АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Мшаҧы.2023

АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҬЕИҬЫԤШ АРҼЕИРА ИАЗКУ АУСУРАҚӘА МҨАԤЫСУЕИТ.

Аҟәа. Мшаԥымза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы аиқәыршәазааратә усурақәа мҩаԥысуеит. Аҳҭнықалақь аԥхынтәи акурорттә аамҭахәҭа, иара убас Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30- шықәса ахыҵреи Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара 15-шықәса азхаҵареи разгәаҭара азы аҽазыҟаҵара иаҿуп.  Ашьаҟамҩақәа хаҳәцәыла ахҟьара, афуникулиор аҿы ахыргьагьа аиҭашьақәыргылара, иара убас аԥшаҳәа аҿы арлашагақәа рырҽеира, уҳәа убас ирацәаны аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит.

Апсныпресс акорреспондент Амуниципалтә Унитартә Наплакы «Ақалақьргылара апроект» адиректор Асҭамыр Ԥиԥиа диҿцәажәеит. Уи аиҿцәажәараҿы еиликааит иҟаҵоу атәы, иара убас иҟаҵатәны иҟоуи ртәы.

Асҭамыр Ԥиԥиа иажәақәа рыла, Аҟәа ақалақь Ахадара ахарџь ала, Гәымаа рымҩа аҿы аҵаргәатә ҭӡы хаҳәла ачаԥара хыркәшахеит.

«Имаҷымкәа аобиектқәа рышьақәыргылара азԥхьагәаҭоуп. Афуникулиор (Аҟәатәи ашьха – аред. АП) аҿы аԥшырҭатә ашҭахәыԥшқәа ҩба реиҭашьақәыргылара иадҳәалоу аусурақәа мҩаԥысуеит. Аҳамԥқәа рырҭәара иаҿуп, иҿыцу абаркьылкаламқәеи архитектуратә декор аелементқәеи шьақәыргылахоит. Ателехәаԥшратә ҳар азааигәара иҟоу ашҭахәыԥш аҿы аусуҩцәа амаакырақәа рышьақәыргылареи уи хаҳәцәыла ачаԥареи ирылагеит. Иара убрааҵәҟьа афонтан аргылара азԥхьагәаҭоуп», –  ҳәа иҳәеит иара.

Уажәазы иара убас Тарас Шамба ихьӡ зху апарк аҿы ахаҳәцәы аԥсахреи аанда ақәгареи иаҿуп. Апарк аҿы арлашагақәа ргылахоит, афонтан еиҭашьақәыргылахоит, аха уи аԥхьа афонтан рыцқьатәхоит. Уажәы уаанӡа араҟа игылаз Индоевропатәи ателеграфтә цәаҳәа аҭоурыхтә шьаҟақәа ахьырдыргылаша аҭыԥ иазхәыцуеит. Зынӡа ашьаҟақәа ааба ыҟан.

Иара убас Ацҳа Ҟаԥшь иажәхьоу ашәыга аҟынтәи арыцқьара иазку аусурақәа мҩаԥысуеит.

«Анаҩс ҳара ацҳа архитектуратә ԥшра архынҳәаразы уи арестоврациа ҳалагоит», –  ҳәа иҳәеит Ҭемыр Ԥлиа.

Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы абетонтә дақәқәа рышьақәыргылареи ақьафурҭа «Амра» аҟынтәи Амҳаџьыраа рбаҟа аҟынӡа арлашагатә шьаҟақәа рыргылареи азԥхьагәаҭоуп.


Read 286 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.