Items filtered by date: Аҩаша, 10 Цәыббра 2024

Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Дмитри Кәычбериа,  Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура иатәу Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аиҳабы Сергеи Шьедрин, Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура иатәу Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аиҳабы Русҭам Латипов   цәыббрамза 10 рзы аҳәынҭқарратә ҳәаа ахаԥраара азԥхьагәазҭо  изаамҭанытәиу агәаҭарақәа еицымҩаԥыргеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Гәдоуҭа араион, Лыхны ақыҭан, 40 инарзынаԥшуа аҭаацәара ахьынхо  Аџьамҽыӷра аҳаблаҿы, Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адҵа   инақәыршәаны афымцатә цәаҳәақәа реиҭарҿыцра иалагеит ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны ахада ипресс-маҵзура.

Акыр шықәа раахыс ари аҳабла ауааԥсыра афымцамч илаҟу амчхара иадҳәаланы ауадаҩрақәа рыман.

Лыхны ақыҭа ахада ихаҭыԥуаҩ Ахра Бганба ишазгәеиҭаз ала, «Афымцамч аганахьала даара ауадаҩрақәа рацәан, аҳабла ауааԥсыра уи азымхара ӷәӷәала ирныԥшуан». Аиҳарак ауадаҩрақәа зыхҟьоз иамаз ақәыӷәӷәара ззымычҳауаз атрансформатор акәын.

«Афымцацәаҳәақәеи атехникеи акыр иқәсхьан, Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» афымцацәаҳәа зегы шьаҭанкыла аԥсахразы аӡбамҭа аднакылеит, – ҳәа адырра ҟаиҵеит Гәдоуҭатәи афымцацәаҳәақәа реихшарҭа аиҳабы Ахра Гагәылиа.  –  Аҭыԥ арелиеф  ауадаҩрақәа ацуп, аха, аспециалистцәа русуреи аҭыԥантәи ауааԥсыра иаадыԥшуа аилкаареи ачҳареи ирыбзоураны иарбоу апроект қәҿиарала анагӡара мҩаԥысуеит».

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Сухум. 10 сентября 2024. Апсныпресс. Председатель  Госкомитета по делам молодежи и спорту Таращ Хагба  встретился 10 сентября с главой администрации города Байконура Константином Бусыгиным.

Икьыԥхьуп Новости

Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба цәыббрамза 10 рзы Баиконур ақалақь ахада  Константин Бусыгин диԥылеит.

Аиԥылара рхы аладырхәит иара убас Баиконур ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Николаи Адасеви Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы аҿартә ҟәша аиҳабы Идрис Кара-Осман-оглыи.

Николаи Адасев Адунеизегьтәи аҿар Рфестиваль аҿы баиконуртәи аделегациа напхгара аиҭон. Баиконурап Адунеизегьтәи аҿар Рфестиваль аҿы аԥснытәи аделегациа ахылаԥшреи адгылареи  рырҭон.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 10 рзы иира Амш азгәеиҭоит аԥсуа шьапылампыл алегенда, Асовет Еидгыла аспорт азҟаза, жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза, Асовет Еидгыла ачемпион, Асовет Еидгыла Ахраҿа занашьоу, Асовет Еидгыла, Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара, Украина, Урыстәыла еизгоу амилаҭтә командақәа ԥшьба рыхәмарыҩ иаҳасабала Гиннес ирекордқәа рышәҟәы иалалаз Ахрик Цәеиба.

Ахрик Цәеиба  диит цәыббрамза 10, 1966 шықәса рзы Гәдоуҭа ақалақь аҿы. Ашьапылампыл ахәмарра далагеит 11 шықәса анихыҵуаз. 17 шықәса анихыҵуаз иара усҟан Асовет Еидгыла ачемпионат аҩбатәи алига аҿы иқәгылоз аҟәатәи «Динамо» аҿы ахәмарра азы ааԥхьара ирҭеит.

