АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Хәажәкыр.2023

ИМҨАԤЫСИТ АԤСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТ АСЕИССИА ИЗААМ)АНЫТӘИУ АИЛАТӘАРА.

Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа изаамҭанытәиу аилатәараАпарламент Аиҳабы Ашәба Лаша ихантәаҩрала имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа изаамҭанытәиу аилатәара.

Ирыхәаԥшит иагьрыдыркылеит аҵыхәтәантәи аԥхьараан Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанқәа:

«Афинанстә қьыразы (ализинг азы)»

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 45 административтә зинеилагарақәа ралагаларазы».

«Административтә зинеилагарақәа ирызку аусқәа рзы аӡбареиҿкааразы»  Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 216 ралагаларазы». 

Ажәахәҟаҵаҩ – Апарламент абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Маршьан.

«Амҩатә ныҟәарақәа русхк аҟны административтә зинеилагарақәа рыҟаҵаразы аҭакԥхықәра арӷәӷәара ахәҭаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагаларазы»  Ажәахәҟаҵаҩ – Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба. 

Ирыхәаԥшит актәи аԥхьараан ирыдыркылеит азакәанапроектқәа:

«Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны атуристтә усуразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы».

Ажәахәҟаҵаҩ – Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиқәеи рзы аилак  ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Бадрик Ԥлиа.

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк азы (Аԥсны Абанк азы)» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы». 

Ажәахәҟаҵаҩ – Апарламент абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Маршьан.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы» Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны атәымтәылауаа рзинтә ҭагылазаашьазы».

Ажәахәҟаҵаҩ – Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба.

Ирыхәаԥшит иагьрыдыркылеит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ақәҵарақәа: 

«Амазаратә комплекс Аҟәатәи аԥсыӡааӡарҭатә нхамҩа» Аҟәа ақ., Адлеиба имҩа, 19 аҟны иҟоу априватизациа иаҵанакуа аобиектқәа реиқәыԥхьаӡа алаҵареи априватизациазы аԥҟарақәа рышьақәырӷәӷәареи рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара 2022 шықәса ԥхынҷкәынмза 27 аҟнытә № 189 Ақәҵарақәа рышьақәырӷәӷәаразы". 

Ажәахәҟаҵаҩ – Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиқәеи рзы аилак  ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Бадрик Ԥлиа. 

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара Очамчыра араион Тамшь ақыҭаҟны қьырала 1,2 га адгьыл зҭакԥхықәра ԥку ауаажәларра аҭара ақәиҭтәразы».

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара Гәылрыԥшь аҳаблаҟны 0, 06 га зҵазкуа адгьыл ҭыԥ «ақыҭанхамҩатә ҵакы змоу адгьылқәа» ркатегориаҟнытә «ааглыхратә дгьылқәа» ркатегориахь аиагара ақәиҭтәразы».

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара Гәдоуҭа араион Хыԥсҭа ақыҭан 0,65 га адгьыл ҭыԥ «ақыҭанхамҩатә ҵакы змоу адгьылқәа» ркатегориаҟнытә «ааглыхратә ҵакы змоу адгьылқәа» ркатегориахь аиагара, анаҩс ааглыхратә база аргыларазы аҭара ақәиҭтәразы».

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара Бабышьира ақыҭаҟны 1,0 га зҵазкуа   «ақыҭанхамҩатә ҵакы змоу адгьылқәа» ркатегориаҟнытә «аиҭашьақәыргыларатә ҵакы змоу адгьылқәа» ркатегориахь аиагаразы аҭара ақәиҭтәразы».

Ажәахәҟаҵаҩ – Аграртә политикеи, аҧсабаратә лшарақәеи, аекологиеи рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Демур Гогьиа.

 


Read 293 times - Ахәаша, 31 Хәажәкыр 2023 18:26
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.