pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Хәажәкыамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала Иу.Г. Акаба ианашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара.

 

Аҟәа. Хәажәкырамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аиԥылараҟны ирылацәажәеит аҩныҵҟатәии адәныҟатәии аполитика, асоциал-економикатә ҿиара, ашәарҭадара алыршареи, атәыла аԥсҭазаараҟны егьырҭ ахырхарҭақәеи ирыдҳәалоу азҵаарақәа.

Ирылацәажәеит араионқәа рекономикатәи рсоциалтәи ҿиара, иара убас 2024 шықәса аҩбатәи аквартал аан аусураҿы ихадароу ахырхарҭақәа. Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит ахырхарҭақәа зегьы рыла аусеицура алыршара иамоу аҵакы.

Аҟәа. Хәажәкырамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭкарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациаҟны иусуратә ныҟәара хиркәшеит.

Аҳәынҭқарра Ахада Москва иусуратә ныҟәарақәа аҳәаақәа ирҭагӡаны аиԥыларақәа жәпакы мҩаԥигеит. Аԥсны Ахада дызлахәыз аиԥыларақәа мҩаԥысит Урыстәылатәи Афедерациа  Ахада Иусбарҭаҟны, ҷыдала, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Антон Ваинои уи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козаки дырԥылеит. Асоциал-економикатә аҿиара иадҳәалаз ҩ-ганктәи азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Акурорттә сезон алагара аламҭалазы Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аҿы аусдкылаҩцәа рԥылара мҩаԥысит.  

Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аструктуратә ҟәшеиҵақәак рнапхгаҩцәеи атәыла адәныҟаекономикатә усура алахәылацәеи акурорттә аамҭахәҭа аламҭалазы Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа атауарқәа рахгара иадҳәаланы ицәырҵуа ауадаҩрақәа ирылацәажәеит.

Аиԥылара аҿы зыԥшра ҟамҵакәа жәларбжьаратәи аҳазалхратә усеицуа аганахьала азхьаԥшреи зыӡбареи алыршатәу еиҳа ихадоу азҵаарақәа алкаахеит.

Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы азинтә ҟәша аиҳабы Анана Гогохиа, аҳазалхратә Еилаки адәныҟаекономикатә усура алахәылацәеи русеицура иааизакны атәыла инанагӡо аҳазалхратә политика хра злоу анырра анаҭоит ҳәа иазгәалҭеит.  

Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Краснодартәи аҳазалхра Ганрацәалатәи амашьынатә аушьҭра-гәаҭаратә аҳазалхратә Ҭыԥ «Адлер» аусзуҩцәа атранспорттә хархәагақәа аҳәаахьчаратә гәаҭара аусзуҩцәа рыцны Аԥснынтәи иаауаз автомашьына  Citroen C4 ааныркылеит. Автомашьына амобилтә аинспекциа-гәаҭаратә комплекс ахархәарала агәаҭараан автомашьына аҩныҵҟа агәҩара рызцәырызгаз аҭыԥқәа аарԥшхеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа апресс-маҵзура.

«Амашьына «игәҩараз» аҭыԥқәа ргәаҭараан иаарԥшхеит уаҟа иҭаҵәахыз аҭаҭын аалыҵ», – ҳәа еиҭеиҳәеит Краснодартәи аҳазалхра Ганрацәалатәи амашьынатә аушьҭра-гәаҭаратә аҳазалхратә Ҭыԥ «Адлер» аиҳабы Алеқсеи Быков.

– Амашьына иҭаҵәахын  490 пачка (9800 цыра) асигареҭ «BUSINESS ROYALS».

Иҭаҵәахыз атауар азы азҵаара аҭак ҟаҵо амашьына аԥсҟы зкыз уи азы акагьы издыруамызт, «урҭ уажәада имбаӡацт» ҳәа иҳәеит.

Уи аԥхьа мышкы шыбжьаз иаанкылан Аԥснытәи иаауаз  даҽа машьынак  Ford Focus. Иарбоу автомашьына амобилтә аинспекциа-гәаҭаратә комплекс ахархәарала агәаҭараан агәҩара рызцәырызгаз аҭыԥқәа аарԥшхеит, уи рыҩныҵҟа иҭаҵәахыз асигареҭқәа рыԥшааит. Араҟа иҭаҵәахын 480 пачка (9600 цыра) асигарет «BUSINESS ROYALS».

