– Иҳаҩсыз 8 мыз рыла еиарбан амҩатә ԥҟарра еилагарақәоу еиҳарак иҟарҵо амашьыныныҟәцаҩцәа?
– Еиҳа ирылаҵәоу амҩатә еилагарақәаны иаанхоит: аццакра, аҳәаа ахысра, иуԥыло ацәаҳәахьы аиасра, иахьахәҭам аҭыԥ аҿы амашьына авсра. Рыцҳарас иҟалаз, еиҳарак аҿар роуп амҩатә машәырқәа ҟазҵо, аццакра иахҟьаны. Лассы-лассы аҭаацәа, рхәыҷқәа дыргәыбзыӷырц азын амотор ду змоу амашьынақәа рзаархәоит. Ус еиԥш иҟоу амашьынақәа секундқәак рыла 100 километра иреиҳаны ицоит. Изаҭахузеи Аԥсны абас аныҟәара? Хәарҭас иамоузеи? Ахәарҭа ҳәа акгьы сбаӡом, сусзуҩцәагьы уи рбом. Ҳәарас иаҭахузеи, зегьы аҭаацәара рҟынтә иаауеит. Ҳара ҳусура зеиԥшразаалакгьы, азакәан еилазго зегьы, азныказы аԥсҭазаара згәы ахшәаз, мамзаргьы зынӡа згәы ҿыӷьыз амашьынаныҟәцаҩцәа зегьы рзы сара амҩатә полициа аинспектор дсызицҵом.
Мыцхәы аццакыра амашәыр ахҟьоит, лассы-лассы аԥсыҭбарақәа рыцуп. Ҳҿар амҩақәа рҿы иҭахоит, абри ҳаидгыланы ауп иҳариашар шҳалшо.
Нанҳәазазы ҳара ҳҿы иҟалеит 16 амҩа-транпорттә амашәыртә хҭысқәа, урҭ ирыхҟьаны аӡәы дҭахеит. 2023 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы иҟалеит 30 амҩа-транпорттә амашәыртә хҭысқәа, урҭ рҿы иҭахеит 10-ҩык атәылауаа. Урҭ ҭахеит ироуз ахәрақәа ирыхҟьаны. Уажәы ҳара иаабоит астатистика аиӷьхара адинамика. Нанҳәамзазы еиҳа лассы-лассы авариақәа ҟалон Гагра араион аҿы, зынӡа быжьба машәыртә хҭыс ҟалеит, Гәдоуҭа араион аҿы – 4 машәыртә хҭыс.
– Ашықәс алагара инаркны шаҟа амҩа-транспорттә машәыртә хҭыс ҟалеи? Шаҟаҩы ааха роуи?
– 2024 шықәса аамз рыҩныҵҟа ареспублика зегьы иахьаҵанакуа иҟалеит 106 амҩа-транпорттә машәыртә хҭыс, урҭ ирыхҟьаны 31-ҩык ҭахеит. 121-ҩык атәылауаа еиуеиԥшым ахәрақәеи ахәахәарақәеи роуит. 2023 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы иҟалеит 122 амҩа-транспорттә машәыртә хҭыс. Урҭ рҿы иҭахеит 40-ҩык, 162-ҩык ааха роуит. Убас ала, ҳазҭоу ашықәс азы ҳара ҳҿы 16 машәыртә хҭыс рыла еиҵаны иҟалеит. Убри инамаданы, иҭахази ахәрақәа заузи 9 – 16-ҩык рыла еиҵоуп.
– Еиҳа лассы-лассы ацәгьаура ҟазҵо рықәра иарбан?
Еиҳарак амҩатә ԥҟарақәа еилазго 25 шықәса инаркны 35 шықәса рҟынӡа зхыҵуа атәылауаа роуп. Ари зегьы еилкаауп, уи ақәра зықәроу еснагь иццакуеит, амҩатә ԥҟарақәа мап рцәыркуеит. Аха ус ауп ишыҟоу, «шаҟа ԥшьаала уцо аҟара, хара унаӡоит» уи ҳхаҳмыршҭлароуп.
– Имҩаԥгахо ареидтә усмҩаԥгатәқәа иамоу аеффект ахәшьарас иашәҭои?
Ҷыдала иазгәасҭарц сҭахуп, аҵыхәтәантәи аамҭазы ареидтә усмҩаԥгатәқәа еиҳа иӷәӷәахеит. Амҩақәа рҿы азинеилагаҩцәа раарԥшразы зегь реиҳа алҵшәа змоу уснагӡатәны иҟан, иахьагьы иҟоуп ареидтә усмҩаԥгатәқәа. Амҩатә машәырқәа рыстатистика аганахьала аҭагылазаашьа уадаҩын, иахьагьы ус иҟоуп. Убри азоуп ҳнапхгара лассы-лассы ареидқәа зымҩаԥырго. Сара зегьы реиҳа алҵшәа змоу аусмҩаԥгатәқәа иреиуоуп ҳәа исыԥхьаӡоит арыжәтә ыжәны иҟоу аныҟәцаҩцәа рмашьынақәа рымхразы ҳминистр Роберт Киут идикылаз аӡбара. Урҭ машәырла ауаҩы дыршьыр алшон. Урҭ ҳхәыҷқәа, ҳҭынхацәа, ҳҩызцәа зну амҩақәа рҿы ҭыԥ рымаӡам. Уажәазы 250 инареиҳаны амашьынақәа рымаҳхьеит. Исҳәар сылшоит, аамҭалатәи адыррақәа рыла, ҳмашьынаныҟәцаҩцәа еиҳа имаҷны иржәуа иалагеит ҳәа. Апаспорт ада даанхар ҳәа, телехәаԥшрала дыддырбар ҳәа ишәоит, 30 нызқь мааҭ рықәҵара – абарҭқәа зегьы алҵшәақәа аарышьҭуеит. Ари ахырхарҭала аринахысгьы аусура иацаҳҵоит.
