АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынгәыза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  2023 шықәса актәи азыбжазы ашәахтә шәатәқәа раҳасабала атәыла абиуџьет иалагалаз аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ  140 млн 965,8 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, убри аан планла ишьақәырӷәӷәан  111 млн 885,8 нызықь мааҭ.  Аплан анагӡара 126% рҟынӡа инаӡеит. Абри азы иахьа араион актив алархәны Аҳәынҭқарра Ахада  имҩаԥигаз анҭыҵтәи аилатәара аҿы дықәгыло адырра ҟаиҵеит Гәдоуҭа араион ашәахтә инспекциа аиҳабы Рауль Аҩӡба.

Иҳаҩсыз ашықәс азы аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, аизҳара адинамика 113% рҟынӡа инаӡеит (+16 млн 729,3 нызықь мааҭ).

Ашықәс актәи азыбжазы Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк иаҭааит 153 566-ҩык, уи  иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 34 942 –ҩык рыла еиҳауп.  

Афонҿыцтәи аҳаԥы Акомплекс аҳасабырбатә аамҭахәҭа иалагӡаны иаҭааит 94 778 - ҩык.  Уи иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, - 3 309 – ҩык рыла еиҳауп.  

Ԥхынгәымза 1, 2023 шықәсазы иҟаз адыррақәа рыла,  араион аҿы атуристцәеи аԥсшьаҩцәеи раанкыларазы аҭыԥқәа рхыԥхьаӡара – 225, ашьҭаларҭа-ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара –  8 835 рҟынӡа инаӡоит (аиуристтә хаҿқәа ирымоуп 3 930 –шьҭаларҭа-ҭыԥ, хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәа – 4 904).  800 – шьҭаларҭа-ҭыԥ сынтәа ахархәаразы иалагалоуп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи ашахматист ҿарацәа Нестор Багаҭелиа, Баграт Киути Анна Палаванӡиеи, Ирина Винер-Усманова лыхьӡ зху агимнастика Ахан аҿы имҩаԥысуаз  «Moscow Open 2023»  рхы аладырхәит.

Мчыбжьык (ԥхынгәымза 16 инаркны ԥхынгәымза 24 аҟынӡа) имҩаԥысуаз атуринир рхы аладырхәит 8 тәылак рҟынтәи 1 000-ҩык инареиҳаны ашахматистцәа.

Урыстәыла Ахраҿыгара ахәыҷтәы етап аҟны рхы аладырхәит 632-ҩык ашахматистцәа, ахацәа ретап– 308-ҩык, аҳәса ретап  – 109-ҩык.

Ихадоу атурнир аҿы Аԥснытәи ашахматист ҿарацәа ибзиоу алҵшәақәа аадырԥшит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 23, 2023 шықәса.  Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны жәлар Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит.

 

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

 

Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Абираҟ амш!

Ҳреспублика иамоу аҳәынҭқарратә дыргақәа – абираҟ, агерб, агимн ада ҟалашьа амаӡам, урҭ рыда уи ухаҿгьы иузаагом. Урҭ дара рхатә ҭыԥ рымоуп ҳтәыла зегь аҳәынҭқарратә ԥсҭазаараҟнеиԥш, уи иқәынхо дарбанзаалак иԥсҭазаараҟынгьы.

Аҳәынҭқарратә бираҟ амш – шәаргьы ҳаргьы зышьақәыргылара ҳаҿу иахьатәи Аԥсны аҭоурых иахәҭакуп. Ари аныҳәа ҳәынҭқарра ныҳәоуп, ҳажәларгьы ирныҳәоуп. Уи нарҭбааны иазгәарҭоит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟнеиԥш, хара уи анҭыҵгьы.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Аужьҭра-гәаҭаратә Ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» иаԥну аҵакыра  аҿы ауаажәларратә зинеиҿкаареи амашьынақәа рыргылара аԥҟарақәа рықәныҟәареи рганахьала иҟоу аҭагылазаашьа аилкаара хықәыс иҟаҵаны,   анҭыҵтәи агәаҭара мҩаԥигеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.  

Аминистр ареспублика иаҭаауа асасцәа зегьы раԥхьаӡа иргыланы аҳәаа иаԥну аҵакыраҿы азакәанреи азинлеишәеи рыҩаӡара ахьынӡаҳараку ауп ахшыҩзышьҭра зырҭо, иара убри алагьы ауп изҭаауа атәыла аҟынтәи ироуз аныррагьы ахәшьара шарҭо  ҳәа иазгәеиҭеит. «Изеиԥшразаалак  асубиективтә ҭагылазаашьақәа ишьақәыргылоу аԥҟарақәа реилагара рыриашара рылшо иҟам», - ҳәа иҳәеит иара.  

Аҟәа. Ԥхынгәымза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Амцарцәара азы адыррақәа реиӷьтәра иазкыз атеориатәи аԥышәарҳаратәи  аҽазыҟаҵарақәа ашьха иаԥну ақыҭа Ԥсҳәы аҿы   имҩаԥысит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.  

Аҭыԥантәи амцарцәара-еиқәырхаратә ԥыԥшырҭа аусзуҩцәа иҷыдоу аҭагылазаашьақәа раан, ахәҭакахьала, абнара амцакра аан, оптималла азанааҭдырратә усеицура алгоритм аус адулара мҩаԥыргеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 23 рзы Аԥсны иазгәарҭеит Аҳәынҭқарратә  бираҟ  Амшныҳәа.