Аҟәа. Хәажәырамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 28 рзы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ  Михаил Галузини реиԥылара мҩаԥысит.

Аԥсны аганахьала аиԥылара иара убас рхы аладырхәит аконсултә  департамент аиҳабы Лаша Аҩӡбеи Аигәатәи Мрагылареи Африкеи рдепартамент аиҳабы Артур Гагәылиеи.

Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа 60-тәи араунд аламҭалазы  аиԥылара иалахәыз еиҳа актуалра злоу аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу араунд амшхәаԥштә зҵаарақәа ирзааҭгылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.  

Аконсультациақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны ҩаԥхьа  ипроблеманы инханы иҟоу Қырҭтәылеи Аԥсни, Қыҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи  рыбжьара амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра.

Иазгәаҭан Гал араиони Аԥсни Қырҭтәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа иаԥну араионқәеи рҿы, хҭысқәак азгәоумҭозар иааидкыланы аҭагылазаашьа шҭышәынтәалоу.  Убри аан иара убасгьы аԥсны-қырҭтәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы аделимитациеи анаҩс адемаркациеи  ирыдҳәалоу апроцесс аусура аларгараз иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара шхымԥадатәиу азгәаҭан.

Аҟәа. Хәажәкырамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥшьаша, хәажәкырамза 28 рзы аекономикатә политикеи ареформақәеи аинформациатә технологиақәеи рзы апарламенттә Еилакы аилатәара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Апарламент апресс-маҵзура.

Аилатәара аҿы иахәаԥшит азакәан апроектқәа фба:

- «Абылрацәыхьчаратә  дҵақәа рзы атехникатә регламент».

- «Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа радҵааларақәа аԥҟарақәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы».

- «Аҳәынҭқарратә аахәарақәа рзы» .

- «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳаиртә Закәанеидкыла аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы».

- «Еиҭамҵуа амазара акадастр азы».

-«Еиҭамҵуа амазара акадастр азы»  Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан адкылара инамаданы, Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә шәҟәынҵақәак аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы».

- «Атауартә џьармыкьақәа рҿы амонополиатә усура аԥкрақәа ралагалареи аконкуренциеи рзы».

«Абылрацәыхьчаратә  дҵақәа рзы атехникатә регламент» азакәан апроект ианахәаԥш ашьҭахь, апарламенттә Еилакы иарбоу азакәан апроект иааиуа Апарламент асессиа ахь ахәаԥшразы анагара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Мохаммад Џьалал-иԥа Али Шьамтәыла Абанк Хада ахантәаҩы Мохаммад Ессам Хазмех диԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аиԥылара аҿы аганқәа аҩ-тәылак рыбжьара абанктә система аҿы аусеицура иаҵоу аҵакы ахадара азгәарҭеит, Шьамтәылеи Аԥсни рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еимадара аҿиареи амҩаԥгареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, иара убас абанктә зҵаарақәа рыла аспециалистцәа наҟ-ааҟтәи реиҭанеиааира  алыршара шхымԥадатәиу азгәарҭеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамзазы Гагра ақалақь аҿы шәҩык ахәыҷқәа рзы ашәқәа аанартуеит ахәыҷбаҳча ҿыц.  Уи алыршахеит араионтә биуџьет аҟынтәи имҩаԥгаз афинансркара иабзоураны.

Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынба лажәақәа рыла, ашколнӡатәи аусбарҭақәа разымхара  – ари акрызҵазкуа проблемоуп.

«Ҳара араион аҿы аус зуа ф-хәыҷбаҳчак рахьынтә ҩба ақалақь аҿы ишыҟоугьы, акыр ҵуеит аҭыԥқәа разымхара апроблема ҳамоуижьҭеи. Убри аҟнытә араион Ахадара аҿы Абазгаа рымҩала ахәыҷбаҳча ареконструкциа амҩаԥгаразы аӡбамҭа рыдыркылеит», – ҳәа илҳәеит лара.

Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа иарбоу аобиект аҿы ахыркәшарахь инеихьеит, ахәҭакахьала ихымԥадатәиу аинвентарьгьы ааргахьеит.

Аусбарҭа аҿы ԥшь-гәыԥк аадыртуеит, урҭ рҿы аҽазыҟаҵарақәа аԥсышәала мацара имҩаԥыслоит. Хана Гәынба лажәақәа рыла, иахьазы еиқәдыршәахьеит ахәыҷқәа рсиақәа, иара убас аперсонал азы (ааӡаҩцәа, ахәыҷхылаԥшыҩцәа, ахәыҟаҵаҩцәа, атехникатә усзуҩцәа, уҳәа). иҭацәу аҭыԥқәа рахь арзаҳалқәа рыдкылара мҩаԥысуеит.

«Хымԥада иазгәаҭатәуп, аҳәынқарратә маҵурауаа рхәыҷқәа ахәыҷбаҳчахь рыдкылара априоритеттә ҟазшьа аиуоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара.

Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Стройцентр Проект» анардкыларатә еиҿкаара ахаҭарнак  Сергеи Биџьба ишеиҭеиҳәаз ала, аусурақәа зегьы иазԥхьагәаҭоу аграфик инақәыршәаны имҩаԥысуеит, урҭ реиҳаракгьы нагӡоуп.

«Уажәы ҳара ахәыҷбаҳча иаҵанакуа аҵакыра аиқәыршәазаара иадҳәалоу аусурақәа мҩаԥаҳгоит.  Аобиект ахархәаразы рыҭара азԥхьагәаҭоуп лаҵарамза, 2024 шықәсазы. Аргылара-монтажтә усурақәа рыпроект-харџьынҵатә хәыԥса 58 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит», – ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Аҟәа. Хәажәкырамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра ақалақь аԥшаҳәа Хада ареконструкциа актәи аетап  ԥхынҷкәынмза  2023 раахыс имҩаԥысуеит.  Иарбоу аусурақәа рхымԥадатәра еилкаахеит иҳаҩсыз ашықәс абҵарамзазы иҟалаз аԥсабаратә цәырҵра бааԥсы ашьҭахь. Усҟан Аԥсны агаҿа азегьы иахаҵанакуа акыр аԥсахасҭа аиуит. 

«Гагра ақалақь аҿы ари аҩыза амшцәгьа аҵыхәтәаны иҟалахьан 70 шықәса раԥхьа. Ҳара иаразнак ҳаԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара ҳалагеит, уи шьаҭанкыла еилабган», - ҳәа иҳәеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Цишба.  

Зеиҭашьақәыргылара мҩаԥысуа агаҿа аҵакыра амҽхак 1800 метра рҟынӡа инаӡоит, ашьаҟамҩатә зонақәа 10 нызықь ԥшьыркцатә метр иҟоуп. Иахьазы имҩаԥгоуп еилабгаз аԥшаҳәа аԥҽыхақәа рықәгара, иара убас аҭахкагақәа рҵыргәақәа  абетон ақәырҭәаразы аҽазыҟаҵаратә усурақәа мҩаԥысуеит. Убасҵәҟьа акоммуникациақәа рышьҭаҵара иаҿуп. Анаҩстәи аетап ала аграниттә хаҳәцәы ақәҵареи арлашагатә шьаҟақәа рыргылареи абаркьылқәа рышьақәыргылареи мҩаԥгахоит.

Аргылараҿы ахархәара аиуоит акаррозиеи амшынӡы аҵаареи  иацәымшәо иҷыдоу амаҭәахәқәа. Иаагозар арлашагатә шьаҟақәа, Адамыр Цишба иажәақәа рыла, ицинрку аиха иалххоит, уи иабзоураны ашьаҟақәа рхархәара аҽҳәара акыр иацҵахоит.

«Абаркьылқәеи арлашагатә шьаҟақәеи ҳара иаҿаҳҵеит Урыстәыла, агранит акәзар – Ҭырқәтәыла. Ааигәа уи зҭоу аӷба Аҟәаҟа иаараны иҟоуп», - ҳәа иазгәеиҭеит Адамыр Цишба. 

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.