Аҟәа. Мшаԥымза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса хымз ирылагӡаны Аԥсны атауареикәыршара 9 млрд. 400,7 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, уи 1 млрд. 517,5 млн. мааҭ рыла иазҳаит. Абри азы 2023 шықәса актәи аԥшьбарак азы Аҳазылхратә Еилакы адәныҟахәаахәҭратә усура азы аихшьаалақәа ҟаҵо адырра ҟаиҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахуа.
«Аимпорт ҳасабла иаагоу атауарқәа рыхәԥса аицҵалыҵ 7 млрд. 456,2 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, уи иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 1 млрд 380,1 млн. мааҭ рыла, даҽакала иуҳәозар, 23% рыла еиҳауп. Аекспорт аҳасабала идәықәҵоу атауар ахәԥса аицҵалыҵ 1 млрд 944,5 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Уи 2022 шықәсазы арбагақәа ирҿырԥшны уахәаԥшуазар, 137,4 млн. мааҭ рыла, даҽакала иуҳәозар 7,6% рыла еиҳауп», - ҳәа иҳәеит Алиас Лабахуа.
2023 шықәса актәи аԥшьбара аихшьаалақәа рыла, аҳазылхратә усбарҭақәа рыла 570,3 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоз арбага ала ишьақәырӷәӷәаз аплан ала ареспублика абиуџьеҭ ахь иаларгалеит 608,8 млн. мааҭ. Уи 2022 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 37,7 млн. мааҭ рыла еиҳахеит. 2023 шықәса актәи аԥшьбара азы аплан 107 % рыла инагӡоуп.
«Аҳазылхратә шәатәқәа рыхкы хаданы иҟоуп Иназыцҵоу ахәԥса азы Ашәахтә, уи ахәҭаа 60% рҟынӡа инаӡоит, аимпорт ҳасабла иаауа, иара убас аекспорт ҳасабла идәықәҵахо атауарқәа рзы аҳазылхратә баџь аҳазылхратә шәатәқәа зегьы рҟынтәи - 18% рҟынӡа инаӡоит; аҳазылхратә еизга - 16% , акцизтә шәахтә - 6%. Аԥаратә еквивалент ала аҳазылхратә баџь - 111,5 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, аҳазылхратә еизга - 99,4 млн. мааҭ, акцизатә шәахтә - 39,8 млн. мааҭ, акцизатә маркақәа - 3,8 млн. мааҭ, Иназыцҵоу ахәԥса азы Ашәахтә - 353,4 млн. мааҭ, егьырҭ алагалақәа - 0,9 млн. мааҭ», – ҳәа иажәа хыркәшо иҳәеит Алиас Лабахуа.
Алиас Лабахуа иажәқәа рыла, арбагақәа реизҳара еиуеиԥшым афакторқәа ирыдҳәалоуп. Урҭ иреиуоуп атауарқәа раагара аизҳара. Алиас Лабахуа иара убас Аԥсныҟа раԥхьатәи аконтеинертә дәыӷба аарагьы далацәажәеит.
«Ааигәа ҳара ҳахь иааит адәыӷба, уи 62 контеинер ала ишьақәгылан. Уи Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи Ҭырқәтәылаҟа транзитла аидара аиагара акәын. Адәыӷба аҳазылхратә маҵзура аҟынтәи изеиԥшразаалак аԥкрақәа рыда ииасит. Уи аԥхьагьы атранзитқәа ҟалахьан, аха имаҷу апартиақәа рыла, амҩасра аԥышәара, амониторинг мҩаԥысуан», – ҳәа иҳәеит иара.
Шьҭахьҟа адәыӷба Урыстәылатәи Афедерациа азы даҽа еидарак ақәҵаны амҩа иқәлоит.
«Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи Рнапхгараҭарақәа ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, аганқәа рҳәынҭқаррақәа иахьаҵанакуа аидарақәа ԥықәсларада рыиасра (рытранзит) алдыршалароуп. Уаҟа аҳазылхратә шәатәы мыцхәы иҳаракӡам, аха ҳтерритриа аҿы ас еиԥш апроцедура аҟалара афакт иаанаго рацәоуп: иахьа тауарк аагара алыршахоит, уаҵәы – даҽа тауарк, убас-убас, «капеи-капеи еицыло» зҳәаз еиԥш, ҳҳәынҭқарра абиуџьеҭ шьақәгылоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Алиас Лабахуа.
Алиас Лабахуа иара убас Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы 2023 шықәсазы азԥхьагәаҭаратә рбагақәа дырзааҭгылеит – 2 млрд. 847 млн. мааҭ, уи 2022 шықәса рзы аасҭа 350 млн. мааҭ рыла еиҳауп.