pressadmin-2
Иреиӷьу аспорсмен ихьӡ рылаҳәахоит ԥхынҷкәынмза 25 рзы имҩаԥгахо апремиа «Аԥыза қәыԥш» анашьара иадҳәалоу аныҳәатә церемониа аҿы.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынза 21 рзы Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы «2023 шықәсазы Аԥсны иреиӷьу аспортсмен» иалкаара иазку акомиссиа аилатәара мҩаԥысит, ҳәа адыра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.
Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба, уи ихаҭыԥуаҩцәа Беслан Карчааи Роман Цкәуеи, ахантәаҩы ицхырааҩ Рафаель Амԥар, Аҳәынҭеилакы аспорттә ҟәша аспециалист хада Ерик Лагәлаа, Аҳәынҭқарра Ахада аспорт азҵаарақәа рзы иабжьгаҩ Ахра Ашәба, Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа адиректор Ельза Ҳагба, аспорттә журналист Алеқсандр Коӷониа, ажурналист, аполитолог Инал Хашыг зеилазаараҿы иҟоу акомиссиа инҭырҳәцааны акандидатурақәа зегьы ирыхәаԥшит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы аамҭала иҟоу аҳәаанырцәтәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи ашәҟәы рҭагаларазы иршәо абаџь ахышәаҵышәа 200 мааҭ рыла ишьақәыргылахоит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа «Аҳәынҭқарратә баџь азы» азакәан аиҭакрақәа аларгалеит.
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит Апарламент аҿы Аҳәынҭқарра Ахада есымшатәи ихаҭарнак, аиустициа аминистр Анри Барцыц.
Иарбоу азакәан апроект Аԥсны аҵакыраҿы ашәҟәы иҭаргало аҳәаанырцәтәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи ирымырхуа аҳәынҭқарратә баџь ахышәаҵышәа аиҭакра азыԥхьагәанаҭоит.
Ажьырныҳәа 1, 2024 шықәса инаркны «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы аамҭала иҟоу аҳәаанырцәтәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи ашәҟәы рҭагалара амҩаԥгара аԥҟара ашьақәырӷәӷәаразы» Аԥсны Аминистрцәа реилазаара жьҭаарамза 13, 2023 шықәсазы ирыдыркылаз ақәҵара № 106 азакәанмчы аиуеит. Ашәҟәы аҭагаларазы азакәан ишьақәнаргылаз ахышәаҵышәала ирымххоит аҳәынҭбаџь.
Геннади Пачалиа «Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Геннади Пачалиа «Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
«Шықәсырацәалатәи лҵшәабзиалатәи иусуразы, иҳараку изанааҭдырра азы. «Аԥсны акультура Зҽаԥсазтәыз аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵазааит Ареспублика Аԥсны аҵара зҵо аҿари анаукеи аҵарадырреи русзуҩцәеи рзанааҭеидгыла Ареспубликатә комитет адиректор Геннади Лев-иԥа Ԥачалиа» , – ҳәа иаҳәоит ԥхынҷкәынмза 21, 2023 шықәсазы знапаҵыҩра мҩаԥгаз Аусԥҟа аҿы.
Аҟәа ақалақь, Ахақәиҭра ашҭаҿы ашықәсҿыцазтәи аԥсаӡ хада аартра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, Ахақәиҭра Ашҭаҿы ашықәсҿыцазтәи аԥсаӡ хада аартра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит. Ахақәиҭра ашҭаҿы есышықәсеиԥш, сынтәагьы идырԥшӡеит, аԥсаӡ идыргылаз адагьы, апарк ахы-аҵыхәеи аҩычагақәа шьақәдыргылеит, алаҟәтә персонажқәа рыла идырԥшӡеит. Аус руеит ахаа-мыхаақәеи иԥхоу арыжәтәи ахьырҭиуа апавилионқәа.
Адәахьы аԥша шықәызгьы, ашҭа уаала иҭәын. Арахь имҩахыҵит хыԥхьаӡара рацәала аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцеи. Аконцерт еиҿкаахеит. Араҟа зықәра наӡоу анагӡаҩцәа реиԥш авокалтә студиақәа, аҟазара школ аҵаҩцәа, ансамбльқәа «Иаирума», «Абаза», «Кәыдры» рҟынтәи артист қәыԥшцәагьы ықәгылон.
