АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Хәажәкыр.2023

АԤЫԤШЫРҬА “ԤСОУ” АҾЫ АШӘҞӘЫ ҞАԤШЬ ИҬАГАЛОУ АДӘЫБӶАҶ АИАГАРА АԤХЬЫРҞӘҞӘААРА АЛЫРШАХЕИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аусзуҩцәа амашьынамҩатә хырхарҭа «Експорт» аҿы автомашьына агәаҭара мҩаԥыргеит.  Агәаҭараан амашьына асалон аҿы  ихҵәаны еиқәыршәаз, зыкапан 94,3 кьыла рҟынӡа инаӡоз, Аԥсны аҳазылхратә территориа аҟынтәи зыиагара ҟамло адәыбӷаҷ амахәқәа рыԥшааит.  Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аофициалтә саит.

Адәыбӷаҷ ҳәа изышьҭоу, аиаӡаара иаҿу, ашәҟәы Ҟаԥшь иҭагалоу ҵиаа хкуп.  

Иарбоу административтә зинеилагара азы аматериалқәа зегьы аусеилыргаразы Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аҳазылхратә  усеилыргарақәа рыҟәша ахь инашьҭуп. 


Read 188 times - Амҽыша, 02 Мшаҧы 2023 14:18
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.