Ареспублика Аԥсны Аџьатә Закәанеидкыла инақәыршәаны, аминистрцәа Реилазаара абиуџьет аҟынтәи зфинасркра мҩаԥысуа аусбарҭақәеи аиҿкаарақәеи русзуҩцәа рџьаԥса ашәара асистема шьақәнарӷәӷәоит. «Аҳәынҭқарратә мчра иреиҳаӡоу аусбарҭақәа рыструктурақәеи аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәеи рҿы аџьахәԥсашәараан амаҵзуратә шьашәаларазы» Азакәан азакәанмчы аанкылара аџьатә закәанԥҵара анормақәа инарықәыршәаны аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи зфинансрка мҩаԥысуа аиҿкаарақәеи аусбарҭақәеи русзуҩцәа рџьаԥса ашәара асистема еицеизеиԥшны аҭышәынтәалара алнаршоит», – ҳәа иҳәеит Анри Барцыц.
22.Ԥхынҷкәын.2023
Апарламент аҳәынҭқарратә мчра иреиҳаӡоу аусбарҭақәа рыструктурақәеи аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәеи рҿы аџьахәԥсашәараан амаҵзуратә шьашәалараз азакәан амчра ацәыӡит ҳәа иазханаҵеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа «Аҳәынҭқарратә мчра иреиҳаӡоу аусбарҭақәа рыструктурақәеи аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәеи рҿы аџьахәԥсашәараан амаҵзуратә шьашәаларазы» Азакәан амчра ацәыӡит ҳәа иазхарҵеит.
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит Аҳәынҭқарра Ахада Жәлар Реизара-Апарламент аҿы есымшатәи ихаҭарнак, аиустициа аминистр Анри Барцыц.
«Ишдыру еиԥш, иабоу аусшәҟәы азакәанԥҵаратә, анагӡаратә, аӡбарҭатә мчрақәа рнапхгаҩцәа, адепутатцәа, аминистрцәа, ақалақьқәеи араионқәеи рнапхгаҩцәа, урҭ рхаҭыԥуаа, амаҵзурақәеи аинспекциақәеи реиҳабацәа рулафахәы рмаҵзура ашьашәалара ҳәаақәнаҵоит.