АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Ԥхынгәы.2024

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа араион актив алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 11 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион ахь иусуратә визит аан араион актив алархәны анҭыҵтәи аилацәажәара мҩаԥигеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.   

Аиԥылараҟны иалацәажәеит Аԥсны мрагыларатәи араионқәа рыҟны асоциал-економикатә ҿиара азҵаарақәа. «Араион аҟны иҟоу аекономика аԥсыҽреи ауааԥсыра ықәҵаны рцареи ирыдҳәалоу ауадаҩрақәа ыҟоуп. Аусура знапы алаку еиҳарак аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа роуп – арҵаҩцәа, аҳақьымцәа, азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра арегион аҟны атуристтә усхк ҷыдала хшыҩзышьҭра шанаҭо, уи иабзоураны қәҿиарала аусура ишаҿу Очамчыра ақалақь аҟны иҟоу  «Амшынеиқәа абырлаш» («Черноморская жемчужина», «Тамшь-вилаџь» Тамшь ақыҭаҟны, Кындыӷ ақыҭаҟны, Тҟәарчал араион Аҟармара аҳаблаҟны иҟоу атуристтә обиектқәа жәпакы.

Анаҩс ирылацәажәеит аинфраструктуратә проектқәа рынагӡара атема. «2025 шықәсазы афымцадәыӷба «Ласточка» бжьалоит Очамчыранӡа», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Иара убас аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит Кәтол ақыҭаҟны аргылара шымҩаԥысуа аинвестициатә наплакқәа, 100 гектар аӡахәаҭрақәа, аҩыҟаҵарҭа зауад, аресторан. «Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵо афинанстә цхыраарала зынагӡара иаҿу ари апроект аҟны 100 инарзынаԥшуа усурҭа ҭыԥ ҟалоит. Иара убас Очамчыра ақалақь абаӷәазаҟны аидара аиагаразы даҽа наплак дук аргылара иаҿуп, - ҳәа мрагыларатәи Аԥсны аекономика ашьҭыхразы ас еиԥш иҟоу апроектқәа рацәаны аусура иалагар шыбзиоу азгәаҭаны иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада адепутатцәа гәыԥҩыки мрагыларатәи Аԥсны араионқәеи рхадацәеи раԥшьгара дадгылеит. Урҭ идыргалаз мрагыларатәи арегионқәа рыҿиара иазку азакәанапроект, апартаментқәеи апарт-отельқәеи рыргылара налаҵаны, ари ареспублика мрагыларатәи ахәҭаҟны асоциал-економикатә ҩаӡара ашьҭыхра иазкуп. 

Аҳәынҭқарра Ахада Очамчыра араион атуристтә лшара ду шамоу, уи ауаа ирыхәо ишыҟаҵатәу азгәеиҭеит. Апартаментқәа рыргылара атуризм арҿиара адагьы, аусурҭа ҭыԥқәа аԥнаҵоит, араион аинфраструктура аҿиара иацнаҵоит, иааидкыланы аекономика аԥсы ҭанаҵоит. 

Аҳәынҭқарра Ахада аизара иалахәыз рышҟа аҳәара ҟаиҵеит Аԥсны мрагыларахьтәи аган азы аҵак ду змоу азакәан апроект адкылара азҵаараҟны адгылара ирҭарц. Беслан Бигәаа ари аидеиа дадгылеит, уи иара убас заанаҵтәи адыррақәа рыла араион аинфраструктура аиӷьтәразы  иаҭахуп 50 млрд. мааҭ, ари азҵаара аӡбараҿы аинвестициақәа хра злоу цхыраагӡаны иҟалар алшоит ҳәа иазгәеиҭеит. 

Аиԥылара ахырәшамҭаз Аслан Бжьаниа аринахысгьы лҵшәабзиала аусеицура азы агәыӷра шимоу азгәеиҭеит. Беслан Бигәааи аизара зҽалазырхәыз зегьи уи аԥшьгарақәа зегьы рҿы адгылара ширҭо азы дақәдыргәыӷит. Араион ахада Аҳәынҭқарра Ахадеи еизаз зегьи Ашьапылампылтә Клуб «Ерцахә» аветеранцәа еизгоу ркомандеи еизгоу Аԥсны акомандеи риубилеитә еиҩызаратә матч ахь ааԥхьара риҭеит.  

Аилацәажәара иалахәын: Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа,  Очамчыра араион Администрациа ахада Беслан Бигәаа, Очамчыратәи араионтә Еизара ахантәаҩы Адгәыр Кәыҵниа, аҟәшақәеи аусбарҭақәеи рнапхгаҩцәа, ақыҭақәа рхадацәа, апарламент адепутатцәа, араион ауаажәларра.   

 

 

 

 

 

 


Read 144 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 11:59
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.