АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Хәажәкыр.2023

ԤШЬ-НЫЗЫҚЬ ЦЫРА ИНАРЕИҲАНЫ АСИГАРЕҬ РЫМЫРХИТ АԤСНИ УРЫСТӘЫЛЕИ ИРЫБЖЬОУ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҲӘАА АҾЫ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы  аҳазылхратә Ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аконтрабати аҳазылхратә зинеилагарақәеи рыԥхьырҟәҟәаара аҟәша аусзуҩцәа  ашьаҟамҩатә хырхарҭа «Экспорт» аҳазылхратә гәаҭара азона  аҿы даанкыланы дгәарҭеит Аԥсны атәылауаҩ. Атәылауаҩ инапылеидара агәаҭараан идырбалеит иагьимырхит  зхыԥхьаӡара 4580 цыра рҟынӡа инаӡоз Аԥсны акцизтә еизга адырга змаз аҭаҭын аалыҵ.

Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, иарбоу административтә зинеилагара азы аматериалқәа зегьы аусеилыргаразы Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аҳазылхратә  усеилыргарақәа рыҟәша ахь инашьҭуп. 


Read 245 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.