АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынгәымза 31, 2023 шықәса, Аԥсныпресс. Аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аусзуҩцәа аҳазылхратә гәаҭара азона «Ԥсоу» иахьаҵанакуа, автомашьынатә хырхарҭа «Експорт»" аҿы Урыстәылатәи афедерациа атәылауаҩ зыԥсҟы икыз автомашьына агәаҭара мҩаԥыргеит. Амашьына асалон аҿы ирыԥшааит иагьимырхит аҭаҭын аалыҵ -  4 760 цыра, уи аҟазаара азы аԥшәма ила заанаҵы изеиԥшразаалак адырра ҟаҵамызт.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет «Атуризм» азанааҭҵара аҩбатәии ахԥатәии акурсқәа рыстудентцәа акурорт «Адәы Ҟаԥшь» аҿы аԥышәарҳара иахысуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит ААУ аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша.

Аԥышәарҳаразы ицаз астудентцәа еиуеиԥшым асасааирҭатә обиектқәа рахь еихшахеит, премиум - класс ҳәа изышьҭоу, хә-иаҵәак змоу асасааирҭақәа «Marriott», «Mövenpick», «Novote», ԥшь-иаҵәак змоу аотельқәа «Ibis Styles», «Courtyard»  уахь иналаҵаны.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ареабилитологцәа Рассоциациа аԥшьгарала, агәабзиарахьчара Аминистрра аҿы уаанӡа «Ани ахшаареи ргәабзиара ахьчара» апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны зынагӡара мҩаԥысуаз  апроект «Афершалтә-ԥҳәысеилыргаратә пунктқәа адгылара рыҭаразы акураторра  асистемақәа» анагӡара аиҭалагара азы алшарақәа ирылацәажәеит.

Аиԥылара мҩаԥысит атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ихантәаҩрала. Уи рхы аладырхәит Асоциациа «Инва-Содействие» анапхгаҩы Алхас Тхагәышев, Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳа, асоциалтә программақәа «World Vision» рзы аменеџьер Рита Басариа, иара убас актәи амедицина-санитартә цхыраара азҵаарақәа рзы аԥшьгаратә гәыԥ алахәыла  Валериа Џьынџьалԥҳа.

Аиԥылара аҿы аминистр ажьырныҳәамза, 2023 шықәсазы акоронавирусттә ҿкы чымазара уахь иналаҵаны, егьырҭ амзызсқәак рыла аамҭала иаанкылаз  иарбоу апроект анагӡара аиҭалагара иаҵоу аҵакы, уи ахықәкызаара атәы изеиҭарҳәеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб афымцамч азҵаарақәа рзы аилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.  

Аилатәара аҿы ирылацәажәеит ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аштаттә усзуҩцәа рхыԥхьаӡара аиҵатәреи категориақәак  ирыҵанакуа аусзуҩцәа руалфахәы ашьҭыхреи ирыдҳәалоу азҵаарақәа. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан афымцамч ахархәара аԥхьаӡагатә приборқәа рышьақәыргылареи афымцамч ахархәаразы ашәатәқәа реизгара ашьҭыхреи рызҵаарақәа.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.   Аԥсшьарахь ицаанӡа Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа асессиа аилатәара аҿы Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думеи Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламненти рыбжьара аусеицуразы есымша аус зуа апарламенттә комиссиа аилазаара дырҿыцит. Есымша аус зуа акомиссиа аилазаара  Апарламент аҟынтәи иалагалоуп:

Аҟәа. Ԥхынгәымза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра Д. И. Гәлиа ихьӡ зху ААУ абиблиотека ҳамҭас ианаҭеит  500 екземплир инарзынаԥшуа ашәҟәқәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп  афилолгиатә профиль ала азанааҭҵара азы аҵара-методикатә цхыраагӡатәқәа – аурыс классикцәеи ҳаамҭазтәи авторцәеи  рсахьарыратә литература.  Абри  азы адырра ҟанаҵоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза  28, ахәаша, Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит  1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра  аҿы Аиааира агара Амш  30- шықәса ахыҵра иазкны аӡысразы иаарту ареспубликатә турнир.

Аицлабрақәа мҩаԥысуан 6 – 16 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рыбжьара.   

Аӡсаҩ қәыԥшцәа доусы рықәратә категориақәеи разыҟаҵара аҩаӡареи инарықәыршәаны еиуеиԥшым адистанциақәа рҿы еицлабуан.

Адистанциақәа 50 динаркны 200 метра рҟынӡа инаӡон.

Аицлабрақәа рҿы зхархәара ҟало аӡысразы астильқәа рыла: брасс, баттерфлиаи, зхы иақәыиҭу, бӷала иӡысуан.

Аицлабрақәа ирылагаанӡа игеит Аԥсны агимн.

Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы аспорт аҟәша аиҳабы Жанна Занҭариа лажәақәа рыла, ари – раԥхьаӡа акәын аӡҭарчы аҿы имҩаԥысуа аӡсразы ареспубликатә турнир ауп, уаанӡа ас еиԥш аицлабрақәа амшын аҿы имҩаԥысуан. Аҟәатәи аолимпиатә ӡҭарчы еиҭашьақәыргыланы ахархәарахь ирыҭан ԥхынгәымза,  2022 шықәсазы.  

Атурнир аихшьаалақәа рыла актәи аҭыԥқәа ааныркылеит: Свиатогор Евдокимов (актәи аҭыԥқәа 4), Алеқсандра Козлова (актәи аҭыԥқәа 3), Тихон Макушин (актәи аҭыԥқәа 3), Софиа Жьиба (актәи аҭыԥқәа 2), Алеқсандр Кравец (актәи аҭыԥқәа 2), Дариа Шалина (актәи аҭыԥқәа 2), Амина Аҩӡба, Никита Головиатенко, Дариа Козлова, Нарсоу Ладариа, Марииа Макушина.

Араӡнытә медалқәа ранашьахеит: Даниил Егупов (аҩбатәи аҭыԥқәа 2), Дариа Козлова (аҩбатәи аҭыԥқәа 2), Алеқсандр Кравец (аҩбатәи аҭыԥқәа 2), Нарсоу Ладариа (аҩбатәи аҭыԥқәа 2), Марииа Макушина (аҩбатәи аҭыԥқәа 2),  Николь Аҩӡба, Ирена Бебиа, Руслан Габуниа, Ҭемыр Габуниа, Уахсиҭ Гәажәба, Владислава Задорожнаиа, Камилла Кәирнаӡе, Марианна Миносиан, Даниил Ҭаркьыл, Дариа Шалина.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза  25- 27 рзы апальматә пынҵау ҳәа изышьҭоу ахәаҷа-маҷа ақәгара иазку атренингқәа мҩаԥысит.  Аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥган Аҟәеи Гагреи апаркқәа рҿы. Аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаара аҿы адгылара ҟаҵан Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара  аҟны иҟоу Афатә-ажәтәи ақыҭанхаҩатә еиҿкаареи рыпроекттә офис  ала. Уи апроект «Ақыҭатә еилазаарақәа ринтересқәа рыхьчаразы ақыҭанхамҩеи абнарақәеи иҭышәынтәалоу рыҿиара» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахеит. Атренингқәа рхы аладырхәит ақалақьқәа рхадарақәа рхаҭарнакцәа, асасааирҭақәеи асанаториақәеи аԥшәмацәа, иара убас аҭыԥантәи апальмақәа ақәӡаара ашәарҭара иахьҭагылаз агәҭынчымра зызцәырнагаз ауааԥсыра.   

Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара  аҟны иҟоу Афатә-ажәтәи ақыҭанхаҩатә еиҿкаареи рыпроекттә офис  аексперт Михаил Қриа аԥхасҭа зырҿио ахәаҷа-маҷа хкқәа раарԥшреи рҿагылареи азы имоу адыррақәеи аԥышәеи атренингқәа ирылахәыз ирызнеигеит.  Атренингқәа абарҭ атемақәа рыла имҩаԥысуан:

Аҟәа. Ԥхынгәымза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Москваҟа, ахәыҷқәеи ахбыџқәеи рзы аԥхынтәи ақалақьтәи аклуб «Аиааира Аԥхынра» ахь иааз аԥснытәи ахәыҷқәа дырԥылеит.   

Аԥхынтәи аклуб Поклоннаиа гора ҳәа изышьҭоу аҭыԥ аҿы иҟоу атәыла Ихадоу арра-ҭоурыхтә Аиааира Амузеи абазала иаԥҵоуп.  

Аҟәа. Ԥхынгәымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, ԥыхьатәи асанаториа ПВО иахьаҵанакуа аинновациатә косметологиеи апластикатә хирургиеи  Рыклиника аатуеит.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  ақалақь аҿы аинспекциатә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны МВО, ПВО ҳәа изышьҭоу ԥыхьатәи арратә санаториақәа  иахьрыҵанакуа 10 корпуск рҿы имҩаԥысуа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа гәеиҭеит.

Амедицинатә маҵзура анапхгаҩы Оксана Полиакова Аҳәынҭқарра Ахада  изеиҭалҳәеит ҩ-еихагылакны иҟоу ахыбрақәа руак аҿы аоперациа ҟаҵарҭақәа ҩба, аҳақьымтә уадақәа 9,  акосметологиатә палатақәа 6 рыҟаҵара шазԥхьагәаҭоу.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.