АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Ԥхынгәы.2024

Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа аргыларазы Афедералтә ҳәынҭқарратә аказентә Усбарҭеи Урыстәыла Афедералтә ҳазалхратә Маҵзуреи рхаҭарнакцәа автомашьынатә аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аинфраструктура аҿиара иадҳәалоу азҵаарқәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәааҿы автомашьынатә аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аҭаарааан Афедералтә ҳәынҭқарратә аказентә Усбарҭа «Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа иаҵанакуа аобиектқәа рыргылареи рексплуатациеи рзы адирекциа» Шәачатәи аҿга адиректор Кирилл Баранов Урыстәыла Афедералтә ҳазалхратә Маҵзура анапхгаҩы  Валери Пикалиов автомашьынатә аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ арекоснтрукциа апроект анагӡаразы аусурақәа рцашьеи иҳараку акурорттә аамҭахәҭа азы уи иҭышәынтәаланы аусура алыршара иазку аусмҩаԥгатәқәеи  рзы адырра ииҭеит, ҳәа иаанацҳауеит Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа аргыларазы Афедералтә ҳәынҭқарратә аказентә  Усбарҭа аофициалтә саит.

Иахьатәи амш азы аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» апассаџьыртә трафик ала атәыла аҿы зегьы реиҳа ақәыӷәӷәара змоу ҭыԥны иҟоуп.  Уи уахыки-ҽнаки рыла аушьҭратә лшара 28 нызықьҩык ауааԥсыреи 1500 рҟынӡа атранспорттә хархәагақәеи рҟынӡа инаӡоит. Аха аус аҿы араҟа есыҽны аҳәаа иахысуеит 50 нызықь инареиҳаны ауааи  9 нызықь инарзынаԥшуа атранспорттә хархәагақәеи.

«Аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер»  ареконструкциа ҟалар ашьҭахь уи аушьҭратә лшара 80,5 нызықьҩык, атранпорттә хархәагақәа ракәзар –  14 нызықь рҟынӡа  иазҳар ауеит. Иаԥҵахоит аҳәынҭқарратә хылаԥшратә усбарҭақәа русзуҩцәеи аҳәаа иахыҵуа ахаҿқәеи рзы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа», - ҳәа иазгәеиҭеит Кирилл Баранов.

Афедералтә автономтә Усбарҭа «Аҳәынҭқарратә експертиза азы Аусбарҭа Хада» (ФАУ «Главгосэкспертиза России») аҟынтәи апроект азы ақәшаҳаҭратә лкаа аиура ашьҭахь аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аҿы аргылара-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагоит.  Ареконструкциа ахыркәшара азԥхьагәаҭоуп 2026 шықәсазы.


Read 56 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:06
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.