АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Цәыббра.2024

70 шықәса ихыҵит асахьаҭыхыҩ Рауф Барцыц.

Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Асахьаҭыхыҩ-аграфик, аҵарауаҩ, арҵаҩы  Рауф Барцыц 70-шықәса ихыҵра азгәеиҭоит.

Рауф Чынчор-иԥа Барцыц – апедагогикатә нукақәа рдоктор, апрофессор, апедагогикатә ҵарадырра Жәларбжьаратәи Академиа академик, Асовет Еидгыла асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәыла, Урыстәылеи Аԥсни асахьаҭыхыҩцәа Реидгылақәа рлахәыла.

Азанааҭ ахь амҩа

Рауф Барцыц Гәдоуҭа араион, Блабырхәа ақыҭан абжьаратәи ашкол далгеит, анаҩс, 1976 шықәсазы Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа.   Аус иуан аӡыргаратә ҟазарҭа аҿы, аҟәатәи акинотеатр «Руставели» асахьаҭыхыҩ-аиқәыршәаҩыс аус иуан, ажурналқәеи ашәҟәқәеи риулистрациақәа ҟаиҵон. 1983 шықәсазы далгеит Ҟәбинатәи аҳәынҭқарратә Университет асахьаркыратәи атехникатәи аграфика афакультет.

Астуденттә шықәсқәа инадыркны иара «афорт» ҳәа изышьҭоу аметалл аҿы агравиурақәа рыҟаҵара атехника инапахьы иааигоит – Рауф Барцыц идипломтә усумҭа «Сара с-Аԥсны» - афор атехника ала инагӡаз аграфикатә бӷьыцқәа рсериа – 1983 шықәсазы Краснодар ақалақь, асахьаҭыхратә ҟазарақәа Рмузеи аҿы ицәыргақәҵан.

Ауниверситет даналга ашьҭахь, Рауф Барцыц Шәача ақалақьбжьаратәи ашкол Nº8 аҿы асахьаҭыхратә ҟазареи ахсааланҵареи рырҵаҩыс аус иуан, иара убас Центральныи раион ҳәа изышьҭоу аҭыԥ аҿы иҟаз ахәыҷтәы сахьаҭыхратә школ аҿы асахьа, аҿыханҵа, акомпозициа атәы  дирҵон.  

1986 шықәса инаркны аус иуан ажурнал «Аԥсны  аҟазара» асахьаркыратә редакторс аус иуан, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла аусура активла ихы алаирхәан, лассы-лассы далахәын ареспубликатәии Асовет Еидгылазегьтәи аҩаӡара змаз асахьаҭыхратә цәыргақәҵақәа.  

1991-1992 шш. Рауф Барцыц – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет апедагогикатә факультет аусзуҩ, асахьаҭыхра-графикатә ҟәша арҵаҩы, ААУ иҿыцу азанааҭҵара «асахьаҭыхратә ҟазареи ахсааланҵареи» ацәырҵра аԥшьгаҩыс дыҟан.  

Аибашьра аамҭа

1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аԥхьатәи амшқәа рзы Рауф Барцыц – ареспублика егьырҭ араионқәа рҟынтәи ахҵәацәа ацхыраара рыҭара азы арратә штаб аҟны аусуратә бригада  аиҿкааҩцәа дреиуан, ажьырныҳәамза 1993 шықәса инаркны – Аҟәатәи абаталион аибашьҩы, Аԥснытәи ар Ианартәии Марттәии ажәыларақәа дрылахәын.

Анаука-педагогикатә усура

Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара ашьҭахь, жьҭаарамза, 1993 шықәса инаркны, Рауф Барцыц – астажиор, иара убас аамҭак ала Москватәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә Университет аҭыхымҭа акафедра арҵаҩы еиҳабыс аус иуан.

1994 шықәсазы иара  Москаватәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә Университет аспирантура дҭалеит.  Уи даналга ашьҭахь акандидаттә диссертациа ихьчеит (1997 ш.), уи ашьҭахь адоцент иаҳасабала ауниверситет аҿы иусура иаҵиҵеит.  

1998 шықәса инаркны Рауф Барцыц - адокторант, анаҩс Москватәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә Университет асахьаҭыхра-графикатә факультет апрофессор. Москватәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә Университет агуманитартә наукақәа русхкы аҿы иреиӷьу анаукатә усумҭа азы аконкурс алауреат (2000 ш.).

2001 шықәсазы Рауф Барцыц атема «Теория и практика обучения эстампу студентов художественно-графических факультетов педагогических вузов» ала адоктортә диссертациа ихьчеит.  

2002 шықәса инаркны Рауф Барцыц Москватәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә Университет аҿы арҵаҩратә усуреи Москватәи иаарту асоциалтә Академиа адизаин афакультет асахьаҭыхра-графикатә дисциплинақәа ркафедра аиҳабы имаҵзуреи еицынаигӡон. Академиатә ҭыхымҭа, аграфикатә композициа, аграфика атехника, уҳәа амаҭәарқәа астудентцәа ирызнеигоит, иҷыдоу акурсқәеи иҷыдоу апрактикумқәеи адипломтә усумҭақәеи аспирантцәа разыҟаҵареи асахьаҭыхратәии акьыԥхьтәии аграфика-аестамп азы астуденттә рҿиаратә ҟазарҭақәеи напхгара аиҭоит.