«Аҟәатәи акоманда азы саныхәмаруаз ауп сара Қарҭтәи аселекционерцәа рылаԥш саныҵашәаз. Аха урҭ ираԥысит Хабаровск аҟынтәи азыҟаҵаҩцәа. Хабаровсктәи аратә спорттә Клуб (СКА) усҟан актәи алига аҿы иқәгылон. Саргьы еиҳау аҩаӡараҿы схы ԥысшәарц сҭахын. Насгьы аррахь ааԥхьара аамҭагьы ааигәахон. Сара аҟәатәи «Динамо» аҿгьы арра аҟынтәи сацәырыхьчар ауан. Аха Хабаровстәи ашапылампылтә Клуб исыдыргалаз сара еиҳа сыхшыҩ азцеит. Иарбоу аклуб ахәмарҩцәа усҟан иазыҟаиҵон еицырдыруаз азыҟаҵаҩ Леонид Назаренко. Аиашазы, сара Хабаровск шықәсыбжак роуп сахьыхәмаруаз. Сара ҩаԥхьа сыргәаларшәеит Қарҭ. Хара имгакәа сара «Динамо» ашҟа амҩа сықәлеит… Исгәалашәоит раԥхьаӡа акәны қарҭаа разыҟаҵара ашҟа раԥхьатәи сытренер Владимир Шамба сышнеигаз. Уи, иазәаҭатәуп, ирацәаны еицырдыруа ааӡамҭацәа имоуп: Гогричиани, Ҳагба, Гәыбаз. 1988 шықәсазы ҳара зегьы акоманда «Динамо» ихадоу аилазаара аҿы ҳахәмаруан.  Владимир Асҭамыр-иԥа даараӡа ҳақәҿиарақәа дреигәырӷьон…», - ҳәа игәалаиршәоит Ахрик Цәеиба.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Автоҳәынҭинспекциа изаамҭанытәиу аусура, иарбоу ахылаԥшырҭа аҿы иҟоу апроблемақәа, азинеилагарақәа рыстатистика, Автоҳәынҭинпекциа Аусбарҭа ала имҩаԥгахо ареидтә усмҩаԥгатәқәа реффективра, уҳәа ртәы Аԥсныпресс акоррепондент диҿцәажәо еиҭеиҳәеит Автоҳәынҭинпекциа  Аусбарҭа аиҳабы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Дамеи Аҩӡба.

– Шәара шәмаҵураҭыԥ аҿы шәаннеи инаркны Автоҳәынҭинспекциа аусураҿы аыр аҽаԥсахма?

– Сара Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рмнистрра Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа анапхгаҩы аамҭала инапынҵақәа рынагӡаҩыс сҟаҵан ҳазҭоу ашықәс ԥхынгәымза 15 рзы. Амаҵураҭыԥ ҿыц ашьцылара акыр аамҭа аҭаххеит ҳәа сызҳәом, сара ари асистема аҿы сыҟоуижьҭеи акыр ҵуеит.  Ицәгьамкәа издыруеит уи иамоу апроблемақәеи хра злоу аганқәеи ртәы.

Ҳара арыжәтә ма анаркотик зыдкыланы иныҟәоз аныҟәцаҩцәа, агрессивтә ныҟәцаҩцәа рмашьынақәа рымхра ҳалагеит, абри ауп дрифтинг ҳәа изышьҭоу, амҩаду аҿы имҩаԥырго аицлабрақәа. Рмашьынақәа рымхны мызкы иҳаргылоит. Ииашоуп, ари акыр зҵазкуа еихьӡараны исыԥхьаӡоит. Ԥхынгәымза 15 инаркны, сара сыдҵала, 419 машьына автопаркинг ахь идәықәҵоуп!!! Уи иабзоураны шаҟаҩы хара змам рыԥсҭазаара еиқәҳархаз здыруа Зегьзымчу заҵәык иоуп.  Иара убас даара акыр зҵазкуа уснагӡаны исыԥхьаӡоит ижәны амашьына аԥсҟы зкыз арныҟәцаҩцәа телехәаԥшрала, ма асоциалтә ҳақәа рыла дырбара апрактиа алагалара. Ас еиԥш ҳминистр Роберт Киут, Аминистрра анапхгараҭара ирыдыркылаз аӡбамҭа, жәаҳәарада даара ииашоу акакәны иҟоуп.   Ҳәарас иаҭахузеи, араҟа аҿагылара ӷәӷәа ҳԥылоит. Аҭел иасуеит, азакәан еилазго рмашьына ҳархынҳәырц азы зегь ҟарҵарц иазхиоуп, аха ҳара ҳзы уи ҭакԥхықәроуп. Амҩатә ԥҟарақәа ӷәӷәала еилаугар, машьынада уаанхоит. Аиашазы ари ауснагӡатә хра злоу алҵшәақәа аанарԥшуа иалагахьеит. Ижәны амашьына аԥсҟы зкуа еиҳа имаҷхо иалагеит. Аха уи абжьазааратә лҵшәақәа роуп. Ари аусура ҳара иацаҳҵоит, аанкылашьагьы ҳамаӡам.  

