АИААИРА |

Items filtered by date: Ахәаша, 05 Ԥхынгәы 2024

Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аҿы «Аԥсны абылтәы џьармыкьа аҭышәынтәалара азы аамҭалатәи ауснагӡатәқәа ралагаразы Ақәҵара рыдыркылеит.

Аԥсны абылтәы џьармыкьа алахәылацәа зегьы рзы еиҟароу аҭагылазаашьақәа раԥҵареи ареспубликаҿы абылтәы азымхара (адефицит) аԥхьырҟәҟәаареи хықәкыс иҟаҵаны, Аминистрцәа Реилазаара аҿы хәажәкырамза 1, 2022 ирыдыркылахьаз  «Анефтаалыҵқәа рыхкқәак рзы аизакылаҭиратәии азаҵәылаҭиратәи ахәԥсақәа рышьақәыргылара аԥҟара ашьақәырӷәӷәареи анаӡаратә хәаахәҭратә цҵақәа рышьақәыргылареи рзы» Ақәҵара   № 18 аиҭакрақәа ралагаларазы аӡбамҭа аднакылеит.  

Ақәҵарала уажәтәи аамҭазы Аԥсныҟа абылтәы аимпорт амҩаԥгара азы алшара змоу анаплакқәак рыла нефтаалыҵ ахкқәак рыҭираан иҿыцу анаӡаратә ахәаахәҭратә цҵақәа шьақәнаргылоит. Иарбоу ақәҵара адкылара ахымԥадатәра ҳазҭоу 2024 шықәса ԥхынгәымза 1 аҟынӡа аус зуа Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Урыстәылантәи Аԥсныҟа абылтәы аагара хазхаҭалатәи азин зауа аагаҩ иалкааразы иаднакылаз аӡбамҭа иадҳәалахеит. Убри инамаданы, атәыла анапхгара аӡбамҭа аԥҟарақәа аамҭалатәи аҟазшьа рымоуп.

Ԥхынгәымза 1, 2024 шықәса инаркны абензин  «Регуляр-92» аҭираан тоннак абылтәы азы ахәԥса ахь абарҭ анаӡаратә хәаахәҭратә цҵақәа  алагалахоит:

– 8% – анефтаалыҵқәа еизакны аҭираан;

– 4% — Аԥсныҟа анефтаалыҵқәа хазхаҭала рекспорт амҩаԥгаразы аҷыдалкаатә зин змоу аилахәыра «Роснефти» уи иаҿыгоу анаплакқәеи абылтәы аагара азы аиқәшаҳаҭрақәа (аилаӡарақәа) зыбжьазҵаз анаплакқәа рыла аизакылаҭира ду амҩаԥгара аан;

– 10% –Аԥсны аҩныҵҟа иаахәаз анефтаалыҵқәа рыла азаҵәылаҭира амҩаԥгараан;

– 14% – Аԥсны аҩныҵҟа анефҭаалыҵ аимпортиорцәа рҟны аизакылаҭира ду аҳасабала иаахәаз анефҭаалыҵқәа рыла азаҵәылаҭира амҩаԥгараан;

– 18 % – Аԥсны анҭыҵ иаахәаз анефҭаалыҵқәа рыла азаҵәылаҭира амҩаԥгараан;

Аоктантә хыԥхьаӡара 95, ма уи инеиҳаны измоу абылтәы аҭираан  анаӡаратә хәаахәҭратә цҵа наӡоит:

– 4% – анефтаалыҵқәа римпортиорцәа рыла аизакылаҭира ду аҳасабала анефтаалыҵқәа рыҭираан;

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Сухум. 5 июля 2024. Апсныпресс. Кабинет министров Абхазии принял Постановление «О временных мерах по регулированию топливного рынка».

Икьыԥхьуп Новости

Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Акыраамҭа зҭагылазаашьа ҽеимыз Ҭҟәарчал ақалақь аплошьад Хада аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагеит. Иԥҽхьаз ашьаҟамҩатә хаҳәцәы, ақәоурақәа раан аӡы зҭатәоз ажрақәа – ари зегьы хара имгакәа ауаа ргәалашәараҿы мацара иаанхоит.

