АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Ԥхынгәы.2024

Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат аҵара Аминистрра ахь згәабзиара алшарақәа ԥку ахаҿқәа рҵаадырра аиҿкаара азы аԥҟара апроект адгалара мҩаԥнагеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат аҵара Аминистрра  ахь «Згәабзиара алшарақәа ԥку ахәыҷқәа рҵаадырра аиҿкаара азы» Аԥҟара апроект адгалара мҩаԥнагеит.

Апроект еиқәлыршәеит Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат азиндырҩы Лиаховецкаиа  Е. Г., иахьа, ԥхынгәымза 8 рзы уи ахәаԥшреи аҭҵаареи рзы атәыла аҵара Аминистрра ахь идәықәҵахеит.

«Иарбоу Аԥҟара хықәкы хадас иамоуп – згәабзиара алшарақәа ԥку ахәыҷқәа ирымоу аҵарадырразы азин ахархәаразы алшара рыҭара», - ҳәа иазгәалҭеит Екатерина Лиаховецкаиа.

Аусуратә еиԥылара иацҵо Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳа, аҵара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат аҟны иҟоу Ауаажәларратә Хеилак алахәыла Ада Кәарҷелиеи Екатерина Лиаховецкаеи ари аусшәҟәы ҿыц иарбоу анагӡара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Екатерина Лиаховецкаиа  аиԥылара шымҩаԥысыз атәы далацәажәо иазгәалҭеит:

«Ҳара аҵара Аминистрра ахь ахәаԥшреи аҭҵаареи ашьақәырӷәӷәареи рзы инаҳашьҭит Аԥҟара апроект, уи ашьҭахь ари аусшәҟәы Жәлар Реизара-Апарламент ахь идәықәҵахоит. Иара убас ҳара ҳалацәажәеит ахәыҷқәа рзы изыҩыз ашәҟәы «Ахәыҷы азинқәеи аԥхықәрақәеи рдунеи ахь иныҟәарақәа» («Путешествие ребенка в мир прав и обязанностей») аҭыжьра алыршара. Ари ашәҟәы аклассикатә лакәқәа рҿырԥшы ала ахәыҷы иеилнаркаауеит ҳара ҳҭаацәаратә кодекс аҿы ишьақәырӷәӷәоу ихадоу азинқәеи аԥҟарақәеи».

Ишәгәалаҳаршәоит, ажьырныҳәамза 24, 2024 шықәса рзы аҵара аминистр Инал Габлиа иԥылара мҩаԥысит. Ари аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны «Згәабзиара алшарақәа ԥку ахаҿқәа рҵаадырра аиҿкаара азы» Аԥҟара апроект аиқәыршәара азы Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат аԥшьгара ақәшаҳаҭреи адгылареи аиуит.


Read 68 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:06
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.