АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Цәыббра.2024

Иҭыҵит ажурнал «Алашара» аԥшьбатәи аномер.

Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иҭыҵит алитература-сахьаркыратә, ауаажәларра-политикатә журнал «Алашара» аномер ҿыц  (№4, 2024 ш.).   

Ажурнал аномер ҿыц аатуеит ԥхынгәымза 24 рзы 75 шықәса зхыҵыз апоет, ауаажәларратә усзуҩ, ажурнал «Аԥсны Аҟазара» аредактор Хада Геннади Аламиа иҿцәажәарала. Аиубилиар диҿцәажәеит ажурнал  «Алашара» аредактор Хада Анатоли Лагәлаа.

Ажурнал ианылеит  Анӡор Мықәба ироман «Под белым кленом» ахь алагалажәеи Владимир Занҭариа иажәеинраала ҿыцқәеи.  

Аԥхьаҩ аԥсшәахь еиҭагоу (аиҭ. Валери Касланӡиа) Алеқсандр Пушкини Алеқсаи Толстои ражәеинраалақәа, иара убас Алеқсандр Вампилов икомедиа «Аԥа еиҳабы» (аиҭ. Геннади  Аламиа) дрыԥхьар алшоит.

Аслан Занҭариа аԥсшәахь еиҭеигеит Едгар Аллан По иажәеинраала «Ворон», Константинос Кавафис иажәеинраала «В большой греческой колонии»,  Иосиф Бродски иажәеинраала «Письма римскому другу».

Уаанӡа икьыԥхьымыз Инна Ҳашба лажәеинраалақәагьы ажурнал аномер ҿыц ианылеит.

Арубрика «Аҿар рыбжьы» аҿы ианылеит Џьамбул Инџьгьиа иажәеинраалақәа.

Арубрика «Анаука» аҿы ианылеит Таиф Аџьба заатәи ипоезиа иазку Валентин Коӷониа истатиа.

Еицырдыруа аԥсуа поет, Аԥсны ауаажәларра-политикатә усзуҩ Николаи Патулиди диижьҭеи 80-шықәса аҵра инамаданы,  ажурнал ианылеит Таиф Аџьба еиҭеигахьаз иара иажәеинраалақәа.

Ажурнал «Алашара» аномер ҿыц иара убас ианылеит  Илона Кәыҵниа, Виачеслав Аблоҭиа, Иури Лагәлаа ражәеинраалақәа, Аполлон Думаа игәалашәарақәа, Ныгәзар Логәуа иҿцәажәара.

Арубрика «Аԥсны Афырхацәа» аҿы ианылеит Саида Ҳаџьымбеи Аԥсны Афырхаҵа Мирон Чалмазови реиҿцәажәара, иара убас 1993 шықәсазы Марттәи ажәылара ашьҭахь иҟаҵаз авидеоматериалқәа рышьаҭала Ҭали Џьапуаԥҳа илыҩыз, аԥсуа фырхацәа ранацәа ирызку астатиа.    

Арубрика «Алитературатә еимадарақәа» аҿы икьыԥхьуп Маиҟәаԥ ақалақь аҿы имҩаԥысыз, апоет Дмитри Габелиа изкыз автортә арҿиаратә хәылԥазы иазкны Алиса Гожба еиқәлыршәаз аматериал.

 

 

 

 

 

 


Read 95 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.