– Аҳәынҭавтоинспекциа Аусбарҭа 2024 шықәсазы планс иамои?
Ауснагӡатә хадақәа иреиуоуп Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аҟәша аматериал-техникатә цхыраара. Амашьынақәа ҳазхомызт. Ҳҩызцәа абизнесменцәа рыбзоурала Тоиота Камри амарка змоу 8 машьына ҿыцк ҳамоуп.
Даҽа машьынак азы азыҳәара ҟаҵоуп, уи хара имгакәа иаҳзаауеит. Аусзуҩцәа радԥхьалара планс иҳамоуп. Ҳара иаҳныруеит азанааҭтә кадрқәа рмаҷра. Ҳара амилициа ашкол аҿы аиҿцәажәарақәа мҩаԥаҳгоит.
Иҵару апроблемақәа иреиуоуп иара убас арахә амҩаҿы, еиҳаракгьы араионқәа рҿы. Аҭыԥантәи анаԥхгарақәа иарбан уснагӡатәқәоу ирыдыркылазаалакгьы, уи аӡбара рылшом. Урыстәылатәи ҳколлегацәа рԥышәа ҳахәаԥшит. Уаҟа аԥстәқәа изырлашо ацаха рхоуп, уи еиҳарак уахынла ихадоуп. Агәра ганы сыҟоуп уи арахә ирыхҟьаны амҩатә машәырқәа рхыԥхьаӡара армаҷра иацхраауеит ҳәа. Ацахақәа араионқәа рҿы рхы иадырхәо иалагоит практика ҳасабла. Иара убас, ашықәс нҵәаанӡа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҿы иазԥхьагәаҭоуп 50 афото-видеокамерақәа рышьақәыргылара. Ашьақәыргыларазы аҭыԥқәа ус баша иалхӡамызт.
– Иарбан планқәоу амҩатә милициа аусзуҩцәа равторитет ашьҭыхразы ишәымоу?
Ҳусзуҩцәа уахи-ҽни иааиԥмырҟьаӡакәа аус руеит. Ҳара аԥсшьарамшқәа раан аҩны, аԥсшьарамшқәагьы ҳамаӡам. Ҳара ҳҽазаҳшәоит ԥаса шьоукы рзы ишьақәгылаз ламыс змам аусзуҩ ихаҿсахьа аанҳажьырц. Иахьа урҭ рӷьырак акамерақәа рыла еиқәыршәоуп. Уахгьы-ҽынгьы урҭ русура ҳахәаԥшуеит, иаԥырхагоу ҳалацәажәоит, агхақәа еиҳа имаҷхеит. Рыцҳарас иҟалаз, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы еиуеиԥшым амаҵзурақәа русзуҩцәа рганахьала еицәоу атенденциа ҟалеит. Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа аӡәырҩы амҩатә ԥҟарақәа хьаас ирымкуа иалагеит, урҭ еиларгоит, нас рлицензиақәа раарԥшра иацәхьаҵуам, убри ала ашьауӷа рҽацәырыхьчарц азин рымоуп ҳәа агәра ргоит.
2023 шықәсазы аҳәынҭқарратә автоинспекторцәа ҳҳәынҭқарра еиуеиԥшым азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа рҟынтәи 171 еилагара аилкаара мҩаԥыргеит. Ауаажәларра ииашаны агәаанагара рымоуп, аусзуҩцәа лассы-лассы аԥҟаррақәа еиларгоит, насгьы ашьауӷа рықәымкәа иаанхоит ҳәа.
Урҭ аԥхьатәи асаркьақәа рыԥшшәыхәыркра ҟарҵоит, иццакны иныҟәоит, аԥҟаррақәа еиларгоит аҳәаа иақәныҟәом, ииашаҵәҟьаны исҳәоит, ижәны амашьына аныҟәцара рылшоит. Еиҭасҳәоит, ашәарҭадаратә мчрақәа аилагарақәа ирҿагылалароуп, азакәан еилазго рстатистика иацҵатәым. Абри атема иазкны Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокуратура Хада аҟны аилатәара мҩаԥаҳгеит. Ашәарҭадареи азинхьчаратә усбарҭақәеи зегьы рхы аладырхәит. Ҳара иаҳзеиԥшу агәаанагара ҳазнеит – аҭагылазаашьа аԥсахра аҭахуп. Ҳара еицаҳзеиԥшу ареидқәа мҩаԥаагалоит.