Ақалақь ахада Беслан Ешба аҟәаа иааиуа Ашықәс Ҿыц аныҳәа рыдиныҳәалеит:
Аҵыхәтәантәи аԥхьарала 2024 шықәсазтәи абиуџьетнҭыҵтә фондқәа ԥшьба рбиуџьетқәа шьақәнарӷәӷәеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа 2024 шықәсазтәи абиуџьетнҭыҵтә фондқәа ԥшьба рбиуџьетқәа рыдыркылеит.
Абиуџьетқәа зегьы адефицит змам биуджетқәоуп.
Аԥсны аелектронтә напынҵамҭа ахархәара алшарақәа рырҭбаара мҩаԥысуеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Апсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа реилатәараҟны аҵыхәтәантәи аԥхьарала «Аҳасабеилыргаратә шәҟәҭагаларазы» азакәан аԥсахрақәа аларгалеит.
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи афинансқәеи рзы апараламентә Еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь.
«Аҳасабеилыргаратә шәҟәҭагаларазы» Ареспублика Аԥсны Азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы азакәан апроект аҳасабеилыргаратә шәҟәҭагалара аусхк аҟны аелектронтә хархәагақәа рырҭбаара, афинанстә гәаҭара аусбарҭақәа рзы аҳасабеилыргаратә ҳасаббара армариара иазырхоуп.
«Иҟоу азакәанԥҵара ахь зыдгалара мҩаԥгоу аиҭакра аиуристә ҵакы змоу аелектронтә усшәҟәқәа реимадара, рхархәара иацхраауеит; афинанстә гәаҭара аусбарҭақәа рзы аҳасабеилыргаратә ҳасабырба аелектронтә формала амаҵзура "1С-Отчетность" ала анашьҭра (аиҿкаара анапхгаҩы иҟантәи агәрагага ыҟазар);.
аҳәынҭқарратә информациатә системақәа аус рыцура армариара», – ҳәа иазгәаҭоуп азакәан апроект иацу аилыркаага аҿы.
Азакәан иалагалахо аиҭакрақәа аелектронтә напынҵамҭа, уи ахкқәеи ахархәашьеи ирыдҳәалахоит.
Аԥсны аруаа алархәны аоператив-мовилизациатә еизгарақәа мҩаԥыргеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 20 – 21 рзы Аԥсны атәылахьчара Аминистрреи аштаб Хадеи Русбарҭақәа аруаа алархәны аоператив-мобилизациатә еизгарақәа мҩаԥыргеит.
Аизгарақәа рҿы аҳәынҭқарра арратә шәарҭадара аиқәыршәара иадҳәалоу актуалра злоу апроблемақәа, ҳаамҭазтәи аетап аҿы урҭ рыӡбаразы амҩақәа рыԥшаара, иара убас ареспублика Арбџьармчқәа рыҿиара ихадоу ахырхарҭақәа алкаан.
Аслан Бжьаниа «Ареспублика Аԥсны Зҽаԥсазтәыз аенергетика аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ахҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. «Ареспублика Аԥсны Зҽаԥсазтәыз аенергетика аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ранашьоуп х-ҩык аенергетика аусзуҩцәа. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Алхас Кәыҵниа Афинанстә Университет аректор Станислав Прокофиев диԥылеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара аҟны иҟоу Афинанстә Университет аректор Станислав Прокофиев диԥылеит.
Аиԥылараҿы ирылацәажәеит Аԥснытәи астудентцәа Афинанстә Университет аҿы рҵара, иара убас Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара аҟны иҟоу Афинанстә Университети Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университети рыбжьара аҩганктәи аусеицура аперспективақәеи ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.
Станислав Прокофиев Ауниверситет аусуреи аспециалист ҿарацәа разыҟаҵареи ртәы еиҭеиҳәеит.
Аԥснытәи аҳазалхыҩцәа ирыԥшааит 4 цырак акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 20 азы Аҳазаләратә ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы иаанкыланы игәаҭан автомашьына «Nissan Terrano». Уи аԥсҟы икын Аԥсны атәылауаҩ. Автомашьына аҩныҵҟа ирбеит 4 цырак акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳазалхратә ҵакыра ашҟа заагара азы аԥкрақәа алагалоу, акриптовалиута арҳара иазку амаругақәа рымырхит.
Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аоперативтә ҟәшеиҵақәа аиқәыршәагақәа изакәанымкәа атәыла алагалара иадҳәалоу аҭагылазаашьа аилкааразы иацҵаны аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит.
Административтә зинеилагара азы аусеилыргара хацыркуп.





