АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Хәажәкыр.2023

ИНАЛ АРӠЫНБА: АԤСНЫ ЖЕНЕВАТӘИ АИЛАЦӘАЖӘАРАҚӘА РҾЫ УРЫСТӘЫЛЕИ ААХЫҴ УАԤСТӘЫЛЕИ ИАКУ АКОМАНДАК АҲАСАБАЛА ИРЫЦНЫ ИҚӘГЫЛОИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рышьақәыргылара азы Жәларбжьаратәи Женеватәи аилацәажәарақәа – ари Аԥсны ахаҭарнакра ахьамоу уажәазы уаҳа зда ыҟам жәларбжьаратәи аформат ауп. Абри атәы ателеканал «Соловьёв Live» аефир аҿы дықәгылауа иҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.

Инал Арӡынба иажәақәа рыла, Аԥсны иарбоу аилацәажәарақәа рҿы Урыстәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи иаку акомандак аҳасабала ирыцны иқәгылоит.

«Рыцҳарас иҟалаз, уажәы, ишьақәгылаз жәларбжьаратәи агеополитикатә ҭагылазаашьа инамаданы, Женеватәи адискуссиақәа рыплошьадка аҿы ашьақәхара цәырҵны иҟоуп, аха ҳара агәыӷра ҳамоуп ари аплошьадка аҿы ихадоу ҳхықәкы – Қырҭтәылеи ҳареи амчра ахархәара мап ацәкра азы еицҭакԥхықәроу аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҵара алыршахап ҳәа.  Уи – Қырҭтәыла ала Аԥсны асуверенитет азхаҵара ахь ицәырызго шьаҿаны иҟоуп. Иазгәаҭатәуп, иахьа уажәраанӡагьы мрагыларатәи атәылақәа жәпакы ргәаанагарала ҳара ҳсепаратистцәаны ҳаанханы ҳшыҟоу», - ҳәа иазгәеиҭеит адәныҟатәи аусқәа рминистр.

Аминистр Ааигәатәи Мрагылара Аԥсны адәныҟатәи аполитика ихадоу ахырхарҭақәа ируакуп ҳәа иазгәеиҭеит. «Аԥсны уажәы Шьамтәыла, Ливан, Афганистан аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара азы активла аусура мҩаԥнагоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Инал Арӡынба Қырҭтәыла излауа ала Аԥсны жәларбжьаратәи аконтактқәа рыԥхьырҟәҟәаара азы ҵыхәаԥҵәарада аҽазышәарақәа мҩаԥнагоит ҳәа иазгәеиҭеит.


Read 221 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.