АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 30 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш азгәарҭоит. Ашәба Лаша Аиааира 30 шықәса ахыҵра амш азы Аԥсны жәлар дрыдныҳәалеит.

 

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

 

Ҳаҭыр зқәу 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа!

 

Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар! 

 

 

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аиааиреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымреи рымш!

1993 шықәса цәыббрамза 30 – ҳара ҳзы аҵак ду змоу рыцхәуп. Аҭоурыхтә ҵакы змоу ари амш иацуп 1992–1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра ахьанҭара зыжәҩа иқәызхыз рызгәдура.

Ампыҵахаларатә ақыртуа архәҭақәа рҿагыларааан иааԥшит Аԥсны жәлар ргәамчи реидгылареи, ҳаибашьцәа - ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәеи еиуеиԥшым арегионқәа рыҟнытә иааны урҭ иарӷьажәҩаны ирыдгылази рфырхаҵареи ргәымшәареи. 

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра ҟалеижьҭеит 30-шықәса ҵит.  Цәыббрамза 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш.  

Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.

Иҭахаз афырхацәа ҳаҭырла иргәаладыршәарц арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Жәлар Реизара –Апарламент адепутатцәа, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аԥсны иҟоу Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика Ахаҭарнакра ахада Гарри Кәпалба, аибашьра аветеранцәеи иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи, ауаажәларра ахаҭарнакцәа.

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан.

Владислав  Арӡынба ҳаҭырла дыргәаладыршәарц арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Апарламент адепутатцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараҿы «Аԥсны Аҳәынҭқарра 2023 шықәсазы Атәанчаҩратә Фонд абиуџьет азы» азакәан аиҭакрақәа алагалара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.  

Апроект адгалара мҩаԥигеит абиуџьети акредиттә еиҿаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы  Беслан Ҳалуашь. 

Аиҭакрақәа ралагалара афонд ахарџьқәа хазы игоу ахырхарҭақәа ркорректировка ахымԥадатәра иадҳәалоуп.

«Атәанчаҩратә еиқәыршәара» аҟәша ала ахарџьқәа 23 млн. мааҭ рыла аизырҳара азы адгалара ҟаҵоуп.  Арҭ ахархәагақәа  Аԥсны жәлар Рџьнџьтәылатәи еибашьраҟны Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра инамаданы  (1150 – ҩык 20-20 нызықь мааҭ), зныктәи аԥаратә цхыраагӡақәа рызшәара иазырхахоит.  

Ашәатәқәа рызшәахоит ԥшь-категориак  ирыҵанакуа атәанчахәы зауа атәылауаа: 

  • 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы хатәгәаԥхарала еибашьуаз, иҭахаз рҭаацәа;
  • 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз рҭаацәа иреиуоу аусура злымшо доусы рыцыԥхьаӡа рзы;
  • 1993 шықәса жьҭаарамза инаркны 1994 шықәса ԥхынҷкәынмзанӡа иҭахаз хатәгәаԥхарауаа рҭаацәа;
  • аинвалидразы атәанчахәы аиуразы азин змоу, 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз рҭаацәа иреиуоу ахаҿқәа.

Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа аламҭалазы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа атәылахьчара Аминистрра акомандаҟаҵаратә еилазаара изаамҭанытәи арратә хьӡқәа ранашьаразы Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит.  

«Аинрал-леитенант» ҳәа изаамҭанытәиу арратә хьӡы ранашьахеит:

Аҳаирҿагыларатә хьчара аинрал-маиор, Арра-ҳаиртә мчқәа ркомандаҟаҵаҩ Адгәыр Гәымба;

Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ, атәылахьчара Аминистрра аматериал-техникатә еиқәыршәара Аусбарҭа анапхгаҩы, аинрал-маиор Нодар Аҩӡба;

Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ, атәылахьчара Аминистрра арезервтә хәҭақәеи аҟәшақәеи разыҟаҵара азы Аусбарҭа анапхгаҩы, аинрал-маиор  Лизберт  Поцхор-оглы.

«Аполковник» ҳәа изаамҭанытәиу арратә хьӡы ианашьахеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа рыштаб Хада анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ, аподполковник Вадим Камкиа.

Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа аԥшьаша, цәыббрамза 28 рзы «Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 30 шықәса ахыҵра» амедаль ранеишьеит Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаа Беслан Ҵәыџьбеи Лизберт Ԥоцхор-огли.

Аиубилеитә медаль иара убас ианашьоуп Аслан Бжьаниа, Александр Анқәаб, Рауль Ҳаџьымба, Мираб Кьишьмариа, Владимир Какалиа, Сергеи Шамба.

Рыԥсҭазаара ианалҵ ашьҭахь «Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 30 шықәса ахыҵра» амедаль ранашьоуп Владислав Арӡынба, Сергеи Багаԥшь, Владимир Аршба, Сулҭан Сосналиев, Сергеи Дбар, Гиви Агрба, Владимир Мқанба, Виачеслав Ешба. 

Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Акциа «Аԥсҭазаара амҩа: Очамчырантәи Ҭҟәарчалҟа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра афырхацәа рышьҭа ихыланы» Очамчыра араион аҿы имҩаԥысуеит.  1000-ҩык инарзныԥшуа, зхыԥхьаӡараҿы   600-ҩык рҟынӡа ашколхәыҷқәа ыҟоу, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан Мрагыларатәи Афронт аҿы ауааԥсыра рзы акызаҵәык излацар ауаз амҩа  ианысуеит.  

Акциа хацырхеит Аҭара ақыҭан асааҭ 09:30 рзы. Амҩан акциа алахәылацәа аибашьраҿы иҭахаз рбаҟақәа рҿы ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵареи Џьгиарда,Ҷлоу ақыҭақәа рҿы аибашьраан иҟаз арратә хәышәтәырҭақәа, иара убас Ҭхьына ақыҭан арратә еродром аҭаареи рзы иаанкылалоит.  Аҵыхәтәан иахьаанкылаз ҭыԥхеит Аҟәарчаԥан ақыҭа. Араантәи ԥхынҷкәынмза 14, 1992 шықәсазы иҵыԥрааит, анаҩс ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рыла илашьҭыз, ахыҷқәа зҭаз аҵәиԥрыга.

Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа Атәылахьчара аминистрра аусзуҩцәа Аиааира амш рыдиныҳәалеит

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Атәылахьчара аминистрраҟны имҩаԥысуаз Аиааира амш иазкыз аныҳәатә еизара далахәын.

Аусмҩаԥгатә мҩаԥысуан Аҟәа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны.

Аҳәынҭқарра Ахада арратә усбарҭа аусзуҩцәа иааиуа Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш рыдиныҳәалеит.

 

"Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!

 

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит иааиуа Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш ныҳәа!

Аԥсны жәлар 30 шықәса раԥхьа имҩаԥысуаз ашьаарҵәыратә еибашьраҟны аиааира агеит иреиӷьыз арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи рыԥсҭазаара ахҭынҵаны.

Аӷа абџьарла деиқәных Аԥсны даналала, уи иҿагылара зылшоны иҟаз  архәҭаны иҟаз Хазы игоу аҩныҵҟатәи архәҭақәа рполк акәын.

Аха аибашьра ахьанҭара аиҳарак ажәҩа иқәлеит усҟан ашьақәгылара иалагаз жәлартә ардыԥхьала. Ашәарыцага шәақьқәеи  иажәхьаз абџьари рыла ажәлар ақәылаҩ иԥылеит Аԥсны мрагылареи мраҭашәареи рганахь ала, атәылахьчаратә ҳәаа шьақәдыргылеит Гәмысҭа аӡиас аԥшаҳәаҟны.

Нанҳәамза 18 рзы иаԥҵан Аладислав Арӡынба дызхагылаз Атәылахьчаразы Аҳәынҭқарратә Комитет. Абас ихацыркхеит атәылахьчара аиҿкааразы иҟаз алшарақәа зегьы.

1992 шықәса жьҭаарамза 2 рзы ҳархәҭақәеи хатәгәаԥхаралатәи аотриадқәеи еидгыланы Гагра аҭарцәра рылшеит.

Усҟан еилкаан Аԥсны Аҳәынҭқарра ахыхьчара зылшоз Ар аиҿкаара шалшаз. 1992 шықәса жьҭаарамза 11 рзы иаҵаҩын Атәылахьчара аминистрреи Аштаб хадеи  раԥҵаразы Аусԥҟа. Ари арыцхә официалл Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа раԥҵара Амш ҳәа иԥхьаӡоуп.

Анаҩстәи ахҭысқәа иаадырԥшит Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа лыҵшәа бзиала аибашьра шрылшоз ҩ-фронтк рыҟны, апозициатә еибашьреи апартизантәи адесанттә операциақәеи, иара убас ақалақь аҩныҵҟеи ашьхарақәеи рыҟны аибашьра еицымҩаԥго.

Иаԥҵан арратә ԥшыхәра, арра-мшынтә флот, артиллериатә мчқәа, авиациа, Аҳауаҟны атәылахьчара. 

Аибашьраҟны аиааира агарала Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рыҿиара ауасхыр азышьҭаҵан.

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин Аԥсны жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа рыдиныҳәалеит.  

Адныҳәалараҿы иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Лаша Ныгәзар-иԥа! Ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа!

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Урыстәыла Ахада Владимир Путин Аслан Бжьаниа Аиааира амш идиныҳәелит.

 

Адныҳәалара атекст аҟны иҳәоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа,

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аныҳәа - Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш.

30 шықәса раԥхьа зхы иақәиҭу аҳәынҭқарра аԥҵаразы азин ашьақәырӷәӷәара зылшаз аԥсуа жәлар рфырхаҵара аԥсуа жәлар хацәнмырха ақәԥараҟны ахақәиҭразы, аҭынч ԥсҭазааразы азин ашьақәырӷәӷәара рылшеит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.