pressadmin-2
АПРОКУРАТУРА ХАДА АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ИНАПЫНҴАҚӘА РЫНАГӠАРА АЗЫ ИНАЦҴАНЫ ААМҬА АҬАХУП.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа асоциалтә каҭақәа рыҟны афымцамчтә усхк аҟны аԥаратә хархәагақәа рӷьычра аҭыԥ амоуп ҳәа ицәырҵыз адокументқәа рҵыхәала уаанӡа иҟаиҵаз адҵа ахьынӡанагӡоу инамаданы, Амчратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәа алархәны изаамҭанытәиу аилацәажәара мҩаԥигеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокурор хада Адгәыр Агрба атәыла Ахада адырра ииҭеит имҩаԥгоу аусурақәа рзы. Иара иҟаиҵаз адыррала, ҳазҭоу ашықәс абҵарамза 16 инаркны мҽхакы ҭбаала аусура мҩаԥгоуп, урыстәыла аганахь ала аиқәшаҳаҭра абжьаҵара иадҳәалаз аминистррақәеи аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәа зегьы иразҵаан. «Ҳазҭагылоу аамҭазы иахәҭоу ажәанҵақәа дәықәҵоуп, аекспертиза дәықәҵоуп изықәнагоу аусбарҭа ашҟа. Агәаҭарақәа рымҽхак аҭбаареи рымҩаԥгара иацу ауадаҩрақәеи ҳасаб рзуны ари аамҭа азхартә иҟам. Аамҭа аҭахуп, аха иалкааны аҿҳәара шьақәыргылара алшаӡом», - ҳәа иҳәеит Адгәыр Агрба.
ԤХЫНҶКӘЫНМЗА 6 РЗЫ МОСКВА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИМҨАԤЫСРАНЫ ИҞОУП АСОЦИАЛ-ЕКОНОМИКАТӘ УСЕИЦУРА АЗЫ АԤСНЫ-УРЫСТӘЫЛАТӘИ АНАПХГАРАБЖЬАРАТӘИ АКОМИССИА АИЛАТӘАРА.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 6 рзы, Москва ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицура азы Анапхгарабжьаратәи акомиссиа изаамҭанытәиу аилатәара аламҭалаз, атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Анапхгарабжьаратәи Акомиссиа аԥсуа ган алахәылацәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.
Аилатәара аҿы аҩганктәи аилацәажәара ахь ицәыргахараны иҟоу аусшәҟәқәа рыпроектқәа шьақәыргылан.
АПАРЛАМЕНТ АҞНЫ АԤСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТ АИҲАБЫ ЛАША АШӘБЕИ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АФЕДЕРАЛТӘ ЕИЗАРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДУМА АХАНТӘАҨЫ ВИАЧЕСЛАВ ВОЛОДЛИНИ ОФИЦИАЛЛА РЕИԤЫЛАРА МҨАԤЫСИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥарламент аҟны имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володини официалла реиԥылара. Урҭ ирҳәеит адепутатцәа рҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа рыӡбара иазку русеицура алҵшәа бзиақәа шамоу.
Апарламентқәа рхадацәа алацәажәеит ҩ-ганктәи амш азҵаараҟны иқәгылоу иактуалтәу азҵаарақәа. Урҭ рахьтә ихадараны иалкаан аус зуа аиқәшаҳаҭратә база анагӡара шымҩаԥысуа хылаԥшра аҭара.
АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАҞНЫ АОФИЦИАЛТӘ ВИЗИТ АХЫРКӘШАРА АШЬҬАХЬ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДУМА АДЕЛЕГАЦИА МОСКВАҞА ИХЫНҲӘИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны официалтә визитла иҟаз Урыстәылатәи федерациаА Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин напхгара зиҭоз аделегациа иахьа Москваҟа ихынҳәит.
В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаиртә баӷәазаҟны аделегациа наскьаргеит Аԥсны Ахада Аслан Бжаниа, Аԥыза-министр Александр Анқәаб, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба; Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаа Фазлыбеи Аҩӡба, Асҭамыр Аршба, Ашот Миносиан, Апарламент адепутатцәа, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу УА Аҷыдалкаатәи Азинмчи змоу Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.
АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА УРЫСТӘЫЛА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДУМА АДЕЛЕГАЦИА ИДИКЫЛЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аделегациа идикылеит.
Имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володини реиԥылара.
Аиԥылара иалахәын: аԥсуа ган аҟнытә – Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥыза-министр Александр Анқәаб, Аԥсны Ахада Иубарҭа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба;
АИҚӘЫРХАҨЦӘА ХАБАРДА ИБЖЬАӠЫЗ АЛАДА ЕШЫРА АҚЫҬАН ИНХО АХАҴА ИԤШААРА ИАҾУП.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра абылраҽыхьчаратә Маҵзура аусзуҩцәеи шәагаала имаҷу аӷбқәа рзы аҳәынҭқарратә инспекциа аусзуҩцәеи абар шьҭа ҩымш ирылагӡаны хабарда ибжьаӡыз, Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан инхо, 1946 шықәса рзы ииз Арам Даваџьиан иԥшаара иаҿуп, ҳәа иаанацҳауеит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.
АԤСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТИ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АФЕДЕРАЛТӘ ЕИЗАРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДУМЕИ АУСЕИЦУРАЗЫ АИҚӘШАҲАҬРА РЫБЖЬАРҴЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2022 шықәса. Аԥсныпрес. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламенти Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думеи аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба имҩаԥигеит Виачеслав Володин напхгара зиҭо Аԥсны Аҳәынҭқарра официалтә визитла иаҭааз Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума аделегациа злахәыз инарҭбаау аиԥылара.
Аиԥылара иалахәын Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент VII ааԥхьара адепутатцәа.
Аиԥылара ахыркәшамҭаз Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володини аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
ВИАЧЕСЛАВ ВОЛОДИН АԤСНЫ ЖӘЛАР РЏЬЫНЏЬТӘЫЛАТӘИ ЕИБАШЬРА АҾЫ ИҬАХАЗ РМЕМОРИАЛ АМҴАН АШӘҬШЬЫҴӘРАҚӘА ШЬҬЕИҴЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра официалла аҭаараан Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз аибашьцәа рыхьӡала Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны игылоу абаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.
АԤСНЫҞА АУСУРАТӘ ВИЗИТЛА ИААИТ УРЫСТӘЫЛТӘИ АФЕДЕРАЦИА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДУМА АОФИЦИАЛТӘ ДЕЛЕГАЦИА.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥшьаша, ԥхынҷкәынмза 1 азы Аԥсныҟа аофициалтә визитла иааит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума аофициалтә делегациа. Уи напхгара аиҭоит Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин.
В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза аҿы урыстәылатәи аделегациа ирԥылеит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, уи ихаҭыԥуаҩцәа Фазлыбеи Аҩӡба, Асҭамыр Аршба, Ашот Миносиан, жәларбжьаратәи аимадареи аидгьылуа рымадареи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Алхас Барцыц, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аделегациа аилазаара аҿы иҟоуп: Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Неверов, Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара аусқәа рхы, евразиатәи аинтеграциеи аидгьылуаа рымадареи рзы адуматә Еилакы ахантәаҩы Леонид Калашников, атәылахьчара азы адуматә Еилакы ахантәаҩы Андреи Картаполов, атуризми атурисстә инфраструктура аҿиареи рзы адуматә Еилакы ахантәаҩы Сангаџьи Тарбаев, жәларбжьаратәи аусқәа рзы адуматә Еилакы ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Светлана Журова, Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара аусқәа рхы, евразиатәи аинтеграциеи аидгьылуаа рымадареи рзы адуматә Еилакы ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Константин Затулин.
АСЛАН БЖЬАНИА: ВИАЧЕСЛАВ ВОЛОДИН ИААРА АԤСНИ УРЫСТӘЫЛЕИ РЫЖӘЛАРҚӘ РИНТЕРЕСҚӘА ИШРЫЗКХО, ҲГӘААНАГАРАҚӘА РЕИЗААИГӘАТӘРА ИШАЦХРААУА, АЛҴШӘАҚӘА РЫМАНЫ ИШЫҞАНАҴО АГӘРА ГАНЫ СЫҞОУП.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин дидикылеит
Имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Виачеслав Володин напхгара ззиуа УА Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума аделегациеи реиԥылара.
Аҳәынҭқарра Ахада асасцәа аҧсшәа раҳәо, иазгәеиҭеит аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аимадара арҿиара, иара убас апарламентбжьаратә усеицура аԥхьаҟа аиҳахара иамоу аҵакы.
«Ҳара ҳзы гәахәароуп ҳаиашьаратә Урыстәыла ахаҭарнак, Урыстәыла зегь реиҳа зыҩаӡара ҳараку анапхгаҩы дсасны дахьаҳҭоу. Агәра згоит Шәара шәаара ҳаимадара даҽакала арҿыхара шалшо, ишәымоу аҧышәа ду, хымҧада, уажәраанӡа иаҳзымыӡбац азҵаарақәа рыӡбара ишацхраауа. Убри аҟынтә, Шәара шәаара, Урыстәылеи Аԥсни рыжәларқәа ринтересқәа ишрызкхо, ҳгәаанагарақәа реизааигәатәра ишацхраауа, алҵшәақәа рыманы ишыҟанаҵо. Бзиала шәаабеит, Аҧсны. Иҭабуп, Шәара шәахьаҳҭааз», - иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәыла анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит иааиԥмырҟьаӡакәа иҟарҵо ацхырааразы.








