АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Ԥхынгәы.2024

Аҳәынҭқарра Ахада ашьапылампыасратә Клуб “Ерцахә” 30 шықәса ахыҵразы адныҳәалара ҟаиҵеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2024 шықәса.  Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 11 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  Витали Дараселиа ихьӡ зху Очамчыратәи ареспубликатә стадион даҭааит. Аҳәынҭқара Ахада  ицын Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, уи ихаҭыԥуаҩ Зураб Қаџьаиа, аиҳабыра алахәылацәа.

Иахьа ашьапылампыласратә Клуб «Ерцахә» 30 шықәса ахыҵит.

Ахада иқәгылараҿы иҳәеит:

«Ҳаҭыр зқәу аспортсменцәеи ашьапылампыласратә клуб «Ерцахә» абзиабаҩцәеи.

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит аклуб аԥҵоижьҭеи 30 шықәса ахыҵра иазку аҵак ду змоу арыцхә. Арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟала ашьапылампыласратә Клуб «Ерцахә» қәҿиарала ҳтәыла аспорттә аренаҟны иқәгылоит. 

Аклуб аԥҵара зыбзоурахаз иреиуоуп еицырдыруа аспортсменцәа Валерии Заури Делаа. Урҭ хамеигӡарак ҟамҵакәа «Ерцахә» аҳаҭыр ашьҭыхра аус иадырҵаз рааԥсара иабзоураны аԥсуа шьапылампыласра аихьӡарақәа аиууа иалагеит, Ачемпионат, Акубок, Аԥсны асуперкубок иаԥсахо иҟалеит.

Иахьа Очамчыра ашьапылампыласыҩцәа ҿарацәа шәықалақьи шәраиони рыҟны хьӡы змоу аспортсменцәа иаԥырҵаз атрадициа бзиақәа рынагӡара иаҿуп. Аԥсны еицырдыруа аспортсменцәа: Витали Дараселиа, Ниаз Ӡаԥшь-иԥа, Владимир Маан, Ҭемыр Жьиба, Иури Логәуа, Ҭенгиз Логәуа, Валери Делба, Валикәа Ҵәыџьба, Владимир Гигаа, Вадим Афендопуло рыхьыӡқәа Аԥсны еиԥш, уи анҭыҵтәи аспорт аҭоурых адаҟьақәа ирнылеит. Урҭ рҿырԥшы иахьа ашьапылампыласыҩцәа ҿарацәа аихьӡарақәа риураҟны ргәы шьҭызхуа цхыраагӡаны иҟоуп. 

Исымоу аҭагылазаашьа схы иархәаны, Витали Дараселиа ихьӡ зху астадион аҟны сыҟазаараан, аспортсменцәа аҽазыҟаҵареи ахәмарреи рзы аҭагылазаашьа бзиақәа рымазарц азы Очамчыра араион Администрациа Ахада инапы ианысҵоит арҽеира-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рхарџьынҵа ашьақәыргылара.

Аиубилеи амш аҽны «Ерцахә» садныҳәало, иазеиӷьасшьоит аԥхьаҟагьы аиааира дуқәа.  Иарбанхәмарразаалак акоманда аҭоурых аҟны даҟьа ҿыцны ианылалааит. Акоманда аилазаареи азыҟаҵаратә штаби ирзеиӷьасшьоит еицакра змам агәамч, агәабзиара, занааҭла аизҳара».

Аслан Бжьаниа иара убас Аклуб аҟны иреиӷьу ахәмарҩцәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа ранеишьеит.

Анаҩс имҩаԥысит аԥсуа шьапылампыласра аветеранцәа рыбжьара аиҩызаратә хәмарра: Еизгоу акоманда «Ерцахәи» Аԥсны Еизгоу акомандеи «Ерцахә» аиубилеи ахьӡала ихәмарит.

Ари аныҳәатә усмҩаԥгатә рхы аладырхәит иара убас Очамчыра араион ахада Беслан Бигәааи Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилаы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагбеи.

 

 

 


Read 125 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:00
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.