АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Ԥхынгәы.2024

Апарламенттә Еилакы атәылауаа рсоциалтә маҵзура азы азакәан адкылара азы абжьгара ҟанаҵеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент аҿы асоциалтә политикеи аџьеи агәабзиарахьчареи адемографиеи аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи  русқәа рзы Аилак аилатәара мҩаԥысит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура.  

Аилак аилатәара аҿы иахәаԥшит «Ареспублика Аԥсны атәылауаа рсоциалтә еиқәыршәара ашьаҭақәа рзы» азакәан апроект. Уи адкыларала ареспублика  атәылауаа рсоциалтә еиқәыршәара азинтә шьаҭақәа шьақәыргылахоит.

Иарбоу азакәан апроект атәылауаа (аҭаацәарақәа) рсоциалтә маҵзура (аиқәыршәара) алыршара, уи ахаҭабзиара ашьҭыхра, уи ашәарҭадареи аеффективреи ралыршара  азы ирымоу рзинқәа рыхьчара иазырхоуп.

Азакәан апроект аҿы инҭкааны иарбоуп аилкаарақәа рҵакы, ахәҭакахьала иаагозар, «асоциалтә маҵзура», «иуадаҩу аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа», уҳәа  реиԥш иҟоу, иара убас  атәылауаа рсоциалтә маҵзура (рсоциалтә еиқәыршәара) апринципқәа шьақәырӷәӷәахоит.

Азакәан апроект алацәажәара лхы алалырхәит асоциалтә еиқәышәареи адемографиатә политикеи рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Кама Аӡынба.

Аилацәажәара ашьҭахь Аилак алахәылацәа Апарламент ахь иааиуа изаамҭанытәиу аилатәара аҿы иарбоу азакәан апроект аҩбатәи аԥхьараҿы адкылара азы адгалара аҟаҵаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.


Read 231 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:01
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.