Items filtered by date: Ахәаша, 14 Жәабран 2025
Сухум с рабочим визитом посетили мэр города Уфы Ратмир Мавлиев и первый заместитель главы Казани Денис Калинкин
Сухум. 14 февраля 2025. Апсныпресс. Сухум с однодневным рабочим визитом посетили мэр города Уфы Ратмир Мавлиев и первый заместитель главы Казани Денис Калинкин.
Валери Бганба урыстәылатәи аполитик аҳәынҭқарратә усзуҩ Сергеи Бабурин диԥылеит.
Аҟәа. Жәабранмза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба урыстәылатәи аполитик аҳәынҭқарратә усзуҩ Сергеи Бабурин диԥылеит.
Сергеи Бабурин 2008 шықәса раахыс Аԥсны ҳаҭыр зқәу атәылауаҩ ҳәа ахьӡ ихҵоуп. Иара убас уи шьҭа традициала Урыстәыла аҟынтәи ихьыԥшым анаԥшҩыс дҟалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәха рҿы.
Валери Бганба аполитик иҭабуп ҳәа еиҳәеит иааразы, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рыҿиара аганахьала хра злоу иусуразы. Аԥсны Ахада инапынҵақәа назыгӡо Сергеи Бабурин активла ареспублика ауаажәларра-политикатә амшхәаԥштә активла далагалоуп, уи ихатә ҿырԥштәы ала, ипроффесионалреи експертизеи рыла аԥснытәии урыстәылатәи жәлар реилзаара еиҳа еиӷьны аилибакаара аганахьала акыр дацхгаауеит ҳәа иазгәеиҭеит.
Иреиҳаӡоу аӡбарҭаахь иҷыдоу аекономикатә зона “Амра” аԥыхразы Аусԥҟа ззакәанмчы цахьоу усшәҟәны азхаҵаразы азыҳәамҭа нашьҭуп.
Аҟәа. Жәабранмза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 13, 2025 шықәса рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахь инашьҭын ԥхынҷкәынмза 5, 2024 шықәса рзы Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡоз Бадра Гәынба иҭижьыз «Еилоу аҟазшьа змоу иҷыдоу аекономикатә зона «Амра» аҟазаара ҽҳәараанӡа аанкыларазы азы» Аусԥҟа №370 ззакәанмчы цахьоу усшәҟәны азхаҵаразы административтә зашшратә зыҳәамҭа.
Лаша Ашәба Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Апарламент аҟынтәи жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа рделегациа идикылеит.
Аҟәа. Жәабранмза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Апарламент аҟынтәи жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа рделегациа идикылеит.
Адәныҟатәи аполитикеи апарламентбжьаратәи аимадареи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Заза Дриаев зхадараҿы дыҟоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Апарламент аҟынтәи жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа рделегациа аилазаараҿы иҟоуп ааглыхра, аргылара, аимадареи аԥсабаратә ресурсқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Иван Сланови азакәанԥҵара, азакәанреи аҭыԥантәи ахаланапхгареи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыуаҩ Алан Гаглоеви.
Лаша Ашәба асасцәа дырԥыло Аԥсны адепутатцәа ркорпус гәахәарыла ирыдыркылоит Аахыҵ Уаԥстәылатәи жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа рделегациа раҳасабала раара ҳәа иазгәеиҭеит.
«Аахыҵ Уаԥсытәыла ахаҭарнакцәа есымша ҳелекторалтә процессқәа рхы аладырхәуеит. Уи – Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа, Жәлар Реизара-Апарламент ахь алхрақәа роуп. Ҳара аиашьаратә жәларқәа ҳауп, ҳара аимабзиаратә аизыҟазаашьақәа шабжьоуп», – ҳәа иҳәеит Лаша Ашәба.
Аԥсабарахьчаратә прокуратура Амшын Еиқәа аԥснытәи аӡымҽхак иахьаҵанакуа аԥсыӡкра арҟарақәа реилагара иадҳәалоу афактқәа 9 шьақәнаргылеит.
Аҟәа. Жәабранмза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥсабарахьчаратә прокуратура Аԥсны аӡымҽхак иахьаҵанакуа 2024-2025шш. ҭагалан-аӡынтәи аамҭахәҭа азы аԥсыӡкратә наплакқәа рыла Аԥсны аԥсабарахьчаратә закәанԥҵара анагӡара азы планла иазԥхьагәаҭоу агәаҭара мҩаԥыргоит.
Аԥсны иҟоу аԥсыӡусдуларатә наплакқәа иахәҭоу алицензиақәа рымоуп. Урҭ рахьынтә быжьба аԥсыӡкра иалагахьеит.
Иҟоу адыррақәа рыла, иазоужьыз аквота 25 нызықь тонна акамшьиа аҟынтәи, иҟоу аинформациа ала, зынӡа иркхьеит 5 200 тонна рҟынӡа акамшьиа.
Сергеи Шамба: «Сара Гал араион аҿы иҷыдоу аекономикатә зона џьара акала салахәны сыҟаӡам».
Аҟәа. Жәабранмза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Сергеи Шамба аинформациатә Маҵзура Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо, иара Гал араион аҿы иҷыдоу аекономикатә зона џьара акала далахәны дшыҟам, уи аԥҵара азы апроект напхгара шаимҭоз азы аҳәамҭа ҟаиҵеит.