АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Ԥхынгәы.2024

Иалагеит ашахаттә турнир «Аҟәа Оpen 2024».

Аҟәа. Ԥхынгәымза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир «Аҟәа  Open 2024» аиҳабацәеи ашколхәыҷқәеи рыбжьара имҩаԥысуеит Анатоли Карпов ихьӡ зху ашахматтә школ аҿы. Уи мҩаԥыслоит ԥхынгәымза 14 аҟынӡа.  

Иахьа Анатоли Карпов ихьӡ зху ашахматтә шол аҿы ахәыҷы рацәа рыбжьы ҩныҩуеит. Акыр зҵазкуа ахҭыс – жәларбжьаратәи атурнир алагеит. Уи асааҭ  11 рзы 7–9 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рыбжьара аицлабрақәа рыла иалагеит. Аҳауа иалан агәыхыҭхыҭра. Арахь 40 градус ыҟоушәа узырбоз ашоура уи еиҳагьы иарӷәӷәон. Ашкол акоридор ҭдырҭәааит аҭаацәа, урҭ рхәыҷқәа шыхәмаруаз иахәаԥшуан. Убри аамҭазы атурнир алахәылацәа рхаҿы инубааломызт агәыхыҭхыҭреи акы ацәшәареи. Атурнир актәи амш азы еиԥылоит Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи зегьы рҟынтәи 100-ҩык инареиҳаны 7–9 шықәса зхыҵуа аспортсменцәа.

Аицлабрақәа аартуа, Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа апрезидент Константин Ҭыжәба зымҩаԥгара традициала ишьақәгылахьоу ашахматә турнир «Аҟәа Open» абар шьҭа 20 шықәса рыҩныҵҟа ақалақь Ахадара  адгылара анаҭоит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Сынтәа атурнир рхы аладырхәуеит Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рҟынтәи ахәыҷқәа, иара убас Ростов-на Дону, Краснодар ақалақьқәа рҟынтәи ахәыҷқәа. Ҳхәыҷқәа еибадыруеит аԥышәаеиадара рыбжьарҵоит. Ҳақалақь Ахадара ҵыԥх ҳашкол ахыбраҿы аиҭашьақәыргыларатә  усурақәа рымҩаԥгара аҿы ацхыраара ҟанаҵеит. Шьҭа араҟа еиҳа иманшәалоу аҭагылазаашьақәа ыҟоуп ахәыҷқәа рзы еиԥш урҭ рҭаацәагьы рзы. Ашахматистцәа Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәеи егьырҭ жәларбжьаратәи аицлабрақәеи рылахәхара азы астимул роуит», - ҳәа иҳәеит иара.

Ахәҭакахьала Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа адиректор Ельза Ҳагба  ахәыҷқәа зынӡа ишыхәҷу инаркны ашахмат асра иалагоит ҳәа гәахәара дула иазгәалҭеит.

«Ари аспорт ахкы еиҳа-еиҳа апопулиарра аиуоит.

Ахәыҷқәа 4 шықәса анырхыҵ нахыс ашахмат асра аҽазыҟаҵара иалагоит. Ишыжәбо еиԥш алҵшәақәагьы бзиоуп. Ҳара ҳхәыҷқәа урыстәылатәи атурнирқәа рхы аладырхәуеит, аԥхьахәтә ҭыԥқәагьы ааныркылоит. Ҳара ҳшахматтә школ ааӡамҭацәа Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа ирылахәын», - ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара.

Атурнир мҩаԥысуеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилаки Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭеи иҟарҵаз адгыларала.  


Read 146 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 11:59
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.