1999 – 2003 шш. Рауф Барцыц - Москватәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә Университет асахьаҭыхра-графикатә факультет аҵарауаҩ-маӡаныҟәгаҩыс дыҟан.  

2008-2009 шш. Рауф Барцыц – иҿыцу азанааҭҵара «дизаин» ахь астудентцәа рыдкылареи   процесс аиҿкаареи рзы ААУ арҵаҩратә Хеилак апрофессор-абжьгаҩ.

2010 шықәсазы Москватәи аобласттә аҳәынҭқарратә арҵаҩратә Университет аректорс аус иуан.  Рауф Барцыц асахьаҭыхратә ҟазареи жәлар рнапҟазареи афакультет аттестациатә комиссиа ахантәаҩы имаҵурахьы ааԥхьара иоуит.

Рауф Барцыц – 60 инареиҳаны анаукатә сатиақәа, амонографиақәа, атеориатәи аҵара-рҵаҩратә усумҭақәеи апрограммақәеи дравторуп.  

Арҿиаратә усура

Рауф Барцыц играфикатә усумҭақәа еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы иркьыԥхьхьан агазеҭқәа «Черноморская здравница», «Заря Востока», «Аԥсны ҟаԥшь», «Абхазия», «Аԥсны», в журналах «Алашара», «Амцабз», «Аԥсны аҟазара», «Эхо Кавказа» адаҟьақәа рҿы.

Асахьаҭыхыҩ Аԥсны иазку иусумҭақәа рҟынтәи еиҳа еицырдыруеит: «Аҭаҭын аҷаҷра», «Ажь еизызго», «Аҿарпын азырҳәо арԥыс». «Сара сџьынџьуаа», «Сара с-Аԥсынра», «Аԥсны аҭоурыхтә мотивқәа», «Аԥсны. 1990–тәи ашықәсқәа рзы», уҳәа убас егьырҭгьы.  Асахьаҭыхыҩ аиҳарак ахшыҩзышьҭра зиҭо – аԥсуа жәлар рҭоурых, ркультура, рыбзазара, рлахьынҵа, Аԥсуара аԥеиԥш. Иара иаԥҵамҭақәа рҿы аҭоурыхтәии   аетнографиатә материалқәа аԥсадгьыл ажәлари рлахьынҵа афилософиатә еилкаара азы ахархәара аиуоит.

Рауф Барцыц иара убас Урыстәыла иазку аграфикатә усумҭақәа раԥҵаҩысгьы дыҟоуп: «Успенский собор во Владимире» (1981 ш.), «Окраина Суздаля» (1981 ш.), «Владимирские купола» (1981 ш.), уҳәа убас иҵегьы.  

1986-1991 шш. Рауф Барцыц Асовет Еидгыла асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ааԥхьарала есышықәса Асовет Еидгыла асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла иатәыз арҿиара Аҩны «Сенеж» ахь арҿиаратә маҵураныҟәарақәа мҩаԥигон. (ақ. Солнечногорск, Моск. аобл.). «Сенеж» аусура аамҭа иалагӡаны иара инаигӡеит 150 инареиҳаны афорти алитографиеи ртехнка ала инагӡаз  аграфикатә усумҭақәа.

Рауф Барцыц играфикатә усумҭақәа Аԥсны, Урыстәыла, уҳәа атәылақәа рҿы имҩаԥысуаз еиуеиԥшым ацәыргақәҵақәа рҿы ицәыргақәҵан, хаҭалатәи ацәыргақәҵақәагьы уахь иналаҵаны.

Рауф Барцыц иусумҭақәа ыҟоуп адунеи зегьы иахьаҵанакуа иҟоу амузеиқәеи ахатәы коллекциақәеи рҿы. 1993 шықәсазы Москва ақалақь аҿы иара играфикатә усумҭақәа рзы альбом-акаталог ҭрыжьит.

Рауф Барцыц аԥсуа поетцәеи апрозаикцәеи (Б. Шьынқәба, Кь. Чачхалиа, А. Џьениа, Шь. Ҷкадуа, Н. Ҳашыг, А. Лагәлаа, Е. Ажьиба, уҳәа убас егьырҭгьы).  35 инарзынаԥшуа рышәҟәқәа ахҟьақәа еиқәиршәеит ашәҟәқәа риуллистрациа ҟаиҵеит.   

Иара афтоальбом «Аԥсны: 1992-1993 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра ахроника («Абхазия: 1992-1993 гг. Хроника Отечественной войны» (М., 1995ш). аиқәыршәаҩыс дыҟан.

Алирикатә жәеинраалақәа дравторуп, урҭ рыхәҭак ажурнал «Алашара», иара убас апоет ҿарацәа рырҿиамҭақәа реизга «Еҵәацьаа» адаҟьақәа рҿы икьыԥхьуп.

Рауф Барцыц Москва ақалақь аҿы, 2006 шықәса рзы иҭыжьыз адырранҵа «Единый художественный рейтинг» (аҭыжьымҭа 12), далагалоуп.

 

 

 

 


Read 136 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.