pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны ауааԥсыра Ашықәс Ҿыц аламҭалазы ДЖәР, ЛЖәР, Херсонтәии Запорожтәии аобластқәеи рахь агуманитартә цхыраара ашьҭра аиҿкаара аҽалархәразы агәазыҳәара аадырԥшит.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адҵа ала, Аԥсны араионқәа рҿы амандарина адкыларазы апунктқәа еиҿкаахоит.

Аԥшьаша, ԥхынҷкәынмза 8 рзы,  асааҭ 10:00 инаркны 18:00 рҟынӡа, араионқәа рҿы инхо ауааԥсыра рыура амандарина абарҭ аҭыӡҭыԥқәа рахь иааргар алшоит:

Аҟәа араион, Гәымсҭа ақыҭа (ЗҲәА Аԥсны аҭаҭын);

Ақалақь Очамчира, Шьынқәба имҩа, аҩны №65, (араион Ахадара ахыбра аҿаԥхьа аплошьад аҿы),

Ақалақь Гәдоуҭа, Гәлиа имҩа (Гәдоуҭатәи автостанциа);

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза   6, 2022 шықәса рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Азербаиџьан атәылуаҩ  Мамедов Жавид Маликоглу, Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа – Масальски Евгени Иван-иԥеи Богданова Серафима Иван-иԥҳаи рганахьала ахарадҵатә ӡбамҭа аднакылеит.  Иарбоу ахаҿқәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 224, ахәҭа 3, апункт «в»  (анаркотикатә маҭәашьарқәа еизакны мҽхакы ҭбаала изакәанымкәа раахәареи реиҭарсреи) инақәыршәаны ацәгьоура аҟаҵара аҿы ахара рыдҵан, ҳәа иаанацҳауеит Апрокуратура Хада аофициалтә саит.  

Жавид Мамедови Евгени Масальскии рхьырхәра аҳасабала зрежим рӷәӷәоу ариашаратә колониа аҿы 15 шықәса аҭакрала ахгареи 800 нызықь мааҭ аҳәынҭқарра ахашәалахәы азы ахараԥса ашәареи рықәҵоуп. Серафима Богданова лхьырхәра аҳасабала азеиԥш режим змоу ариашаратә колониа аҿы 15 шықәса аҭакрала ахгареи 800 нызықь мааҭ аҳәынҭқарра ахашәалахәы азы ахараԥса ашәареи лықәҵоуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара «2023 шықәсазы Аусеиҿкааратә амзар» шьақәнарӷәӷәеит. 

Аминистрцәа реилазаара Ақәҵарала, аԥсшьаратәии аныҳәатә иусуратәым амшқәеи ахьеиқәшәо инамаданы, ииагахоит абарҭ аԥсшьарамшқәа:

Ажьырныҳәамза 1 (амҽыша) – ажьырныҳәамза 3 (аҩаша) ахь  ииагахоит;

Ажьырныҳәамза 7 (асабша) – ажьырныҳәамза 9 (ашәахьа) ахь ииагахоит;

Ажьырныҳәамза 8 (амҽыша) – ажьырныҳәамза 10 (аҩаша) ахь ииагахоит;

Ажьырнаҳәамза 14 (асабша) – ажьырныҳәамза 16 (ашәахьа) ахь ииагахоит;

Мшаԥымза 16 (ашәахьа) – мшаԥымза 17 (ашәахьа) ахь ииагахоит;

Нанҳәамза 26 (асабша) – нанҳәамза 29 (аҩаша) ахь ииагахоит;

Цәыббрамза 30 (асабша) – жьҭаарамза 2 (ашәахьа) ахь ииагахоит;

Абҵарамза 26 (амҽыша) – абҵарамза 27 (ашәахьа) ахь ииагахоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Џьемал Гәбаз Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы ақәиҭтәра азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. 

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза  7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ахаша, ԥхынҷкәынмза 7 рзы имҩаԥысыз атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә еилакы инарҭбаау аилатәара аҿы Аԥсны атәылахьчаратә шәарҭадареи уи иамоу арратә потенциали ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.  Аилатәара мҩаԥигеит аилак ахантәаҩы Ҭемыр Шергелиа.

