pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада  жьҭаарамзазы иҟаз ақәыршыҩқәа ирхырҟьаны Очамчыра араион иаиуз аԥхасҭа инамаданы, араион ақыҭақәа дырҭааит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа жьҭаарамзазы иҟаз ақәыршыҩқәа ирхырҟьаны Очамчыра араион иаиуз аԥхасҭа инамаданы, араион ақыҭақәа дырҭааит.

Аҳәынҭқарра Ахада ақыҭақәа Аӡҩыбжьа, Кындыӷ, Маркәыла, Очамчыра ақ. Дырҭааны ибеит. Уи ицын аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, аҷыдалкаатә ҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа, Очамчыра араион  Администрациа ахада Беслан Бигәаа, ШЬАУ аиҳабы Ҭемыр Агрба.

Арҭ аиланхарҭа ҭыԥқәа рыҟны аҩнқәа аӡы рыҵалеит, амҩақәа аӡәӡәеит. Аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны ахатәы ҩнқәа акыр аԥхасҭа роуит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Арбџьармчқәа рнапхгараҭареи хаҭалатәи аилазаареи риубилеи – Аԥсны Арбџьармчқәа аԥҵоижьҭеи 30 - шықәса аҵра рыдиныҳәалеит.

«Ҳаамҭазтәи аетап аҟны ари афлоти рҿаԥхьа– аҳәынҭқарра арратә потенциал арӷәӷәара, ҳаамҭа иақәшәо атәылахьчара амчқәа рышьақәгылара,  ззанааҭтә ҩаӡара ҳараку акадртә резерв аԥҵара, уҳәа ахыдҵа ҿыцқәа ықәгылоуп. Ҳәара аҭахума, аибашьра адәы иаӡрыжәхьоу, иҟарҵаз аҭоубеи руалԥшьеи ламысцқьала иназыгӡо Арбџьармчқәа, атәыла анапхгареи ажәлари рыцхыраарала арҭ ахыдҵақәа шьахәлаҵәҟьа рынагӡара рылшоит, - ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә шәҟәы аҿы.

***   *** Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩцәеи хаҭалатәи аилазаареи рахь.

Аԥсуа жәлар зегьи шәареи Аԥсны Арбџьармчқәа аԥҵоижьҭеи 30 - шықәса аҵра шәыдысныҳәалоит! 1992 шықәсазы, ақырҭуа мпыҭахалыҩцәа бџьаршьҭыхрала ҳаԥсадгьыл рақәлара иахҟьаны ҳажәлар арыцҳара ду ианҭагылаз аамҭазы, акыр зҵазкуа аусшәҟәқәа рыдкылара мҩаԥган – «Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аԥҵаразы», «Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа р-Штаб хада аԥҵаразы», «Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Ақәҵарақәа. 

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 11 - Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа ирымшуп

Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба  АԥсныАҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рымш азы  Атәылахьчара аминистр Ануа В. И. ихьӡала адныҳәалара ишьҭит.

 

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

 

"Ҳаҭыр зқәу Атәылахьчара аминистрра аррамҵзурауаа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа рветеранцәа! 

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа  хаҭалатәи аилазаареи аветеранцәеи ирыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа рымш.

Ҳара ҳрызгәдууп Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа хьӡи-ԥшеи змоу рҭоурых адаҟьақәа. Ари аҭоурых аҟны аҭыԥ ҷыда ааникылоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Арӡынба  – 30 шықәса раԥхьа, Аԥсны жәлар рзы илахьынҵаӡбаганы иҟалаз Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Атәылахьчара аминистрреи Аштаб хадеи раԥҵаразы Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Аусԥҟа знапы  аҵазҩыз.

Хашҭра рықәым, ҳгәалашәараҿы наунагӡа иаанхоит Аԥсуа ар аиҿкаареи ашьақәгылареи рус аҟны злагаламҭа дуу Владимир Аршба – Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара актәи аминистр, Султан Сосналиев – Аштаб хада аиҳабы, атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ.

Ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит уинахыстәи Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара аминистрцәа зегьы. 

Аҟәа.  Жьҭаарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рымш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.

Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа аррамҵзурауаа, аветеранцәа, ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа аԥҵоижьҭеи 30 шықәса аҵра рымш.

Ҳара ҳажәлар атәылазы иуадаҩыз аамҭақәа раан – 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз ишьақәгылаз Арбџьар мчқәа ирызгәдууп.

1992 шықәса жьҭаарамза 11 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы, ҳажәлар рԥыза ду Владислав Григори-иԥа Арӡынба «Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аԥҵаразы», «Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа р-Штаб хада аԥҵаразы», «Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Ақәҵарақәа инапы рыҵаиҩит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура 9-тәи аҟәша аиҳабы  Руслан Чепи-иԥа аусеилыргара амҩаԥгара аамҭа иалагӡаны имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура апресс-маҵзура.

Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура 9-тәи аҟәша аиҳабы  Руслан Чепи-иԥа аусеилыргара амҩаԥгара аамҭа иалагӡаны имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура апресс-маҵзура.

Аҟәа. Жьҭаарамза 10,  2022 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион абылрацәыхьчара-еиқәырхаратә хәҭа аусзуҩцәа амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа рықәгара иазку аусмҩаԥгатәқәа нарыгӡоит, ҳәа иаанацҳауеит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура. Иқәыргоит иара убас аԥшацәгьы иахҟьаны Кындыӷ абжьаратәи ашкол ихнахыз  ахыбрагьы.

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны асезонтә грипп чымазара аҟынтәи алаҵа аҟаҵара иалагоит иааиуа амчыбжь инаркны, ҳәа адырра ҟанаҵоит агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Агәабзиарахьчара Аминистрра иамоуп агрипп чымазара апрофилактика иазку х-нызықь доза рҟынӡа инаӡо алаҵа «ВаксигрипТетра».

Аҟәа.  Жьҭаарамза 11,  2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев дидикылеит.  

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш аҩганк рзы аинтересс зҵоу азҵаарақәа жәпакы рыла агәаанагарақәа реимадара.

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Ареспублика аҿы цәыббрамза 27 инаркны аус ауан аҳақьым Шаталов ихьӡ зху абла амикрохирургиа Ацентр аблабара адиагностика азы еиҭаҵуа акомплекс.

Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аусура аамҭа иалагӡаны аҳақьымцәа 888-ҩык рыблабара гәарҭеит.  Урҭ аус руан Гал, Ҭҟәарчал, Очамчыра араионқәа рыҟны.

Аиҳарак ауааԥсыра рыҟны иаарԥшын акатаракта ҳәа изышьҭоу аблачымазара, еиҳа еиҵоуп агиперметропиа,  аглаукома ҳәа изышьҭоу аблачымазарақәа змоу.

Адиагностикатә центр Аԥсны аусура ацҵара азԥхьагәаҭаны иамоуп жьҭаарамза 17 инаркны. Усҟан Аԥсны егьырҭ араионқәа рыҿгьы ауаа рыблабара агәаҭара алыршахоит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.