– Иарбан проблемақәои Шәара иалышәкаарц шәылшо Автоҳәынҭинспекциа аусура аҿы? 

– Уажәы ҳара ихадоу проблеманы иҳамоу  – уи акадртә дефицит ауп. Автоҳәынҭинспекциа ақалақьтәии араионтәи аҟәшақәа зегьы рҿы ҳара аузуҩцәа разымхара апроблема ҳамоуп.  Аиҳарак ари апроблема ҳныруеит Аҟәа ақалақь аҿы. Зхыԥхьаӡара 60 нызықьҩык рҟынӡа инаӡо ауааԥсыра ахьыҟоу ақалақь аҿы ҳара иҳамоуп  7-ҩык заҵәык асменаҿы аус зуа аусзуҩцәа. Урҭ иахьа ирҭаххаргьы, иагьа рзанааҭтә дыра аҩаӡара ҳаракызаргьы, ирылшарым ишахәҭоу ала амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара аиҿкаара ахылаԥшра амҩаԥгара. Еиҳа-еиҳа имаҷхоит Автоҳәынҭинспекциа ахь аусура ицо ауаа рхыԥхьаӡара. Уи зыхҟьо амзысқәа маҷӡам. Илаҟу ауалафаху, иара аусура ауадаҩра. Аинспектор уахи-ҽни, ашора ыҟоума, ихьҭоума, амра ԥхома, ақәа леиуама, ашьыжь шаанӡа аума, аҵх агәазы аума атрасса дангылазароуп. Ҳара ҳминистр ауалафахәы ашьҭыхразы аԥшьгара ҟаиҵеит. Агәыӷра ҳамоуп уи алҵшәақәак аанарԥшып ҳәа. Аусзуҩцәа радԥхьалара  планс иҳамоуп. Ҳара иаҳныруеит азанааҭтә кадрқәа рмаҷра. Ҳара амилициа ашкол аҿы аиҿцәажәарақәа мҩаԥаҳгоит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иҭыҵит алитература-сахьаркыратә, ауаажәларра-политикатә журнал «Алашара» аномер ҿыц  (№4, 2024 ш.).   

Ажурнал аномер ҿыц аатуеит ԥхынгәымза 24 рзы 75 шықәса зхыҵыз апоет, ауаажәларратә усзуҩ, ажурнал «Аԥсны Аҟазара» аредактор Хада Геннади Аламиа иҿцәажәарала. Аиубилиар диҿцәажәеит ажурнал  «Алашара» аредактор Хада Анатоли Лагәлаа.

Ажурнал ианылеит  Анӡор Мықәба ироман «Под белым кленом» ахь алагалажәеи Владимир Занҭариа иажәеинраала ҿыцқәеи.  

Аԥхьаҩ аԥсшәахь еиҭагоу (аиҭ. Валери Касланӡиа) Алеқсандр Пушкини Алеқсаи Толстои ражәеинраалақәа, иара убас Алеқсандр Вампилов икомедиа «Аԥа еиҳабы» (аиҭ. Геннади  Аламиа) дрыԥхьар алшоит.

Аслан Занҭариа аԥсшәахь еиҭеигеит Едгар Аллан По иажәеинраала «Ворон», Константинос Кавафис иажәеинраала «В большой греческой колонии»,  Иосиф Бродски иажәеинраала «Письма римскому другу».

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, аԥкьаҭмпылтә клуб «Аҟәа» акортқәа рҿы Москва ақалақь Амш азгәаҭара инамаданы аԥкьаҭмпыл азы ахәыҷтәы турнир аатит.

Аицлабрақәа рхы аладырхәуеит ақәратә категориақәа ҩба ирыҵанакуа ахәыҷқәа. «Москва Аҩны» адиректор Алеқсандр Бигәаа Аԥсныпресс акоррепондент диҿцәажәо атурнир атәы еиҭеиҳәеит.

