АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Ԥхынгәы.2024

Аслан Бжьаниа усуратә визитла Очамчыра араион даҭааит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 11  рзы, ашьыжь аҳәынҭқарра Ахада Џьгьарда ақыҭа даҭааит. Ахада ицын Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, уи ихаҭыԥуаҩ Зураб Қаџьаиа, Очамчыра араион Администрациа ахада Беслан Бигәаа, Џьгьарда ақыҭа ахада Адамыр Амҷба.

Аслан Бжьаниа аӡиас Дӷамшь аԥшаҳәа арӷәӷәаразы ицо аусурақәа шымҩаԥысуа гәеиҭеит. 

Рацәак ҵуам, ҳазҭоу ашықәс лаҵарамза 12 рзы ақәыршҩы бааԥсқәа ирыхҟьаны ихыҵыз аӡы ахатәы ҩнқәа ааба аӡы рыҩналеит, ацҳа аӡы ианага ашьҭахь аҩнқәа быжьба рышҟа анеира алымшо иҟалеит. 

Иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара аԥхасҭа ду рнаҭеит анхамҩақәа жәпакы. Усҟан арыцҳара иахьақәшәаз аҭыԥқәа Ахада дырҭаан, изыхәҭоу аусбарҭақәа анапынҵа риҭеит Џьгьардеи Кәтоли ақыҭақәа рахь аҳәынҭеилакы «Аԥсныҿықәхьчара» атехника зегьы раашьҭразы. 

«Аԥсныҿықәхьчара» адиректор хада Гәурам Ҳаразиа Ахада адырра ииҭеит имҩаԥгоу аусурақәа рзы, ԥхынгәымза 25 рзы урҭ шхыркәшахо азы.

Аԥхасҭа зауыз ақыҭуаа Аслан Бжьаниа иҭабуп ҳәа иарҳәеит иҟарҵаз ацхырааразы. "Даараӡа иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит иҳашәҭаз ацхырааразы. Аӡы аԥшаҳәа 90-тәи ашықәсқәа раахыс нап адкыламызт, ари даараӡа акраҵанакуеит аԥхьаҟагьы аӡы ҳпырхагамхарц азы», - ҳәа ирҳәеит дара. 

Аӡы аԥшаҳәа арӷәӷәаразы имҩаԥысуа аусурақәа рхарџьыԥса ареспубликатә биуџьет аҟнытә иаауеит Шьаҭанкылатәи аргылара аусбарҭа ахылаԥшрала. 

Анаҩс Ахада Џьгьарда ақыҭан аспорттә шҭа аргылара ахьцоз аҭыԥ даҭааит. 

ЗҲәА «Очамчыраргылара» адиректор Саид Адлеиба иҳәеит хара имгакәа ахырхарҭа рацәа змоу аспорттә шҭа аргылара шхыркәшахо. Ара амҵәышәмпыл, анапылапыл, атеннис ду ахәмарразы алшара ҟалоит. 

Иара убас иазԥхьагәаҭоуп адәахьтәи аспорттә тренажиорқәа рыргылара. 

Аҳәынҭқарра Ахада аргылаҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит аргылара аҿҳәара иахьахымԥо азы, адҵагьы риҭеит ҳазҭоу амза нҵәаанӡа аобиктқәа рыҟны аусурақәа хдыркәшарц.

 

 

 

АГАЛЕРЕИА.

 

Источник: https://www.apsnypress.info/ru/home/novosti/item/12166-aslan-bzhaniya-sovershaet-rabochuyu-poezdku-v-ochamchyrskij-rajon.

© АПСНЫПРЕСС.


Read 127 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:00
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.