АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Мшаҧы.2023

АЛАН ГАГЛОЕВ: АԤСНЫ АДЕЛЕГАЦИА ДААРА АҴАК ДУ ЗМОУ АМИССИА АЛА ИААИТ.

Аҟәа. Мшаԥымза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны акультура Амшқәа Аахыҵ Уаԥстәыла раарра аофициалтә церемониа алагаанӡа Ареспублика Ахада Алан Гаглоев Аԥсны культура аминистр Даур Ақаҩба диԥылеит.

Аиԥылара иалахәын иара убас Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиеви Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика акультура  аминистр  Радмила Ӡагоевеи.

Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба Алан Гаглоеви аиашьаратә уаԥс жәлари рахь Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала адныҳәалареи иреиӷьу азеиӷьашьарақәеи ҟаиҵеит.

«Ҳара ҳзы акырӡа аанагоит шәара иҳашәҭаз адгылара иабзоураны аиашьаратә республика аҟны аҟазаареи Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар ҳкультура ахәҭак дырбареи рзы алшара ахьҳауз», – ҳәа иҳәеит Даур Ақаҩба.  

Даур Ақаҩба иара убас Аахыҵ Уаԥстәыла акультура аминистр Радмила Ӡагоевагьы иҭабуп ҳәа леиҳәеит иҟалҵаз адгылара азы.

«Ҳара ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳазыԥшуп ҳаиашьаратә коллективқәа Аԥсныҟа раара. Агәыӷра сымоуп Аԥсны акультура амшқәеи имҩаԥысраны иҟоу егьырҭ аусмҩаԥгатәқәеи, сҳаиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара хра злоу анырра шанаҭо»», – ҳәа иажәа хыркәшо иазгәеиҭеит Даур Ақаҩба.

Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев Аԥснытәи аделегациа даара аҵак ду змоу амиссиа ала иааит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Ҳара ҳажәларқәа изхысыз даара ирацәоуп, урҭ  еснагьгьы рыжәҩахыр еибыҭа ауадаҩрақәа ирҿагылон, ириааиуан. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы рхы аладырхәуан хыԥхьаӡара рацәала ауаԥсаа. Ҭоурыхла ҳара ҳажәларқәа жәатә-натә аахыс еимадоуп, уажәгьы шәареи ҳареи аԥышәарақәа маҷымкәа лыԥхала ҳахысит, ҳреспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵара алҳаршеит.  Иахьагьы, иаҳзеиԥшу ҳастратегиатә партниор ду Урыстәылатәи Афедерациа иҳанаҭо адгылара иабзоураны аҿиарамҩа ҳануп, ессааира ԥхьаҟа ҳцоит», - ҳәа иҳәеит Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Ахада.

Уи иара убас, иахьагьы аԥсуа жәлари Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлари рхаҭарнакцәа милаҭрацәала еилоу Урыстәыла ажәлар ирывагыланы иахьа аҭоурыхтә иашареи ахәдуқәеи рыхьчара иаҿуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.    

«Аиааира шыҟало азы аӡәгьы агәыҩбара изцәырҵӡом, уи хымԥада иҟалоит! Даара угәы иаахәаратәы иҟоуп абас ала имариам аҭагылазаашьа аҿы аамҭа ԥшааны ҳаиҭанеиааиртә азы алшара ахьҳамоу», - ҳәа иҳәеит Алан Гаглоев.

Иара Аԥсны ажәлар ирзеиӷьаишьеит аҭынчреи аизҳазыӷьареи.


Read 234 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.