«Ари аплощадь – ҳақалақь ахаҿы ауп. Араҟа ииасуеит хыԥхьаӡара рацәала аӡхыҽҽақәа рахь ицо атуристцәа, араҟа иҟоуп ихадоу административтә хыбрақәа, абанк», – ҳәа аиҭашьақәыргыларатә  усурақәа рзы ирыдыркылаз аӡбамҭа далацәажәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Кәыҵниа.

Уажәы Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «СтройДом 2022» ашьаҟамҩақәа хаҳәцәыла рычаԥареи ацәхыԥқәа рышьақәыргылареи ирыдҳәалоу аусурақәа нанагӡоит. Уажәазы иазԥхьагәаҭоу 4 605 м² рҟынтәи ишьҭаҵоуп 2 400 м², уи аусурақәа зегьы рымҽхак аҟынтәи  50% аҟынӡа инаӡоит.  

Анардкыларатә еиҿкаара адиректор Раули Шамугиа аусурақәа рхыркәшаразы иазыԥҵәоу аҽҳәарақәа оптимизмла дрыхәаԥшуеит. «Аконтракт ала ҳара аусурақәа ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа ихҳарәшароуп, аха амш шцо ицар, усҟан аусурақәа зегьы ҽҳәараанӡа рылгара ҳҽазаҳшәоит», - ҳәа иҳәеит иара.    

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа злахәыз Акоординациатә еилатәара апрокурор Хада Адгәыр Агрба ихантәаҩрала имҩаԥысит ахәаша, ԥхынгәымза 5 рзы.

Аԥсны апрокуратура Хада апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аилатәара иалахәыз, актәи аинстанциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа рыла 2023 шықәсазы амцабџьар изакәанымкәа аныҟәгареи ахархәареи рганахьала ауаажәларратә шәарҭадара иаҿагылоу ацәгьоурақәа рзы ашьаусеилыргарақәа рыхәаԥшра аԥышәа азеиԥшрка алҵшәақәа ирылацәажәеит.  

Ажәахә хада ҟаҵо дықәгылеит Аԥсны апрокуратура Хада аӡбаратә усбарҭа анапхгаҩы Даур Амҷба.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Шьҭа традициала ишьақәгылахьеит есышықәса ԥхынгәымза 5 рзы Каман ахы иақәиҭызтәуаз аветеранцәа реиԥлара.  31 шықәса раԥхьа ақыҭа ампыҵахалаҩ иҟынтәи аҭарцәра азы ишьаарҵәыраз аидысларақәа ахьцоз аҭыԥ аҿы есышықәса еиԥылоит Ешыра-Афонтәи абаталион аибашьцәа. Ацаҟьа аҟынтәи аӡыхь ахьыҵыҵуа аҭыԥ ааигәара  хыԥхьаӡара рацәала ауаа еизоит, урҭ иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵоит.

Ҩажәи жәеиза шықәса раԥхьа,  Аҟәа араион Каман ақырҭуа импыҵхын.  Уи азы  еиҿкааз  ажәылара иалахәын Ешыра-Афонтәи абаталион.   Иара убасгьы  ари ажәылараҿ иҟан  Дәрыԥшь, Лыхны, Аҷандара, Очамчыра араиони рҟнытәи аԥсадгьыл ахьчаҩцәа.

Еизаз ауаа рхыԥхьаӡараҿы иҟаз реиҳараҩык – Каман ақыҭа ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рҟынтәи ахақәиҭтәра иалахәыз аветеранцәа, иҭахаз аибашьцәа рыԥшәмаҳәсақәа, рхәыҷқәа, ранацәа, Аԥсуа ар афицарцәеи араион ауааԥсыреи.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу аҵарауаа ҿарацәа Рхеилаки аинновациатә проектқәа рӡыргара адгылара аҭара иазку, «Умная цивилизация» ҳәа ахьӡ змоу Автономтә Икоммерциатәым Аиҿкаареи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.

