АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Нанҳәа.2025

Алеқсандр Беглов: Петербург Аԥсны аҳҭнықалақь аҳаиртә еимадара еиҭахацнаркит.

Аҟәа. Нанҳәамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Иахьа, нанҳәамза 14 рзы, В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза аҿы иаԥалеит аҳаиртә еилазаара  "Fly" ала инагӡаз Санкт-Петербугынтәи  раԥхьатәи ареис.  

Аҳаирбаӷәаза 32-шықәса раахыс аусура аиԥҟьара ашьҭахь ҩаԥхьа иаартын ҳазҭоу ашықәс лаҵарамзазы. Уи ареконструкциа Урыстәылеи Аԥсни еицынарыгӡо проектны иҟалеит.  

«Ари ахҭыс акырӡа аанагоит Аԥсни Санкт-Петербурги руааԥсыра рзы. Ҳара акыр ҵуеит ари аҩыза ахҭыс ҳазыԥшиижьҭеи, уи анагӡаразгьы аус еицаауан. Иахьа ҳара иаҳҳәар ҳалшоит Урыстәыла Ахада ишиашоу ала Аԥсныҟа аҳаиреимадара абжьаҵаразы иҟаиҵаз анапынҵа нагӡоуп ҳәа, – иҳәеит агубернатор Алеқсандр Беглов. – Аҩганктәи аусуратә еимадарақәа шьҭарнахыс иӷәӷәоу аҿиара аимпульс роуеит, иаауа атуристцәа рхыԥхьаӡара иацлоит.  Ҳара еицынаҳагӡараны иҟоу аусқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аҩ-калақьк рҳаирбаӷәазақәа русеицура активизациа азура».

2023 шықәсазы имҩаԥысыз Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә Форум аҿы Урыстәылатәи Афедерациеи Ареспублика Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Урыстәылеи Аԥсни ишиашоу аҳаиреимадара рыбжьаҵара алыршаразы иҟаиҵаз адҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҟәатәи Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргыларазы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.

Питербурги Аҟәатәи аҳаирбаӷәазеи ишиашоу аҳаиреимадара абжьаҵара аиҿкаара иалацәажәон 2025 шықәсазы имҩаԥысуаз Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә Форум аҿы, рашәаразма 19 рзы имҩаԥысыз агубернатор Алеқсандор Беглови Аԥсны Ахада Бадра Гәынбеи реиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аҟәаҟа иааз аҳаирплан ала иааит Азакәанԥҵаратә Еизара ахантәаҩы Алеқсандр Бельски зхадараҿы дыҟоу Санкт-Петербург аделегациа. Урыстәыла Аҩадатәи аҳҭнықалақь аҟынтәи ареис иаԥылеит аԥыза-министр Владимир Делба зхадараҿы дыҟоу атәыла Анапхгара ахаҭарнакцәа.

Аҟәеи Урыстәылеи рыбжьара аҳаиреимадара еиԥҟьан 1992 шықәсазы аԥсуа-қырҭуатә еиҿагылара аибарххара аныҟала ашьҭахь.

Иахьа Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҟынтәигьы иара убас имҩаԥгахоит Москваҟа, Нижни-Новгород, Ханты-Мансиск, уҳәа ақалақьқәа рахь еиԥырҟьам ареисқәа.

Санкт-Петербургынтәи ареисқәа мчыбжьык ахь ҩытә, абри аихшанҵа инақәыршәаны имҩаԥыслоит.:

– Аҟәантәи аҳаирплан ыҵԥраауеит ашьыжь, 09:15 рзы, Санкт-Петербург итәоит  асааҭ 13:30 рзы.

– Шьҭахьҟа иҵыԥраауеит асааҭ 15:00 рзы, Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы итәоит асааҭ 19:15 рзы.  

 

 

 

 

 

Источник: https://www.apsnypress.info/ru/home/novosti/item/16868-aleksandr-beglov-peterburg-vozobnovil-vozdushnoe-soobshchenie-so-stolitsej-abkhazii.

© АПСНЫПРЕСС.


Read 49 times - Асабша, 16 Нанҳәа 2025 16:45
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.