АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Хәажәкыр.2023

АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИМҨАԤЫСИТ АСАХЬАРКЫРАТӘ ГИМНАСТИКА АЗЫ АХӘЫҶТӘЫ-ҚӘЫԤШТӘ СПОРТ ШКОЛ ИААРТУ АԤХЬАХӘГАРА.

Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит асахьаркыратә гимнастика азы аицлабрақәа, ҳәа иаанацҳауеит аҳҭнықалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа.     

Асахьаркыратә гимнастика асекциа аатит ажьырныҳәамза, 2023 шықәсазы Аҟәатәи ахәыҷтәы-қәыԥштә спорт школ №1 аҿы.

Агимнасткацәа азыҟалҵоит Краснодартәи атәылаҿацә аҟынтәи ааԥхьара зауз азыҟаҵаҩ Ирина Китаева. Асекциа аҿы рҽазыҟарҵоит  2009-2011 шш. рзы ииз 80-ҩык рҟынӡа аӡӷабцәа.  

Ари аспорттә усмҩаԥгатә рхы аладырхәит ахәыҷтәы спорттә школ ааӡамҭацәеи арратә қалақь аҟынтәи ааԥхьара зауз агәыԥи. Зынӡа аицлабрақәа ирылахәын 100-ҩык инарзынаԥшуа.

Аҽазыҟаҵарақәа ирылагеижьҭеи митәык шымҵуагьы, аӡӷабцәа рдырақәеи рҟазареи рырбара рылшеит. Алахәылацәа зегьы аҳҭнықалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа ахьӡла аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьахеит, иара убас Аԥсны асахьаркыратә гинастика Афедерциеи аицлбрақәа рыспонсор хада, афирма «Магнит» рҟынтәи аҳамҭақәа роуит. 


Read 187 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.