АИААИРА |

Items filtered by date: Ахәаша, 12 Ԥхынгәы 2024

Аҟәа. Ԥхынгәымза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа Рмнистрра Краснодартәи Ауниверситет аҿы алеитенантцәа роушьҭра мҩаԥысит. Сынтәа ари ауниверситет иоушьҭымҭацәахеит 493-ҩык, урҭ рахьынтә  11-ҩык Ареспублика Аԥсны аҟынтәи акурсантцәа роуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аныҳәатә церемониа даҭааит Ареспублика Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, аинрал-маиор Роберт Киут. Уи дицын уи ихаҭыԥуаҩ - амилициа  аполковник Рашь Ҵәыџьба.

Амилициа алеитенант ҿарацәа Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа рхыԥхьаӡара иацлоит. Хара имгакәа аушьҭымҭацәа еиуеиԥшым азанааҭқәа рыла рмаҵуратә уалԥшьақәа рынагӡара иалагоит.

Аушьҭымҭацәа дрыдныҳәало, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут урҭ раԥхьаҟа ҭакԥхықәрала инарыгӡараны иҟоу Аԥсадгьыл амаҵзура иадҳәалоу аинтерес зҵоу иуадаҩу амҩа рзыԥшуп ҳәа иазгәеиҭеит. 

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынгәымза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир «Аҟәа Open 2024» актәи амш азы еицлабуан  7 – 9 шықәса зхыҵуаз ахәыҷқәа. Зынӡа иааизакны  урҭ рхыԥхьаӡара  72-ҩык рҟынӡа инаӡон.

7 шықәса зхыҵуа ақәратә категориа иаҵанакуа аҷкәынцәа рыбжьара аиааира ргеит: Мосикиан Георги (Шәача), Агрба Еснаҭ (Аҟәа), Антонов Никита (Ростов-на-Дону);

Аӡӷабцәа рыбжьара: Гәыргәылиа Алеқсандра (Аҟәа), Хонӡиа Саломеа (Аҟәа), Шамба Софиа (Аҟәа).

9 шықәса зхыҵуа ақәратә категориа иаҵанакуа аҷкәынцәа рыбжьара аиааира ргеит: Хьынҭәба Глеб (Гәдоуҭа), Паравиан Атом (Аҟәа), Гелениӡе Сандро (Москва);

Аӡӷабцәа рыбжьара: Агрба Амира (Гәдоуҭа), Гәылариа Емили (Гәдоуҭа), Ԥалаванӡиа Анна (Аҟәа).

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынгәымза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәеи Урыстәыла Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аусзуҩцәеи 210-ҩык аҳәаахьчаратә закәанԥҵара еилазгаз ааныркылеит.  

Иаанкылаз ахаҿқәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Административтә Зинеилагарақәа Рзакәанеидкыла ахәҭаҷ  190 «Аҳәаахьчаратә зона аҿы аҳәаахьчаратә режим аилагара»; Аԥсны Аҳәынҭқарра Административтә Зинеилагарақәа Рзакәанеидкыла ахәҭаҷ 190.1 «Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа арежим аилагара»; Аԥсны Аҳәынҭқарра Административтә Зинеилагарақәа Рзакәанеидкыла ахәҭаҷ 190.2 «Атерриториалтә мшыни Ареспублика Аԥсны аҩныҵҟатәи амшынтә ҵакыреи рҿы аҳәаахьчаратә режим аилагара» инарықәыршәаны иаанкылаз атәылауаа зегьы административтә ҭаԥхықәра иақәыршәоуп.  

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынгәымза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, аџьынџьуаа рырхынҳәра азы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа, арепатриациа Афонд анагӡаратә директор ихаҭыԥуаҩ  Асҭамыр Џьынџьал алархәны аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит.

Аиԥылара аҿы ахшаара змам аҭаацәа рыцхырааразы ацхыраагӡатә хшарауратә  технологиа (ЭКО) апроцедурақәа рынагӡареи иарбоу ахықәкқәа рзы арепатриациа Афонд аԥаратә хархәагақәа рхархәареи  иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аҳәынҭқарра уажәадагьы ас еиԥш иҟоу аҭаацәа амедицинатә цхыраара рынаҭон, уажәы аԥыза-министр иаԥшьгарала ахықәкытә программа аԥҵара азы азҵаара ықәгылоуп.

