АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Мшаҧы.2023

АԤСНЫ АЦҲАРАЖӘҲӘАҨ МШАԤЫМЗА 5 РЗЫ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АХАДА ВЛАДИМИР ПУТИНИ ИАРЕИ КРЕМЛЬ ИМҨАԤЫСРАНЫ ИҞОУ РЕИԤЫЛАРА АҞНЫ АГӘРАРГАГАТӘ ШӘҞӘҚӘА ИИҬОИТ.

Аҟәа. Мшаԥымза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла, Москва ақалақь иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа  мшаԥымза 5 рзы Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин агәраргагатә шәҟәқәа ииҭоит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости. 

Алхас Кәыҵниа ишазгәеиҭаз ала, иара Кремль имҩаԥысраны иҟоу агәраргагатә шәҟәқәа ранашьара ацеремониа ахь ааԥхьара иоуит асааҭ 15:00 рзы.

«Хаҭала сара сзы, Ацҳаражәҳәарҭа азы, сыуаажәлари сыԥсадгьыли рзы ари ахҭыс даара аҵак ду амоуп. Ари акыр зҵазкуа амш ҳазыԥшиижьҭеи, ҳҽазыҟаҳҵоижьҭеи крааҵуан», – ҳәа иҳәеит иара.

Уи аԥхьа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков ажурналистцәа рзы имҩаԥгаз абрифинг аҿы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин аҳәаанырцәтәи адипломатцәа рыла агәраргагатә шәҟәқәа ианашьара иадҳәалоу ацеремониа анысҩаԥысуа аамҭа азы адырра ҟаиҵеит.   Уи иажәақәа рыла, ацеремониа ҳазҭоу амчыбжь нҵәаанӡа имҩаԥысраны иҟоуп.

Уаанӡа Урыстәыла Ахада ицхырааҩ Иури Ушаков Владимир Путин мшаԥымзазы, Еиду Америкатәи Аштатқәагьы уахь иналаҵаны,  атәылақәа жәпакы рыцҳаражәҳәаҩцәа рҟынтәи агәраргагатә шәҟәқәа идикылараны дыҟоуп. Уи иажәақәа рыла, ацеремониа рхы аладырхәраны иҟоуп ҿыц иҟарҵаз 17-18-ҩык рҟынӡа ацҳаражәҳәаҩцәа.

 


Read 258 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.