АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Хәажәкыр.2023

АБИУЏЬЕТИ АКРЕДИТТӘ ЕИҾКААРАҚӘЕИ АШӘАХТӘҚӘЕИ АФИНАНСҚӘЕИ РЗЫ АИЛАК «АФИНАНСТӘ ҚЬЫРА (АЛИЗИНГ) АЗЫ» АЗАКӘАН АПРОЕКТ АҨБАТӘИ АԤХЬАРАҾЫ АДКЫЛАРА АЗЫ АБЖЬГАРА ҞАНАҴОИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 6,  2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Беслан Ҳалуашь хантәаҩра ззиуаз абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы апарламенттә еилакы аилатәара аҿы азакәан апроектқәа ҩба ирыхәаԥшит.  

«Афинанстә қьыра (ализинг) азы» азакәан апроект афинанстә қьыра (ализинг) азинтәии аиҿкаара-економикатә ҷыдарақәа алнакаауеит. Иарбоу азакәан апроект азкуп афинанстә қьыра, ахатәтәҩы изинқәа, аинвестициатә процесс иалахәу рзинқәа рыхьчара, аинвестициа алагалара хырҳага аманы аҟаҵара шьаҭас иаҭаны аарыхра ахархәагақәа рзы аинвестициақәа рформақәа рырҿиара.

Аилацәажәараан аилатәара алахәцәа ахәаԥшит адепутат Инар Гыцба ирыдигалаз арҽеирақәа жәпакы, азыӡбагьы рыдыркылеит абарҭ арҽеирақәа ҳасаб рзуны, Апарламент иабжьыргарц «Афинанстә қьыра (ализинг) азы» азакәан апроект ааигәа имҩаԥысраны иҟоу асессиа аилатәараҟны аҩбатәи аԥхьараан ишьақәырӷәӷәазарц.

Ари азакәан апроект рыдыркылахьан 2021 шықәса цәыббрамза 29 рзы актәи аԥхьараан. 

Аилак алахәцәа иара убас иалацәажәеит «Аинвестициатә усуреи ашәахтәқәҵареи русхк аҟны азакәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагаразы» азакәан апроект.

Апроект хықәкы хаданы иамоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра хазы игоу административтә-адгьылҵакыратә акақәа рыҟны, хықәкыла, Гәылрыԥшь, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа рыҟны аинвестициатә процессқәа рхацыркразы ашәахтәтә зин ҷыдақәеи урҭ риуразы аҭагылазаашьақәеи разгәаҭарала азинтә шьаҭақәа раԥҵара.

 


Read 175 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.