Ари аныҳәа иазкны амаланыҟәатә, автомотоеиԥхныҩларақәа мҩаԥгахеит. Амашьынақәа, амотоциклқәа, амаланыҟәақәа Ахақәиҭра Ашҭа аҟынтәи Аҟәа араион, Алада Ешыра ақыҭан иҟоу Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав  Арӡынба Имемориал  аҟынӡа имҩасит. Уаҟа ари акциа иалахәыз Амемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Анаҩс автоеиԥхныҩлара иалахәыз Очамчыра араион Кәтол ақыҭан иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарратә Бираҟ автор Валери Гамгиа инышәынҭра ахь амҩа иқәлеит. Араҟа урҭ Валери Гамгиа (29.09.1944 – 21.10.1992)  инышәынҭраҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Ари акциа рхы алыдырхәит 200-ҩык инареиҳаны, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп «Альфард-клуб» алахәылацәа,   амотоциклистцәа рыклубқәа «Абрек», «Аинар», амаланыҟәаныҟәцаҩцәа реилазаара «Ridebike Аpsny» алахәылацәа.

Акциа алахәылцәа Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусзуҩцәагьы рыцын.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Акультура Аминистрра мчыбжьык ала – ԥхынгәымза  24- 31 рзы иҟалараны иҟоу акультуратә хҭысқәа рафиша адгалара мҩаԥнагоит.

Р. Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониа.

Ԥхынгәымза 26, асааҭ 19:00 рзы – аклассикатә музыка аконцерт «Италиаҟа авизит». Уи рхы аладырхәуеит  – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асолистка Нана Черқьезиеи Челиабинсктәи аҳәынҭқарратә филармониа  асолистцәа  Ольга Смоленскаиа, Ирина Головина.

Аԥснытәи аҿартә театр

Ԥхынгәымза 26, асааҭ 19:00 рзы  – абырзен шәҟәыҩҩы  Дмитри Псафас ипиеса амотивқәа рыла иқәыргылоу аспектакль «Амцҳәаҩ даҭахуп».

Ф. Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр (РУСДРАМ)

Аҟәа. Ԥхынгәыза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Москватәи акультура-усуратә Центр «Москва Аҩны» Галтәи ареспубликатә хәышәтәырҭа Хадеи Аҟәатәи ақалақьтә поликлиникеи амедицинатә хархәагақәа  ҳамҭас  ирынаҭеит.

2022 шықәсазы  иарбоу амедусбарҭақәа рхаҭарнакцәа «Москва Аҩны» ахь ихымԥадатәиу амедицинатә хархәагақәа рзы ацхыраара аиуразы иадҵаалеит.    

«Москва Аҩны» апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, ацхыраара ҟаҵахеит аҳәаанырцә иҟоу аидгьылуаа адгылара рыҭара  азы Москва ақалақь Ахадара адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәа рдепартамент апрограмма анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахеит.   Галтәи араионтә хәышәтәырҭа Хадеи Аҟәатәи ақалақьтә поликлиникеи аҳақьым хадацәа Асҭамыр Гамгиеи Лиана Амԥари Аҟәа иҟоу «Москва Аҩны» ироуз ацхырааразы иҭабуп рҳәеит.  

Аҟәа. Ԥхынгәымза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аҳәынҭқарратә бираҟ Амшныҳәа рыдиныҳәалеит.

 

Адныҳәалараҿы иҳәоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу сыуаажәлар!

 

Иахьа ҳара иазгәаҳҭоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш. Акрызҵазкуа ари амш аҽны ҳара иаҳгәалаҳаршәоит 1992 шықәса, ԥхынгәымза 23 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет асессиа аҟны аҳәынҭқарратә бираҟи агерби анышьақәырӷәӷәаз амш. Ари абираҟ ахатәҳәаақәҵареи ахьыԥшымреи рзы ҳажәлар рықәԥара иасимволны иҟалеит.

Абираҟ анышьақәырӷәӷәаха анаҩс хымчыбжьа ааҵуаны, ҳажәлар рзы иԥышәара хьанҭаны иҟалаз аибашьра иалагеит. Ауадаҩрақәа зегьы ириааины урҭ ирылшеит ахьыԥшымра ахьчара, аибашьраҿы аиааира агара. Сынтәа Аԥсны Аҳәынҭқарра ҳҭоурых ҿыц ҳәаақәызҵаз Аиааира амш ныҳәа 30 шықәса ахыҵра азгәанаҭоит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Манагуа ақалақь Ахадара аҿы иҩаԥысит  Аԥсны анапхгаратә делегациеи Мангуа ақалақь ахада Реина Руедеи реиԥылара.

Реина Руеда Манагуеи Аҟәеи аусеицуразы апотенциал ду рымоуп, аҩ-ҳәынҭқаррак раҳҭнықалақьқәа анаҩстәи русуеицура арҿиара иазкны аусура дазхиоуп  ҳәа иазгәалҭеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.

«Цәыббрамза 1, 2021 шықәсазы Аҟәеи Манагуеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы аԥышәала аимадара азы алшара ҳанаҭоит», – ҳәа иазгәалҭеит Реина Руеда.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.