Алеқсандр Анқәаб ари даара аҵак ду змоу темоуп, уи анагӡара азы арепатриациа  Афонд аԥаратә хархәагақәа рхархәара алыршатәуп ҳәа иазгәеиҭеит. Вадим Ҳаразиеи Асҭамыр Џьынџьали ари аԥшьгара иадгылеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Сухум. 12 июля 2024. Апсныпресс. В Ткуарчале начался капитальный ремонт городской лестницы, соединяющей две части города. Она построена в 1961 году и является кратчайшим пешеходным маршрутом между двумя районами. Ею активно пользуются жители для доступа к административным учреждениям, расположенным в верхней части города, туристов привлекает ее необычный вид и большая протяженность, а любители активного образа жизни используют для занятий спортом.

Икьыԥхьуп Новости

Аҟәа. Ԥхынгәымза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ҭҟәарчал ақалақь аҩ-хәҭак еимаздо амардуан шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара иалагеит.  Уи ргылан 1961 шықәса рзы, иара аҩ-раионк рыбжьара еиҳа икьаҿу ашьаҟамҩатә маршрутны иҟоуп. Уи ауааԥсыра ақалақь аҩадатәи ахәҭа аҿы иҟоу административтә усбарҭақәа рҟынӡа анаӡаразы активла рхы иадырхәоит, атуристцәа уи ауреи шамахамзар џьара иуԥымло аԥшреи аднаԥхьалоит, активла аԥсҭазаашьа алызхуа уи аспорт ала аҽазыҟаҵаразы рхы иадырхәуеит.

Ахархәара ашықәсқәа ирылагӡаны ари амардуан акыр иқәсит, џьара-џьарагьы амашәыр ахылҿиаара азы ашәарҭара аҵаны иҟалеит. Убри аҟнытә аҭыԥантәи анапхгара уи шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларазы аӡбамҭа рыдыркылеит.   Аҭыԥантәи абиуџьет аҟынтәи зфинансыркра мҩаԥысуа ари апроект анагӡара мҩаԥнагоит Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара  «Союз-W». Уи анапхгара аиҭоит Гьаргь Харчлаа.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынгәымза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Амилаҭтә сахьатә галереиа ахыбра актәи аихагыла аиҭашьақәыгылара ҩымз рыҩныҵҟа ихыркәшахоит.

«Ҳара ахыбра ахыб ықәҵаны ҳалгахьеит. Ажәытә хыб шьаҭаныла иқәган, уи амыцхәрас аҿыц ҟаҵоуп. Ахыбра актәи аихагыла аҩныҵҟа иргылоу аҩкаагатә ҭыӡқәа, урҭ рыбжьара ауадақәа ҟаҵахоит, абетон ықәырҭәаахоит. Аҵыхәтәаны ҳара аԥенџьырқәа аҿаҳҵоит.  

Уажәы ахыбра ахаҿратә ган аԥслымӡкылҟьатә усдулара мҩаԥысуеит.  Ҳара иазԥхьагәаҭаны иҳамоуп катәи аихагыла 1,5-2 мыз рыла ахархәарахь рыҭара», - ҳәа Аԥсныпресс акоррспондент диҿцәажәо  еиҭеиҳәеит анардкыларатә еиҿкаара «Строймонтаж-2» адиректор Рустам Цәеиба. 

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынгәымза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир «Аҟәа  Open 2024» аиҳабацәеи ашколхәыҷқәеи рыбжьара имҩаԥысуеит Анатоли Карпов ихьӡ зху ашахматтә школ аҿы. Уи мҩаԥыслоит ԥхынгәымза 14 аҟынӡа.  

Иахьа Анатоли Карпов ихьӡ зху ашахматтә шол аҿы ахәыҷы рацәа рыбжьы ҩныҩуеит. Акыр зҵазкуа ахҭыс – жәларбжьаратәи атурнир алагеит. Уи асааҭ  11 рзы 7–9 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рыбжьара аицлабрақәа рыла иалагеит. Аҳауа иалан агәыхыҭхыҭра. Арахь 40 градус ыҟоушәа узырбоз ашоура уи еиҳагьы иарӷәӷәон. Ашкол акоридор ҭдырҭәааит аҭаацәа, урҭ рхәыҷқәа шыхәмаруаз иахәаԥшуан. Убри аамҭазы атурнир алахәылацәа рхаҿы инубааломызт агәыхыҭхыҭреи акы ацәшәареи. Атурнир актәи амш азы еиԥылоит Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи зегьы рҟынтәи 100-ҩык инареиҳаны 7–9 шықәса зхыҵуа аспортсменцәа.

