АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Ԥхынгәы.2024

Жәлар Реизара-Апарламент аҿы амҩадуқәа рҿы ашәарҭадара ашьақәыргылараз акомиссиа аилатәара мҩаԥысит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Амҩаҿы  аныҟәара ашәарҭадара аиҿкаара иазырхоу Жәлар Реизара-Апарламенти аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәеи русеицура ахылаԥшра азҭо аусуратә гәыԥ аусура иалагеит. Иахьа Апарламент аҿы имҩаԥысит Аԥсны амҩадуқәа рҿы ашәарҭадара ашьақәыргылара азҵааразы акомиссиа актәи аилатәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Жәлар Ризара-Апарламент апресс-маҵзура.

Акомиссиа афункциа хадақәа рахь иаҵанакуеит:

- ареспублика амҩадуқәа рҿы амашәырқәа зыхҟьо аҭҵаара;

- амҩа-транспорттә машәырқәа рхыԥхьаӡареи урҭ рхыԥҟьақәеи рырмаҷреи аныҟәцаҩцәа рдисциплина арӷәӷәареи, иара убри ала ишәарҭадоу аныҟәара алыршареи рзы ажәалагалақәа реиқәыршәара;

- амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара ҵзыршәаауа  иуашәшәыроу амашьынақәа рныҟәара аанкылараз хылаԥшра аҭара;

- амашьынақәа рыла инагӡахо хазы игоу аусура ахкқәа алицензиақәа рыҭара ахылаԥшра.

Аусмҩаԥгатә иалахәыз азинхьчаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа адепутатцәа рахь амҩатә ԥҟарақәа еилазго рыхьӡқәа аинформациатә хархәагақәа рҿы ркьыԥхьра, иара убас урҭ рмашьынақәа рымхра, уҳәа ахьырхәрақәа алзыршо азакәанԥҵараҿы аиҭакрақәа ралагалареи Аԥсны амҩадуқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьа анырра азҭар зылшо егьырҭ аԥшьгарақәеи рыҟаҵаразы ааԥхьара ҟарҵеит.

Иааиуа аиԥыларахь ааԥхьара рырҭоит Агәабзиарахьчареи Аҵарадырреи рминистррақәеи, егьырҭ анаԥхгаратә усбарҭақәеи рхаҭарнакцәа.

 

 


Read 120 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:00
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.