«Ари шьҭа ахԥатәи атурнир ауп ҳара ҳкоманда аиҿкаарала имҩаԥысуа. Аԥхьанатә уи Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш азгәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуан, аха сынтәа уи Москва ақалақь Амш азгәаҭара иазхоит.

Иалахәуп 45-ҩык ахәыҷқәа қәрала еихшаны. Атурнир мҩаԥысуеит ақәратә категориақәа ҩба ирыҵанакуа ахәыҷқәа рыбжьара: 8 – 10 шықәса зхыҵуеи 10 – 13 шықәса зхыҵуеи рыбжьара.  Аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи хазы-хазы еицлабуеит. иара убас еилоу аеихацалаку аицлабрақәагьы мҩаԥгахоит», - ҳәа иҳәеит Алеқсандр Бигәаа.

Абар шьҭа ҩы-шықәса инеиԥынкыланы атурнир аӡбаҩ хаданы дыҟоуп  – аԥышәа ду змоу, Ашлем Дууи Аолимпиадеи рҿы уахь иналаҵаны, урыстәылатәии жәларбжьаратәии атурнир дуқәа рҿы ас зухьоу аспециалист.

«Атурнир хымш имҩаԥыслоит. Аиааирагаҩцәеи аԥхьахәгаҩцәеи аҳамҭақәа – ахраҿақәеи амедалқәеи ранашьахоит», – ҳәа иеиҭеиҳәеит Алеқсандр Бигәаа.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Сергеи Шамба  ҳтәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи 15-шықәса ахьҵыз инамаданы Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль иахь адныҳәаларатә шәҟәы наишьҭит.

 

Анотаҟны иаҳәоит:

 

«Аԥсны ажәлар рзы иахьатәи амш акраҵанакуеит. 2009 шықәса цәыббра 10 азы Аԥсны аҩыза ду, Венесуела ажәлар раԥхьагылаҩ, акоманданте Уго Рафаель Чавес Фриас зхадараҿы дыҟоу, ахьыԥшымрахь амҩа иацу аԥышәарақәеи ауадаҩрақәеи бзианы издыруа Венесуела ауааԥсыра иазхарҵеит Аԥсны ажәлар ахақәиҭреи ахалаҟазаареи рзин шрымоу.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ганрацәалатәи амашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аҿы урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа иааныркылеит Аԥсныҟа иаауаз автомашьына  CHEVROLET CAPTIVA.  Аҳазалхратә гәаҭара ахысра аламҭалазы амашьынарныҟәцаҩ апассаџьыртә ҳазалхратә декларациа хаимырҭәааӡеит, иагьалаимҵаӡеит.

Аинспектор аҳазалхратә шәҟәҭагалара зҭаху атаурақәа рзы иҟаиҵаз азҵаара аҭакс ахаҵа ус еиԥш иҟоу имаӡам ҳәа иҳәеит. Ахаҵа ианиазҵаауаз игәарҭеит агәҭынчымра шааирԥшуаз, убри азы уи дзықәтәаз амашьына амобилтә аинспекциа-гәаҭаратә комплекс ахархәарала агәаҭарахь идәықәырҵеит.  Асканерҵыхра ашьҭахь еилкаахеит атранспорттә хархәага аԥсахгатә барбал аҿы ишәшьырку азона шыҟоу, уи иаанагоз изакәанымкәа атауар аиагаразы аҽазышәара афакт ҟалар алшоит ҳәа ауп. Абри азы адырра ҟанаҵоит Шәача ақалақь аҿы Краснодартәи атәылаҿацә апресс-маҵзура.

«Амашьына аидараҭыԥ аҿы иҭаз аԥсахгатә барбал аҩныҵҟа иҭаҵәахын насваи ҳәа изышьҭоу аҭаҭынтә еиларшьышьы зҭаз ааилаҳәарақәа, – ҳәа адырра ҟаиҵеит Краснодартәи атәылаҿацә аҳазалхра иатәу Ганрацәалатәи амашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аиҳабы Алеқсеи Быков. – Абарбал аҩныҵҟа иҭыргеит 20 кьыла инарзынаԥшуа хыхь зыӡбахә ҳәаз амаҭәашар».

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.