АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Хәажәкыр.2023

ИМҨАԤЫСИТ ИЗАКӘАНЫМКӘА АКРИПТОВАЛИУТА АРҲАРА АҾАГЫЛАРА АЗЫ АШТАБ АИЛАТӘАРА.

Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб изакәанымкәа акриптовалиута арҳара азы ареспубликатә Штаб изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥигеит.

Аилатәара аҿы ирылацәажәеит изакәанымкәа афымцамч ахархәара аԥхьырҟәҟәаара азы имҩаԥысуа аусура абжьаратәи алҵшәақәа.

Имҩаԥгаз аусура иалҵшәаны, иҳаҩсыз ҩымчыбжь ирылагӡаны афымцацәаҳәақәа рықәыӷәӷәара аларҟәра алыршахеит, аха аҵыхәтәантәи хымш рыла афымцамч ахархәара арбагақәа ҩаԥхьа иазҳаит.

Убри инамаданы, Ареспубликатә унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч», Аҳәынҭстандарт алархәны, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи аҳәынҭқарратә шәарҭадаразы Амаҵзуреи аҭыԥантәи ахадарақәеи  рыцхыраарала  ақалақьқәеи араионқәеи рҿы изакәанымкәа ишьақәыргылоу атрансформаторқәа реимыхра иадҳәалоу аусура ацҵара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.


Read 250 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.