Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, Ахақәиҭра Ашҭаҿы ашықәсҿыцазтәи аԥсаӡ хада аартра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит. Ахақәиҭра ашҭаҿы есышықәсеиԥш, сынтәагьы идырԥшӡеит, аԥсаӡ идыргылаз адагьы, апарк ахы-аҵыхәеи аҩычагақәа шьақәдыргылеит, алаҟәтә персонажқәа рыла идырԥшӡеит. Аус руеит ахаа-мыхаақәеи иԥхоу арыжәтәи ахьырҭиуа апавилионқәа.
Адәахьы аԥша шықәызгьы, ашҭа уаала иҭәын. Арахь имҩахыҵит хыԥхьаӡара рацәала аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцеи. Аконцерт еиҿкаахеит. Араҟа зықәра наӡоу анагӡаҩцәа реиԥш авокалтә студиақәа, аҟазара школ аҵаҩцәа, ансамбльқәа «Иаирума», «Абаза», «Кәыдры» рҟынтәи артист қәыԥшцәагьы ықәгылон.
Ақалақь ахада Беслан Ешба аҟәаа иааиуа Ашықәс Ҿыц аныҳәа рыдиныҳәалеит:
«Ҳаҭыр зқәу Аҟәааи аҳҭнықалақь асасцәеи! Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит иааиуа Ашықәс Ҿыц. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, анасыԥ, ахирра. 2024 шықәсазы раԥхьа ииуа ахәыҷы иҭаацәа ҳамҭас ироуеит 100 нызықь мааҭ», - ҳәа иҳәеит иара.
Иара абрааҵәҟьа ашҭаҿы, Е.Бебиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашара ансамбль «Шьараҭын» асахьаркыратә напхгаҩы Руслан Бебиа ириҭо ахореографиатә мастер-класс алахәхарагьы ҟалоит.
Апрограмма иацуп амузыкатә гәыԥ «Апсны-фолки» Оҭар Хәынцариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлар ринструментқәа ракестри.