Аицлабрақәа аартуа, Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа апрезидент Константин Ҭыжәба зымҩаԥгара традициала ишьақәгылахьоу ашахматә турнир «Аҟәа Open» абар шьҭа 20 шықәса рыҩныҵҟа ақалақь Ахадара  адгылара анаҭоит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Сынтәа атурнир рхы аладырхәуеит Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рҟынтәи ахәыҷқәа, иара убас Ростов-на Дону, Краснодар ақалақьқәа рҟынтәи ахәыҷқәа. Ҳхәыҷқәа еибадыруеит аԥышәаеиадара рыбжьарҵоит. Ҳақалақь Ахадара ҵыԥх ҳашкол ахыбраҿы аиҭашьақәыргыларатә  усурақәа рымҩаԥгара аҿы ацхыраара ҟанаҵеит. Шьҭа араҟа еиҳа иманшәалоу аҭагылазаашьақәа ыҟоуп ахәыҷқәа рзы еиԥш урҭ рҭаацәагьы рзы. Ашахматистцәа Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәеи егьырҭ жәларбжьаратәи аицлабрақәеи рылахәхара азы астимул роуит», - ҳәа иҳәеит иара.

Ахәҭакахьала Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа адиректор Ельза Ҳагба  ахәыҷқәа зынӡа ишыхәҷу инаркны ашахмат асра иалагоит ҳәа гәахәара дула иазгәалҭеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынгәымза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 11 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион ахь иусуратә визит аан араион актив алархәны анҭыҵтәи аилацәажәара мҩаԥигеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.   

Аиԥылараҟны иалацәажәеит Аԥсны мрагыларатәи араионқәа рыҟны асоциал-економикатә ҿиара азҵаарақәа. «Араион аҟны иҟоу аекономика аԥсыҽреи ауааԥсыра ықәҵаны рцареи ирыдҳәалоу ауадаҩрақәа ыҟоуп. Аусура знапы алаку еиҳарак аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа роуп – арҵаҩцәа, аҳақьымцәа, азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра арегион аҟны атуристтә усхк ҷыдала хшыҩзышьҭра шанаҭо, уи иабзоураны қәҿиарала аусура ишаҿу Очамчыра ақалақь аҟны иҟоу  «Амшынеиқәа абырлаш» («Черноморская жемчужина», «Тамшь-вилаџь» Тамшь ақыҭаҟны, Кындыӷ ақыҭаҟны, Тҟәарчал араион Аҟармара аҳаблаҟны иҟоу атуристтә обиектқәа жәпакы.

Анаҩс ирылацәажәеит аинфраструктуратә проектқәа рынагӡара атема. «2025 шықәсазы афымцадәыӷба «Ласточка» бжьалоит Очамчыранӡа», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Иара убас аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит Кәтол ақыҭаҟны аргылара шымҩаԥысуа аинвестициатә наплакқәа, 100 гектар аӡахәаҭрақәа, аҩыҟаҵарҭа зауад, аресторан. «Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵо афинанстә цхыраарала зынагӡара иаҿу ари апроект аҟны 100 инарзынаԥшуа усурҭа ҭыԥ ҟалоит. Иара убас Очамчыра ақалақь абаӷәазаҟны аидара аиагаразы даҽа наплак дук аргылара иаҿуп, - ҳәа мрагыларатәи Аԥсны аекономика ашьҭыхразы ас еиԥш иҟоу апроектқәа рацәаны аусура иалагар шыбзиоу азгәаҭаны иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Амҩаҿы  аныҟәара ашәарҭадара аиҿкаара иазырхоу Жәлар Реизара-Апарламенти аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәеи русеицура ахылаԥшра азҭо аусуратә гәыԥ аусура иалагеит. Иахьа Апарламент аҿы имҩаԥысит Аԥсны амҩадуқәа рҿы ашәарҭадара ашьақәыргылара азҵааразы акомиссиа актәи аилатәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Жәлар Ризара-Апарламент апресс-маҵзура.

Акомиссиа афункциа хадақәа рахь иаҵанакуеит:

- ареспублика амҩадуқәа рҿы амашәырқәа зыхҟьо аҭҵаара;

- амҩа-транспорттә машәырқәа рхыԥхьаӡареи урҭ рхыԥҟьақәеи рырмаҷреи аныҟәцаҩцәа рдисциплина арӷәӷәареи, иара убри ала ишәарҭадоу аныҟәара алыршареи рзы ажәалагалақәа реиқәыршәара;

- амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара ҵзыршәаауа  иуашәшәыроу амашьынақәа рныҟәара аанкылараз хылаԥшра аҭара;

- амашьынақәа рыла инагӡахо хазы игоу аусура ахкқәа алицензиақәа рыҭара ахылаԥшра.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.