Аилатәара рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Владимир Ануа, атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Нодар Аҩӡба, атәылахьчара Аминистрра аштаб Хада анапхгаҩы Владимир Савченко.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа амчратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәеи Ашәарҭадара Ахеилак аусуцәеи алархәны аусуратә еиԥылара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иатәу амедицинатә усбарҭа аусзуҩцәа Краснодар ақалақь аҟынтәи ареспубликаҟа иааргеит Донбасс ахақәиҭтәразы хатәгәаԥхарала еибашьуаз, 1998 шықәса рзы ииз Тапаӷәуа Беслан Гьаргь-иԥа иԥсыбаҩ, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура. 

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Ԥхынҷкәынмза 7 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иаадыртит Аԥсни Урыстәылеи аполитикатәии ауаажәларратә усзуҩ, азиндырратә наукақәа ракандидат Тарас Шамба  ибаҟа.

Абаҟа аартра ацеремониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Адунеизегьтәи Аԥсуа-база жәлар Рконгресс ахантәаҩы Мусса Еқьзеқь, адепутатцәа, аминистрцәа, Тарас Мирон-иԥа Шамба иуацәа, иҩызцәа.

Бадра Гәынба, абаҟа аартра ацеремониа аҿы дықәгыло, Тарас Шамба иналукааша аԥснытәии урыстәылатәии аполитикатә усзуҩны дыҟан ҳәа иазгәеиҭеит.

«Кавказ ажәларқәа реилибакаара, Урыстәылеи Кавказ ажәларқәеи реимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыҿира иадҳәалоу аусура иара илагала ду алоуп. Алада Урыстәыла ауаажәларратә еиҿкаарақәа жәпакы рхадацәа иара Кавказ ажәларқәа Урыстәылатәи Рконгресс ацхантәаҩыс далырхит. Тарас Шамба иабжьгарақәа акыр иуадаҩу, аимак-аиҿак зцу аполитикатә дискуссиақәа рҭышәныртәалара иацхраауан», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Мусса Екзеков игәаанагарала, Тарас Шамба иԥсҭазаара зегьы зызкыз – Иԥсадгьыли иуаажәлари Реизҳазыӷьара иазкны ус аура акәын.

«Иара абаза жәларқәа реидкылара аус илагала ду алоуп. 25 шықәса ирылагӡаны уи Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс напхгара аиҭон, иџьынџьуаа рыԥсҭазаара аиӷьтәра азы илшо зегьы ҟаиҵон. Тарас Шамба даара згәы ҭбааз уаҩын, уи иҟәышреи илаз ахарахәыцреи ирыбзоураны акыр иуадаҩыз азҵаарақәа рыӡбара алыршахон», - ҳәа иҳәеит иара. 

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа дызлахәыз Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VIII аизара ду афорум аделегатцәеи асасцәеи дрыдныҳәалеит. Уи иқәгылараҟны иҳәеит :

«Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аԥҵара арыцхә ҳара ҳхьанарԥшуеит Аԥсны жәлар ашәарҭа ду ианҭагылаз аамҭа ашҟа. 1992 шықәса жьҭаарамзазы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аилашакьымҭазы/анцоз Лыхны ақыҭан имҩаԥысит ҳтоурыхтә ԥсадгьыл - Аԥсны ахьчаразы игылаз ажәлар реидкылара хықәкыс ишьҭыхыз I Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс. 

Аԥсуа жәлар рлахьынҵа аӡбаразы аҵак ду змаз Аԥсуа-абаза конгресс иалшеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьчараҟны мчы змаз еиҿкаарак аҳасабала ҳдиаспора ахаҭарнакцәеи, аԥсуааи, абазақәеи, егьырҭ ҳаиашьаратә жәларқәеи реидкылара.

Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа раан Аконгресс аусура есааира аҽарҭбаауан. Уи хра злоу амилаҭтә, аҳәынҭқарратә зҵаарақәа рылацәажәара,   аԥышәеимдара ахьымҩаԥысуаз, Аԥсны, Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика, Урыстәылатәи Афедерациа, Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Иорданиа, Европа атәылақәа жәпакы ирықәынхо аԥсуааи абазақәеи еидызкылоз ҭыԥны иҟалеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿы Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс VIII аизара ду аартра мҩаԥысит.

Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс –абар шьҭа 30 шықәса ирылагӡаны рҭоурыхтә ԥсадгьыл иқәынхо реиԥш, аҳәаанырцә: Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Иорданиа, европатәи атәылақәа, Еиду Америкатәи Аштатқәа, уҳәа егьырҭ атәылақәа рҿы инхо аԥсуаа, абазаа, аублаа еидызкыло ауаажәларратә еиҿкаароуп.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.