АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Хәажәкыр.2023

АТУРИСТЦӘА АԤСНЫ РЫҞАЗАРААН ЕИУЕИԤШЫМ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА РҾЫ РХЫМҨАԤГАШЬА АЗЫ ЕИЛКААУ АМҨАҚӘҴАГА РЫМАЗАР АХӘҬОУП.

Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атуристцәа рыбгаԥсаҟаҵара  иадҳәалоу азҵаарақәа ирзааҭгылеит Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хишбеи Урыстәылатәи Абгаԥсатә Еилазаара (РСО) «Евроинс» аҿга адиректор Андреи Тиурини, ҳәа иаанацҳауеит атуризм Аминистрра апресс-маҵзура.

Ҭеимураз Хишба иажәақәа рыла, 2024 шықәсазы, Аҟәа аҳаирбаӷәаза аартра аныҟалалак ашьҭахь Аԥсныҟа иаауа атуристцәа рхыԥхьаӡара иазҳауеит. Ареспублиа акурортқәа урыстәылатәи атуристцәа ирзыԥшуп, урҭ рыԥсшьаразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵарагьы иазхиоуп. 

Андреи Тиурин атуристцәа Аԥсны рыҟазараан еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы рхымҩаԥгашьа азы еилкаау амҩақәҵага рымазар ахәҭоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.  


Read 191 times - Аҩаша, 07 Хәажәкыр 2023 21:48
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.