АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Мшаҧы.2023

ВЕРОНИКА ҲАГБА ИШЬАҚӘЛЫРГЫЛАЗ АРЕКОРД: 11 СЕКУНД ЕИҴАНЫ ИЛЦӘАГЕИТ АВТОМАТ АИМЫХРЕИ АИБЫҬАРЕИ.

Аҟәа. Мшаԥымза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи алицеи-интернат 9 акласс аҵаҩы Вероника Ҳагба автомат (Калашников-АКМ-7,62) аимыхреи аибыҭареи рзы уаанӡа ишьақәлыргылахьаз арекорд еиҳаз арекорд ҩаԥхьа ишьақәлыргылеит. Уи лыдҵа налыгӡеит 10.57 секунд рыла, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит аҵараиурҭа аррарҵаҩы Звиад Шенгелиа.

«Актәи арекорд шьақәыргылан жәабранмза, 2023 шықәсазы имҩаԥысыз аицлабрақәа рҿы. Лара усҟан актәи аҭыԥ аанылкылеит. Лыдҵа анагӡаразы 13.03 секунд лцәагеит. Аҽазыҟаҵарақәа рҿы, уи арбагагьы акыр аҵак ду амоуп, Вероника уаанӡа ишьақәлыргылахьаз арекорд даиааит. Лхыдҵа 10.57 секунд рыла иналыгӡеит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аррарҵаҩы.

Анапхгаҩы иажәақәа рыла, Вероника илымоу аспорттә зыҟаҵраеи аиааирагара аҭаххареи рыла далукаартә дыҟоуп. Уи изныкымкәа    аспорттә усмҩаԥгатәқәа лхы рылалырхәхьеит. Иаагозар, Аҟәатәи ашколқәа рыбжьара имҩаԥгаз  аконкурс «Шьапеиқәыршәала аныҟәареи ацәаҳәақәгыларатә шәаҳәареи» аҿы лара қәҿиарала дықәгылеит. Алицеи-интернат ацәаҳәақәгыларатә зыҟаҵара азы иреиӷьу школны иалкаахеит, иара убас жьҭаарамза, 2022 шықәсазы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥгаз автомат аимыхреи аибыҭареи рзы аконкурс аҿы Гран-при аиуит.

Звиад Шенгелиа иара убас ишазгәеиҭз ала, абҵарамза, 2022 шықәса рзы ари аҭыԥҳа Аҟәа ақалақь еизгоу акоманда аилазаара далалеит. Араҟа  60-ҩык аҭыԥҳацәа рҟынтәи иалххеит хҩык. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Вероника Ҳагбагьы. Ԥшьымш имҩаԥысуа аицлабрақәа реихшьаалақәа рыла, Вероника хә-медалк лоуит – ахьтәы медалқәа ҩба, араӡны медалқәа хԥа.


Read 406 times - Аҩаша, 04 Мшаҧы 2023 20:28
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.