵара 30 шықәса ахыҵра амш.
Аԥсны астандартәқәеи ахархәаратәи атехникатәи хылаԥшра азы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Нарсоу Сангәлиа ахылаԥшырҭа аколлектив ари акыр зҵазкуа арыцхә рыдиныҳәалеит.
«Аиубилеи – ари баша изаамҭанытәиу рыцхә мацараны иҟам, ари имҩаԥгоу аусурақәа реихшьаалақәа рыҟаҵареи иҿыцу ахықәкқәа рықәыргылареи иазку изаамҭанытәиу аетап ауп. Ҳҿаԥхьа иқәгылоу аусқәа ахаангьы имариаӡамызт, аха ҳара есымша қәҿиарала урҭ рынагӡара ҳалҳаршон, иара уажәгьы ҳусура аиӷьтәразы аԥышәа адкылареи адырра ҿыцқәа раиуреи ҳҽазаҳшәоит. Аколлектив иҳараку рзанааҭтә дырра, русуралшара иабзоураны, бжеиҳан имариам аҭагылазаашьақәа рҿы Аҳәынҭстандарт аусураҿы аихьӡарақәа дуқәа аарԥшра алнаршеит», – ҳәа аусбарҭа аколлектив рахь ихы рханы иҳәеит Нарсоу Сангәлиа.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит Ахылаԥшырҭа аихьӡарақәа рҿы уи ашьақәгылара ахыҵхырҭаҿы игылаз аветеранцәа рлагала. Урҭ агәалашәаратә ҳамҭақәа ранашьахеит.
Амшцәгьа амам аԥсабара: Аҟәатәи аметеостанциа 120 шықәса ахыҵит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 22 рзы Аҟәатәи аметеорологиатә Станциа аадыртиижьҭеи 120 шықәса ҵуеит, хәажәкырамза 23 – Жәларбжьаратәи аметеоролог Имш азгәарҭоит. Ари амш аҽны 1950 шықәса рзы иаԥҵан Адунеизегьтәи аметеорологиатә еиҿкаара. Адунеизегьтәи аметеорологиатә еиҿкаара аԥҵара амш ауп аметеорологцәа рныҳәамш ашьаҭаҿы иҟалаз. Уи 1961 шықәса раахыс иазгәарҭоит.
Аԥсны аекеологиеи аԥсабара ахьчареи рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы иҟоу агидрометеорологиа аҟәша аиҳабы Лариса Ахба Аԥсныпресс акорреспондент диҽцәажәо иахьа иазгәарҭо аметеорологиатә маҵзура амш аҭоурыхи иахьа Аԥсны амш зеиԥшрахо аилкаара шымҩаԥысуеи ртәы далацәажәеит.
Аԥсны раԥхьатәи аметеостанциа 1904 шықәсазы иаԥҵан. Уи раԥхьа Аботаникатә баҳча аҵакыраҿы иҟан. Аметеостанциа аартра иаԥхьанеиуан агеограф, аботаник Николаи Альбови академик Николаи Вавилови Аԥсны афлора иазкны иҟарҵаз анаукатә ҭҵаарақәа. Анаҩс астанциа Аладатәи Иашҭхәа ақыҭахь ииаган. Иара уааҵәҟьа амш зеиԥшрахо аилкаара алзыршоз агәаҭарақәа мҩаԥысуан. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә архив аҿы ишьҭаз усҟантәи ашықәсқәа ирызку архивтә документқәеи аклиматтә гәаҭарақәа зегьи 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра азы иблит. Аха асовет аамҭазы арҭ аматериалқәа рыхкьыԥхьқәа Обнинск ақалақь аҿы иҟоу агидрометеорологиатә информациа азы Аидгылазегьтәи анаука-ҭҵааратә Институт ахь идәықәҵахон, урҭ уаҟа еиқәханы иҟоуп иахьа уажәраанӡа.
Гәылрыԥшь араион аҿы 2023 шықәсазы 800 гектар адгьыл рцәаӷәеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гәылрыԥшь араион аҿы 2023 шықәсазы 800 гектар адгьыл цәаӷәан, 86,21 гектар - 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз 120 ҭаацәара. Уи азы 419,2 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоз ахарџь араион Ахадара арезервтә фонд аҟынтәи иазоужьхеит. Аҭыԥантәи абиуџьқт аҟынтәи аџьықәреи ахәшәтәра азы иазоужьын 385 нызықь мааҭ.
Иахьагьы араион аҿы мҽхакы ҭбаала, ахәыҷы рацәа змоуи зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩугьы уахь иналаҵаны, социалла иуашәшәыроу ауааԥсыра ркатегориақәа рзы ихәыда-ԥсадоу ацәаӷәаратә усурақәа рыпрограмма мҩаԥысуеит. Араионтә биуџьет аҟынтәи зфинансыркра мҩаԥысуа адгьыл алаҵаразы аус адулара иазку ацәаӷәаратә усурақәа Гәылрыԥшь араион аҿы абар шьҭа жә-шықәса инеиԥыныланы имҩаԥысуеит.
Рафик Григориан, араион ақыҭанхамҩатә усбарҭа анапхгаҩы, изаау ааԥынтәи ацәаӷәара иаҵоу аҵаы ахадара инаҵшьны иазгәеиҭеит. Уи иажәақәа рыла, усҟан анхацәа алшара роуеит хәажәырамзазы изаау аџьықәреи алаҵара. Араион аҿы иара убас мшаԥымза агәазы масала ацәаӷәаратә усурақәа рфмҩаԥгаразы амхурсҭақәа гәаҭара мҩаԥысуеит.
Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иира Амш идиныҳәалеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иира Амш идныҳәалеит.
«Шәара шәнапхгарала Урыстәылатәи адипломатиа Урыстәылатәи Афедерациа аинтересқәа рырӷәӷәара, аҭынчреи жәларбжьаратәи аҭышәынтәалареи рышьақәыргылара иазырхоу ҳаамҭазтәи адәныҟатәи аполитика иуадаҩу, аҭакзыԥхықә хыдҵақәа рынагӡара иаҿуп.
Шәара шәыхьӡ, Сергеи Виктор-иԥа ихадоу адәныҟаполитикатә зҵаарақәа қәҿиарала рыӡбара еиԥш, иҷыдаҟазшьаны ишәылоу шәиумор, зеиӷьаҟам аерудициа, хаҭалатәи шәыуаҩратә ҟазшьақәа иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп», – ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.