Аԥыза-министр аилатәара иалахәыз рахь ихы рханы иарбоу аҩны аҿы инхоз ауааԥсыра даҽаџьара рнырхара апроцесс арццакра шхымԥадатәиу азгәеиҭеит. Алеқсандр Анқәаб иажәақәа рыла, иарбоу аусмҩаԥгатә азы аԥаратә хархәагақәа ҳазҭоу ашықәс абиуџьеҭ аҿы иазԥхьагәаҭоуп.
06.Хәажәкыр.2023
АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ НАӠАӠЕ ИМҨАЛА ИГЫЛОУ АҨНЫ АҾЫ ИНХО АУАА ДАҼАЏЬАРА РНЫРХАРА АЗҴААРАҚӘА РЫЛА АИЛАТӘАРА МҨАԤИГЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Наӡаӡе имҩала игылоу аҩнеихагыла №3 аҿы инхо ауаа даҽаџьара рнырхара иадҳәалоу азҵаарақәа ирызкын атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб иҿы имҩаԥысыз аилатәара. Уи рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, уи ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ашәба.
Аҳҭнықалақь ахадара анхарҭа ахәԥса ахарҭәаара, мамзаргьы уаанӡа изыҩназ анхарҭаҭыԥ амыцхәра аҳасабала даҽа нхарҭаҭыԥ ала реиқәыршәара азы заанаҵтәи аӡбамҭақәа рзы адырра рыҭан.