Зоура 250-метр рҟынӡа инаӡо амардуан аиҭашьақәыргылара етап-етапла имҩаԥысуеит. Уажәы актәи аетап ахырәшарахь инеиуиет – амардуан абаркьылқәа ажәытә шәыга аҟынтәи ацәахыхреи ҿыц ашәреи ирыдҳәалоу аусурақәа нагӡоуп. Анаҩс иазԥхьагәаҭоуп абетонтә усурақәеи амшцәгьақәа раан ауаа иқәымчаразларц азы арезина ырхәашаны амардуанҿаԥсақәа рыхҟьареи. Апроект иара убас уахынла арлашара азы ҳаамҭа иақәшәо афымцалашара аҟазаара иадҳәалам амратә батареиақәа рыла аус зуа афонарқәеи аплошьадкақәа рыбжьара ауаа рыԥсы еиҭаркларц азы арымӡқәеи рышьақәыргылара азԥхьагәанаҭоит.
Араион ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Кәыҵниа ари амардуан афункционалрацәара азгәеиҭеит.
«Ауаа уи амҩа аркьаҿра азы мацара адагьы, аспорттә ҽазыҟаҵарақәа рызгьы рхы иадырхәуеит. Амардуан иара убас атуристцәа аднаԥхьалоит» - ҳәа иҳәеит ачынуаҩ.
Ақалақь ауааԥсыра иҟоу аиҭакрақәа гәахәарыла ирыдыркылоит. Араҟа инхо аԥҳәыс Екатерина Бигәаа аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа азы ақалақь аҭеиҭыԥш аҿы хра злоу аиҭарақәа маҷӡамкәа иҟалахьеит ҳәа иазгәалҭеит.
«Уажәы иҟарҵо рацәоуп, иаагозар, ацәхыԥқәа, хаҳәцәыла ичаԥоу амҩақәа, амардуан. Иааизакны ақалақь шәҭыкакаҷуеит, ҳара уи даараӡа ҳаигәырӷьоит», - ҳәа илҳәеит лара.
Ари ақалақьтә обиект арҿыцра аҭыԥантәи ауааԥсыра есыҽнытәи рыԥсҭазаара аиӷьтәра адагьы, иааизакны, ақалақь ауааԥсыреи уи асасцәеи рзы акыр игәазырҳагоу Ҭҟәарчал ақалақь аиқәыршәазаара аус иацхраауеит.