Иарбоу аиқәшаҳаҭра ахықәкы хаданы иҟоуп  — жәларбжьаратәи аусеицура аҳәаақәа рырҭбаареи анаукеи аҵарадырреи русхы аҿы ганрацәлатәи аимадарақәа рырӷәӷәареи анаукатә усеицура адгылара аҭареи анаукатә аартрақәа рынагӡареи.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ԥлиа ауаажәларреи аҳәынҭқарреи рыԥсҭазаара иадҳәалоу асоциалтә ҵакы злоу аусхкқәа рҿы ахылаԥшреи агәаҭареи рымҩаԥгара, ахылаԥшра-гәаҭаратә усбарҭақәа русура акадртә еиқәыршәара алыршара, уҳәа иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа ирызку IX Урыстәылазегьтәи анаука-практикатә конференциа лхы алалырхәуеит.

Аконференциа ԥхынгәымза 4 – 5 рзы Н. И.  Лобачевски ихьӡ зху Нижегородтәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы имҩаԥысуеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. «Жәлабжьаратәи амузыкатә фестиваль – 2024» ԥхынгәыза 29 инаркны нанҳәамза 3 аҟынӡа Пицундатәи аныхабаа Аҳәынҭқарратә концерттә зал  аҿы имҩаԥыслоит.

Афестиваль асахьаркыратә напхгаҩи адиректор хадеи –  П. И. Чаковски ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә консерваториа аушьҭымҭа  Барас Кәыџба.

Сынтәа афестиваль рхы аладырхәуеит Аԥсны, Азербаиџьан, Ермантәыла, Белоруссиа, Китаи, Урыстәыла, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Ҭырқәтәыла, уҳәа атәылақәа рҟынтәи артистцәа.

Афестиваль иара убас иалахәхоит Аԥсны жәлар рартист Нодар Ҷанба напхгара зиҭо Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә хортә капелла.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Санкт-Петербург агубернатор Алеқсандр Беглов Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба ихьӡала Аҟәа ақалақь Амшныҳәа инамаданы адныҳәаларатә цҳамҭа ааишьҭит.

«Ажәытә қалақь Аҟәа, ашәышықәса рацәа зҵазкуа аҭоурых ду змоу, хәызмаӡам акультуратә ҭынхеи иуникалу аҭоурыхтә баҟақәеи зеиӷьаҟам аҳауа зҩыдеи рыла еицырдыруеит.

Ҳаҭыр зқәу Беслан Фиодор-иԥа! Шәара шәнапхгарала Аԥсны аҳҭнықлақь иахьа хра злоу аҿиарамҩа иануп, есааира иамоу аекономикатәи атуристтәи апотенциал арӷәӷәоит.

Санкт-Петербурги Аҟәеи иӷәӷәоу аиҩызаратәии аидгыларатәи еизыҟазаашьақәа рыдагьы  ирзеиԥшу адоуҳатә идеалқәеи аҵакдурақәеи еиднакылоит, уи, жәаҳәарада, Санкт-Петербурги Аҟәеи рыбжьара аусеицуреи аимадареи рзы шьаҭа ӷәӷәаны иҟоуп», – ҳәа иаҳәоит Санкт-Петербург агубернатор иҟаиҵаз  адныҳәалара аҿы.

Алеқсандр Беглов Аҟәа ахадеи уи ауааԥсыреи зегьы иаадырԥшуа асасдкылара бзиеи агәаартреи, Петербургынтәи арахь иаауа ауааи петербургтәи аофициалтә делегациақәеи ироуа адкылара бзиеи рзы иҭабуп ҳәа иҳәеит.  

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Никита Лежьиа Урыстәыла аҵаҩцәа XII Рыспартакиада аҿы 18 шықәса зхыҵуа рыбжьара зхы иақәҭу аиқәԥара азы аџьазтә медал аиура иҽаԥсеитәит ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы. Аицлабрақәа мҩаԥысуан Красноиарск ақалақь аҿы. Атурнир рхы аладырхәит Урыстәылатәи Афедерациа 50 субиект рҟынтәи ахаҭарнацәа.

Ҳара ҳаспортсмен 51 кьыла рҟынӡа инаӡо акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара дықәгылеит.  

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.