Ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥсатә фонд абиуџьет алагалатә хәҭеи аныхратә хәҭеи -71 миллион 425,9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи рфонд ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи рыла абиуџьет иааизакны – 197 миллион 812,5 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡалоит.
Амҩатә фонд абиуџьет алагалатәи аныхратәи хәҭа азԥхьагәаҭоуп - 130 миллион мааҭ рыла.
Атәанчахәытә фонд абиуџьет алагалатәи аныхратәи хәҭа - 1 миллиард 565 млн. 726,5 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡалоит.