Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иԥсҭазаара далҵит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Алықьса Шьониа. Лаҵарамза 15, 2023 шықәсазы иара 101 шықәса ихыҵра азгәеиҭеит.
1942 шықәсазы Алықьса Шьониа хатәгәаԥхарала афронт ахь дцеит. Иара далахәын Донбасс, Ҟрым, Керч, Ростов-на-Дону ахақәиҭтәразы аидысларақәа. Ростовтәи аобласти Киеви рхақәиҭтәразы аидысларақәа раан ахәрақәа иоуит.
Алықьса Шьониа иара убасгьы далахәын 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Тҟәарчалҟа инеиуаз амҩақәеи ацҳақәеи аминақәа рыҵеиҵон. Ақалақь ианалахысуаз инапы ахәра аиуит.
Алықьса Шьониа ианашьоуп «Аеҵәа ҟаԥшь» аорден, «Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду» актәии аҩбатәии аҩаӡара змоу аорденқәа, «Асовет Еидгыла Ахьӡ-аԥша» аорден, «Октиабртәи ареволиуциа аорден», еиуеиԥшым ақалақьқәа рхақәиҭтәразы 30 медали Аԥсны «Ахьӡ-аԥша» аорден аҩбатәи аҩаӡара. Зынӡа ианашьоуп 42 ҳамҭа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан иаҭәашьаз «Агәымшәаразы» амедалгьы.