АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Цәыббра.2024

Аԥсни Урыстәылеи рҳәаахьчаҩцәа аҳәынҭқарратә ҳәаа иахьаҵанакуаз изаамҭанытәиу агәаҭарақәа еицымҩаԥыргеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Дмитри Кәычбериа,  Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура иатәу Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аиҳабы Сергеи Шьедрин, Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура иатәу Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аиҳабы Русҭам Латипов   цәыббрамза 10 рзы аҳәынҭқарратә ҳәаа ахаԥраара азԥхьагәазҭо  изаамҭанытәиу агәаҭарақәа еицымҩаԥыргеит.

Дара Кәыдры аиҩхааҿы иҟоу Афедералтә Шәарҭадаратә маҵзуреи Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзуреи рҳәаахьчаратә ҟәшақәа гәарҭеит, ирзыӡырҩит адҵаҟаҵаҩцәа Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәааҿы иҟоу аҭагылазаашьазы раҳасабырбатә жәахәқәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура апресс-маҵзура.

«Аҭакԥхықәра зду аҭыԥ агәаҭара қәҿиарала имҩаԥысит, аиҿцаарақәа рылҵшәақәа ахҳәаа ҟаҵан, аҳәынҭқарратә ҳәааҿы аилагарақәа ртәы аарԥшымызт», – ҳәа иаҳәоит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә Маҵзура иҭнажьыз аҭыжьымҭаҿы.

 


Read 232 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.